Бганбеи Кириенкои рылацәажәеит ҳаԥхьаҟатәи аусеицура, Аԥсни Урыстәылеи реиҩызара азҵаарақәа, иара убас агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
Иара убри аҽны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи Сергеи Кириенкои реиԥылара.
Ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа жәпакы, иара убас ганрацәалатәи аусеицура ҳаԥхьаҟа арҿиара.
Лаша Ашәбеи Сергеи Кириенкои агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
Аиԥыларақәа дрылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Михаил Шургалин.
Лаша Ашәбеи Сергеи Кириенкои агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза даҭааит. Сергеи Кириенкои аҳаиртә баӷәаза ареконструкциеи аргылареи рызҵаарақәа рзы Акоординациатә штаб анапхгаҩы Бадра Гәынбеи аусуратә еилацәажәара рхы ададырхәит.
Аиԥылара аан ирзааҭгылеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара авиаеимадара аартра азҵаарақәа, иара убас абри аганахьала аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы рыбжьара аусеицура арҭбааразы ҳаԥхьаҟатәи ашьаҿақәа азгәарҭеит.
«Иааиԥмырҟьаӡакәа авиаеимадара ахацыркреи раԥхьатәи ареисқәеи акырҵуеит гәҭыхас ирымоижьҭеи Аԥсынгьы Урыстәылангьы. Уи ирласны анагӡаразы алшара ыҟоуп», – иҳәеит Кириенко.
2023 ш. ноиабр азы Урыстәылатәи, Аԥснытәи аганқәа В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара иазкны аҳәынҭқарра-ахазхатә еиҩызаразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит жәларбжьаратәи авиаеимадара аиҭарҿыцразы.
Ҳазну аамҭазы ашьҭыԥраарҭа, атәарҭа цәаҳәақәа абетон рықәырҭәаразы аусурақәа хыркәшоуп. Иара убас лашарала аиқәыршәаразгьы аусурақәа шьақәырцалахьеит. Қәҿиарала имҩаԥыргахьеит аԥышәарақәа, ахархәарахь ирыҭоуп аԥыррақәеи аимадарақәеи радиотехникала реиқәыршәаразы адгьылаҿтәи ахархәагақәа.
Аилацәажәараҿы Бадра Гәынба, Сергеи Кириенко иахь аҳәара ҟаиҵеит Урыстәыла аганахьала адгылареи ацхыраареи рызҵаарақәа ирызкны. Бадра Гәынба Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ диҳәеит аԥхынра иалагаанӡа Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа авиаеимадара аиҿкаараҿы ацхыраара ҟаиҵарц, иара убас Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан Аиааира 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны ашколқәеи ақыҭақәеи аматериалтә цхыраара риҭарц.
Сергеи Кириенко иақәиргәыит Урыстәыла анапхгара хымԥада абарҭ азҵаарақәа ишрыхәаԥшуа.
Сергеи Кириенко Аҟәа иҟазаара иалагӡаны даҭааит Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет, диԥылеит уи аректор Алеко Гәарамиа. Нас аҩыџьагьы агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
Анаҩсан Сергеи Кириенкои Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәылацәеи иареи рхы аладырхәт аҭҵааратә аԥшьгамҭақәа рылацәажәара, иара убас ҩганктәи аусеицура арҿиара налаҵаны.
Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы Сергеи Владилен-иԥа Кириенко даҭааит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галареиеи ирыгу-ирыбзоу аҟаҵара азҵаарақәа.
Сергеи Кириенко Асахьатә галареиа ҳамҭас иеиҭеит Аԥснытәи асахьаҭыхҩы Игор Панченко иҿыханҵатә ҭыхымҭа «Аҟәатәи амаалықь».
Аиԥылара далахәын Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Обрывалин.
Сергеи Кириенко Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 данаҭаа, ашкол адиректор лнапаҿы илиҭеит акомпиутертә класс аиқәыршәаразы асертификат. Уаанӡа уи дрыхәаԥшит аклассқәа, драцәажәеит арҵаҩцәа, аҵаҩцәа. Идырбеит аҳәынҭкорпорациа «Росатом» иаанартыз «Атомкласс» ҷыда.
Иара убас Сергеи Кириеко даҭааит зыргылара иаҿу Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа.
Иара ибеит аргылара ахьымҩаԥысуа аҭыԥ. Ҳазну аамҭазы ԥарала аиқәыршәара ахьыҟам аҟнытә уи аамҭала иаанкылоуп, аха Кириенко иҳәеит азҵаара аҭыԥ ақәҵара дшазхиоу. Аԥсуа гангьы 2026 шықәса нҵәаанӡа абри аобиект ахархәарахь ишрырҭо азы ажәа рҳәеит.
Сергеи Кириенко дхынҳәны данцоз даҭааит Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭантәи ашкол. Ибеит аҵараиурҭа аҵакыра, аспорттә шҭа. Уи ҟаҵан Ареспублика Адыгеиа ацхыраарала. Иара убас дрыхәаԥшит аҵаратә классқәа, драцәажәеит арҵаҩцәа, аҵаҩцәа.
Сергеи Кириенко ашкол иаиҭеит акомпиутертә класс азы акомпиутерқәа раахәаразы асертификат.
Иара убас Сергеи Кириенкои Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи алацәажәеит аҵара ус аганахьала ҳаԥхьаҟагьы русеицура.
Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа иусуратә ныҟәара еихишьалеит.
Сергеи Кириенко агәра ганы дыҟоуп Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аартра анырра бзиа шыҟанаҵауа Аԥсны адемографиатә ҟаҵарбагақәа рахь. «Сара ибзиаҵәҟьаны еилыскаауеит ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ралҵреи рчымазарақәеи реиҵатәразы ари ахәышәтәырҭа анырра ду шыҟанаҵауа», – иаҵишьит иара.
Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ игәаанагарала, Аԥсны иаԥҵатәуп Урыстәылатәи аҳақьымцәа рҟны авидеобжьгарақәа рзы ацентр. Иара иажәақәа рыла, ари аметодика Урыстәылан хырҳара шамоу аанарԥшхьеит.
Кириенко иара убас иҳәеит аԥсуа ҳақьымцәа иара иахь аҳәара шыҟарҵаз ихараны ишьҭоу ақыҭақәа рҟнытә ахәыҷқәа рдиспансеризациа аиҿкааразы. «Агәабзиарахьчара Урыстәылатәи Аминистрра ацхыраара аҟаҵара иахиоуп, Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аргылара ахыркәшара иазыԥштәӡам», – иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит даара акырӡа шаҵанакуа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза маи 1 азы аусура аларгара.
«Аԥхынразы Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи аҳаиртә баӷәазахь ареисқәа рымҩаԥгаразы февраль азы иаҭахуп раԥхьатәи аԥышәаратә реис аиҿкаара», – иаҵишьит иара.
Кириенко иазгәеиҭеит аҳаиртә баӷәаза Аԥсны атәылауаа рзы аиԥш, Урыстәылатәи атуристцәа рзгьы алшара ҿыцқәа шаанартуа, иациҵеит аинвесторцәа уажәнатә ишазхәыцуа уи ҳаԥхьаҟа арҭбаара.
«Ԥсыцқьала иуҳәозар, абас еиԥш апроект ԥшӡақәа макьаназ исымбац», – иазхеиҵеит иара.
Урыстәыла ҳаҭырқәҵарала иаднакылоит аԥсуа жәлар зныло иарбанзаалак амҩа, иҳәеит Сергеи Кириенко.
«Алхрақәа ирласны имҩаԥысуеит, анаҩс иазхәыцтәуп аҿиара иазку апрограмма бзиа. Иахьазы иахьынҭахәҭоу инагӡам Урыстәылеи Аԥсни рекономикатә русеицура амчхара – ари ибзиаҵәҟьаны уаҩы ибоит», – иаҵишьит иара.
Кириенко игәаанагарала, Аԥсни уи аԥсабара ԥшӡеи рыла ирҿиалатәуп атуризм, асанаториа-курортә ҽыхәышәтәра, агәабзиарахьчара. Арҭқәа ирҭаххоит аинфраструктура арҿиареи аинвестициа дуқәеи. Арҭ аҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара ауеит. Аха уи ҟаҵалатәуп ҭынч, наҟ-ааҟ ҳаҭырқәҵарала, интерескрала, иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко иара убас Аԥснытәи, Урыстәылатәи ажурналистцәа егьырҭ рызҵаарақәагьы рҭак ҟаиҵеит.
Сергеи Кириенко иара убас даҭааит автомашьынақәа роушьҭырҭа «Адлер». Иазгәеиҭеит ари – Урыстәылатәи Афедерациаҿы зегь реиҳа аидара иаҵоу аушьҭырҭаны ишыҟоу, уи моу Шереметиево аҳартә баӷәаза иузадкылом.
Аԥсны ауааԥсыра рзгьы, атуристцәа рзгьы абри аушьҭырҭа иамоу аҵак еилкааны апроект ду анагӡара иаҿуп. Иоушьҭуп уи иагу-иабзоу аҟаҵаразы 10 миллиард мааҭ. «Ари иалнаршоит аушьҭырҭа алшарақәа акырӡа рыцҵара», – иҳәеит Кириенко
Аусурақәа мҩаԥысуеит етап-етапла, абри аҟнытә 10 миллиард мааҭ – мал дууп..
Иаарласны бжьаратәла 14, 5 нызқь атранспорт хархәагақәа, иара убас уахыки-ҽнаки ала 80, 6 нызқьҩык роушьҭразы алшара ҟалоит. Ари иалнаршоит аҳәаа ахыҵра армариара.