Идырра иазирҳауан убасгьы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь хада ахирургиатә ҟәша аинтернатураҿы. Расим уи адагьы днаплакҩуп. Уи атәы инарҭбааны даҳзалацәажәеит ҳаиҿцәажәараҿы.
– Расим шәара занааҭла шәҳақьымуп, аус жәуеит Агәыӡера Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь аҟны. Уи анаҩсгьы шәнаплакҩуп. Ицәгьаӡами аҳақьымреи анаплакреи реилагӡара?
– Хымԥада, ицәгьоуп ухала уанаҿу, аха иудгыло ауаа аныҟоу удырманшәалоит. Уусгьы мариахоит, улшарақәагьы рацәахоит.
–Аҵара шәаналга иаразнак Аԥсныҟа шәхынҳәыма?
– Ааи, сҵара анхсыркәша иаразнак Аԥныҟа сааит, избанзар даара бзиа избоит Аԥсны. Еснагь сашьҭоуп Аԥсни уи ажәлари ирыхәаша акы аҟаҵара.
– Шәышԥалага акаҳуа аҭира азырхиара?
– Сара сҵара хсыркәшахьан, аусурагьы салагахьан. Агәыӡера иҟоу арратә госпиталь аҟны. Сусура даараӡа исгәаԥхон, аха суалафахәы маҷын. Анаплакра сцәа иалан, еснагь аԥара злаурҳаша акы сазхәыцуан. Исыӡбеит аҳақьымра аанмыжькәа наплакык аасыртып ҳәа. Сан исыҵалҳәеит: «Расим, акаҳуа бзиа ауаа еснагь ирҭахуп, иааганы иуҭилар» ҳәа. Убас сцан Урыстәылаҟа ҩажәа-ҩажәа кьыла акаҳуа хкқәа рацәаны иаазган аҭира салагеит. Нас снаплакы ахьӡ асҭеит, аконцепциа схәыцит. Ахьӡгьы зхылҿиааз саҳәшьеи сареи ҳахьыӡқәа роуп. Лара Рассиана лыхьӡуп, сара Расим, уи аҟнытә акаҳуагьы «Росси» ахьӡысҵеит.
Саналагоз сымаҳә дсыцхраауан, ҳцаны акаҳуа ааҳгон, ианааҳгалак аилаҳәара илаҳаԥсон, иаҭаху зегьы аинформациа кьыԥхьны иақәҳарҷабуан. Акаҳуа адәқьанқәа ирыдаҳгало ҳалагеит, аха аханатә изгоз маҷын. Нас, маҷ-маҷ адәқьанқәагьы ирыдыркыло иалагеит. Адәқьанқәа рышҟа мчыбжьык ахь знык анеира салагеит акаҳуа «Росси» ахаҭарнакк иаҳасаб ала. Џьоукы ргәы иаанагон азауад ҳамоуп ҳәа. Сара ирасҳәон акаҳуа ахьынтәааго, аҭира ишазҳархио. Убас хәыҷы-хәыҷла саҿын, ауаа азҿлымҳара рызцәырҵуа иалагеит. Шықәсык ашьҭахь скаҳуа аӡыргара салагеит, акаҳуа аазхоз еицлабыртә еиԥш алшара рыман. Иаиааиз ауаҩы смашьына ҳамҭас исҭеит. Уи адагьы аицлабра иалахәыз аахәаҩцәа ираҳҭон еиуеиԥшым аҳамҭақәа. Иҟан аҭел иаиааиз, мамзаргьы аԥаратә ҳамҭа занаҳшьазгьы.
Есымчыбжьа аҳамҭақәа рзыҟаҳҵон. Хымз рышьҭахь ҳкаҳуа аӡбахә Аԥсны жәлар зегьы ирылаҵәеит. Аӡыргара сыхәеит ҳкаҳуа ауаа ирдырыртә аҟаҵаразы. Амала, аконкуренциа ӷәӷәа ҳамоуп. Ауаа еиҳараӡак иаархәо зыхә маҷу акаҳуоуп. Акаҳуа бзиа ахә маҷны иузаахәаӡом. Зхаҭабзиара ҳараку акаҳуа ахәгьы иаҳа иҳаракуп. Ҳара ҳкаҳуа Бразилиантәи ауп ишааҳго, иааҳгогьы акаҳуа ахкқәа иреиӷьӡоу ҳәа иԥхьаӡоу Арабика ауп. Уи зыхә цәгьоу каҳуоуп, избанзар ахаҭабзиарагьы бзиоуп. Акаҳуа иааҳго ахаҭабзиара шҳараку атәы зҳәо ахҳәаа аилаҳәарақәа ирнаҳҵоит. Иааҳго акаҳуа шықәсык ахь знык Урыстәылатәи Аԥснытәи алабораториақәа рыҟны игәаҳҭоит. Насгьы иӡны ауп ишааҳго уи.
– Аԥсны акаҳуа бзиа ирбоит, есыҽны иржәуеит. Ишԥаҟалеи шәгәаанагарала ҳауаажәлар убасҟак акаҳуа бзиа ирбартә?
Акаҳуа ажәра, аҭаҭын ахара иаҩызоуп. Ауаҩы иԥсы анишьо ижәуеит, аусураҿы ианыҟоу, акы ианалацәажәо иржәуеит. Даҽаӡәы шьыжьымҭан дангылалак имжәыр игәалаҟазаара бзиамашәа ибоит, ажәакала ашьцылара ауп изыбзоуроу. Амала акаҳуа рацәаны ажәра ҟалом, ауаҩы игәабзиаразы ихәарҭам. Сара акаҳуа аасҭа ачаи иаҳа бзиа избоит. Акаҳуа шамахамзар изжәӡом. Уи аҟнытә аӡәы игәы иаанамгааит акаҳуа ахаҭабзиара бзиам ҳәа.
– Акаҳуа адагьы шәнапы злаку рацәоуп. Шәаҳзалацәажәа.
–Уи адагьы ачаи ҳаҿуп. Иааҳгоит Китаинтәи, Индиантәи.
Аԥсны адәқьанқәа рыҟны иҟоума уи ачаи?
Ааи. Уигьы макьана аӡыргара аҭахуп. Ауаа макьана ишахәҭоу еиԥш ирыздырӡом, ари ачаи ахаҭабзиара шҳараку.
– Аресторан «Rossini tratoria» иазкны иҳашәҳәои?
–«Rossini tratoria» раԥхьатәи аресторан ауп. Рацәак ҵуам Аҟәа «Bubble tea» зыхьӡу арыжәтә ахьыржәуа аҭыԥ ааҳартижьҭеи. «Bubble tea» аҿар бзиа ирбо ачаи иалхны иҟарҵо рыжәтәуп. Шәача саныҟаз избеит, исгәаԥхеит. Саҳәшьаԥацәа адҵаало иалагеит. Шәара шәзыҳәан иаасыртуеит ҳәа расҳәан, сажәа насыгӡеит.
Хәыҷы-хәыҷла ауаа иргәаԥхо иалагеит «Bubble tea» аҭааҩцәа ирыдаагалоит акаҳуеи, ачаи. Ҳгәы иҭоуп ахаамыхаақәагьы рыҟаҵара. Уажәы аҩнытә ҵыҵындра ҳазыԥшуп, иара убас агәҭакы ҳамоуп аҩнытә ҵыҵындреи, ашоколади, ачаи ахьеилоу арыжәтә аҭыжьра.
– Аԥсны ачаи аадрыхуеит. Акаҳуа аарыхра алшара ҳамоума?
– Уи азҵаара аӡбара саҿуп. Сцараны сыҟоуп Бразилиаҟа ҳагроном дсыманы, насгьы ишаадрыхуеи, ишахылаԥшуеи, аратәи адгьыли аҳауеи ишаднакыло ҭҵаатәуп. Уажәазы ҳара ҳтәы ҳәа иҳамоу ахьӡи аилаҳәареи роуп. Уи зегьы аамҭа аҭахуп.
– Шәусура уадаҩрақәас иацузеи?
– Ҳаналагозгьы ауадаҩрақәа ҳаман, уажәгьы иҳамоуп. Аԥсуа наплакҩы адгылара ацхыраара иҭара аҭахуп. Убри ишзалшо ала аҳәынҭқарра аус аднаулароуп. Аиндаҭларагьы маҷӡам, ирацәоуп Урыстәылантәи акаҳуа аазго. Урҭ рыхәгьы иаҳа илаҟәуп, избанзар ахаҭабзиарагьы даҽакуп. Сгәы иаанагоит, ус аиндаҭлацәа цәырҵуа иалагазар имҩаԥгатәуп ацәыргақәҵа ахаҭабзиара алзкааша, иӡырзгаша ҳәа.
– Аахәаҩцәа уи еилыркаауама? Мамзаргьы ахә иаҳа иахәаԥшуама?
– Еилызкаауа маҷӡам. Ҳара ҳтәада зымжәуа рацәоуп. Акаҳуа бзиа ззеилымкаауагьы маҷҩым, избанзар урҭ изышьцылахьоу ауп иаархәо. Насгьы, аӡыргара ҳгәы иҭоупа. Ацәыргақәҵа ахәшьара азҭо аусдырҩцәа алархәны еиҿаҳкаар ҳҭахуп. Сара ахаҭабзиара ауп ихадараны исыԥхьаӡо.
– Анаплакра зҽазызкырц зҭаху ирабжьыжәгои?
– Агәҭакы умазар, умаашьар, хымԥада ақәҿиарагьы ҟалоит. Агәазыҳәара анумоу, умҩа уацәхьамҵроуп. Насгьы уаналаго аԥара уазхәыцыр иашаӡам, уус ҭакԥхықәрала азнеира ауп ԥыжәара зыҭатәу.
–Агәкаҳара шәызцәырҵхьоума?
–Уигьы ҟалалоит , аха, иувагыло рацәаҩхоит агәыблра шумоу анырбалак.
– Расим издыруеит агәыҳалалрагьы шәнапы шалаку. Шәаҳзалацәажәарц ҳҭахын…
– Апроектқәа рацәаны иҳамоуп. Аҿарацәа ҳрыцхраауеит. Аспортсменцәа аицлабрақәа рахь ианцо рымҩа ахә шәатәума, формала еиқәыршәатәума… Аспорт адагьы акультура, аҵарадырра, ашәҟәыҩҩцәа аԥсуа ́бызшәа аиқәырхара иазку аусқәа рыдгылара уҳәа… ҳнапы алакуп. Иаҳҭахуп ацхырааратә фонд аԥҵара абарҭ ахырхарҭақәа рыла. Ҳаидгылар ҳаицхыраар иҳалшо рацәоуп.
– Расим, иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы. Аманшәалара шәыцзааит.
Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит
Алина Багаҭелиа