Лаҭатәи атрагедиа - ари Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы имӷьо хәроуп, ҳхақәиҭреи ҳзинқәеи рзы ҳанықәԥоз ҳзықәшәаз уаҩы ихаҿы изаамго гәырҩоуп.
Ари аҩыза ахлымӡаах ахаангьы ҳадгьыл аҿы уаҳа иҟамларц азы иҳалшо зегь аҟаҵара ҳуалԥшьоуп.
Иҳахьчалароуп ҳҭынчреи ҳхьыԥшымреи, абриаҟара иҳараку ахә зыхҭнаҳҵаз.
Акгьы зхарам ари агәаҟра иалаӡыз ргәалашәаразы ҳхы лаҳарҟәуеит, харҭәаашьа змам ахьаа рҭынхацәа ирыцеиҩаҳшоит.
Урҭ ргәалашәара есымша иҳацзаауеит!»


