Сызныло амҩа

Ажәлар рҿахәы аҳәара иазынархоу ажурналист изанааҭ ахықәкы хада зныԥшуа ахшыҩзцарақәа рацәоуп, аха урҭ зегьы рахьтә сара иалыскаауеит ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиа лцәаҳәақәа: «Ажурналистика ари мҵәыжәҩада адунеи уакәзыршо занааҭуп», – ҳәа зҳәо.

Абар, ҩбаҟа шықәса ҵуеит ажурналистикахь схы сырхарц сҭахуижьҭеи, аха уи аԥхьа исыцааиуаз азанааҭ алхра сцәуадаҩын, ашколтә ԥсҭазаара иадҳәалаз амҩахәасҭа саныланы сааиуан сшьаҿақәа еизырҳауа. Хаҭала снапы злакыз рацәан, азҿлымҳара ду рысҭон акәашареи асахьаҭыхреи. Ҷыдала иалкаан исҳәозар, ажурналистика аҟәша астудент Мадина Амҷԥҳаи сареи аамҭаказы школк аҿы аҵара еицаҳҵон, лара уи ахырхарҭа аналылх саргьы аинтерес сзаҵалеит, сазхьаԥшит, исҭаххеит сыԥсҭазаара адысҳәаларц.
Акырӡа сазҿлымҳауп астудентцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥырго аиԥыларақәа, арҿиаратә хәылԥазқәа, ақәгыларақәа. Урҭ зегьы рхатәы ҟазшьа рымоуп, астудентцәа рԥышәа еиздырҳауеит, адырра ҿыцқәа рышәқәа рзаадыртуеит, ахагәрагара рыларааӡоит. Саргьы акырӡа сгәы азцоит сзанааҭ сҽагәылак еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рҭаара, ишьаҭамырӡгоу адыррақәа рырҳара.
Ажурналистцәа русура зеиԥшроу еиҳагьы инарҵауланы еилыскаауеит ателехәаԥшра санахәаԥшуа. Ателехәаԥшратә дырраҭарақәа рахьтә зегь реиҳа иалыскаауеит «Шьыжьыбзиа, Аԥсынтәыла!». Уи амҩаԥгаҩцәа Ахра Кәарҷиеи Афина Ажьиԥҳаи срызҿлымҳауп, рҭыжьымҭақәа аинтерес ду сызцәырыргоит, урҭ ирылоу ажурналисттә баҩхатәрагьы сныруеит. Исҭахуп дара реиԥш шьыжьла аԥсуа жәлар ргәалаҟазаара ашьҭыхра, алахҿыхра зцу адырраҭарақәа раԥҵара, уимоу сзанааҭтә дыррақәа есааира реизырҳара, ҭыԥк аҿы саанымгылакәа аусура. Иара убас, имаҷҩым узҿыԥшыша аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа, еиуеиԥшым ателеканалқәа русзуаҩцәа. Хаҭала сара имаҷҩымкәа аурыс журналистцәа русура сазхьаԥшуеит, ирҿысҵаауагьы рацәоуп. Даараӡа дысгәаԥхоит адырраҭара «Время» мҩаԥызго адиктор Екатерина Андреева, саҿыԥшуеит лара лдикциа, лхымҩаԥгашьеи лҭеиҭыԥши.
Иахьатәи ҳаамҭазы ирацәоуп ззанааҭ иагәылыҷҷо ажурналистцәа. Дара ааԥсарак ҟамҵакәа ауаажәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара рнапы алакуп, аинформациа иаша аларҵәара рхықәкуп. Шаҟа иҿырԥшыгоузеи русура, шаҟагьы аҭакԥхықәра ду ацузеи? Урҭ реиԥшҵәҟьа сҟаларц сҭахызар, сымч-сылша неидкыланы сшьаҿа еихызгароуп аартра ҿыцқәа рахь, хьаҳәрак ҟамҵакәа сазнеироуп сзанааҭ.
Сгәы исыҵанаҳәоит иалысхыз амҩа сшьахьымхәуа, сгәыӷуеит зегь реиҳа ихадоу сгәазыҳәара наӡап ҳәа. Маҷ-маҷ санылоит аҳаракырақәа рахь сызго амҩа, сыгәҭакгьы еҵәаҵас сымҩа ианыҷҷалалоит, сзанааҭ сазааигәазтәуа лашарбагак исзаҩызахоит.
Нара Ҳашԥҳа,
М.Г. Амҷба ихьӡ зху
Џьгьардатәи абжьаратә школ
а-11-тәи акласс аҵаҩы

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me