Аслан

Аслан

 Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп. Уи азы нанҳәамза 29, 2024 шықәсазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Алхас Дмитри-иԥа Ҷолокәуа диит мшаԥымза 22, 1976 шықәса рзы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1992 шықәсазы далгеит К.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1, афизикеи аматематикеи инарҵауланы рҵара азы иҷыдоу акласс.   1998 шықәсазы далгеит ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша. 1994 шықәса инаркны — Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша акорреспондентс аус иуан.

2003 шықәсазы далгеит М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет ажурналистика афакультет ателехәаԥшра аҟәша ихаҭәаау акурс. 2000 шықәса инаркны – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адырраҭара «Аамҭа» арҿиаратә гәыԥ анапхгаҩыс аус иуан.  2002 шықәса инаркны – Аԥсуа телехәаԥшра анапхгараҭара аинформациатә дырраҭарақәа аредактор-корреспондентс аус иуан.  

Мшаԥымза, 2005 шықәса инаркны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу Амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҵуаҩыс дҟаҵан.  

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла далоуп. 2011 - 2014 шш. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор хадас дыҟан, анаҩс амобилтә еимадара «А-Мобаил» аҿы аус иуан. Лаҵарамза, 2020 шықәса инаркны жьҭаарамза  2021 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс аус иуан.  Жьҭаарамза, 2021 шықәса рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хадас  дҟаҵан. 


Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аԥшьгарала, август 22 рзы Аҟәатәи астадион «Динамо» аҟны имҩаԥысит, ашьапылампыл азы Асовет еидгыла аспорт азҟаза Ҭемыр Жьиба игәалашәара ахьӡала, 2013 ш. рзы ииз ахәыҷқәа рыбжьара Ареспубликатә турнир. Уаҟа аиааира рҽаԥсартәит Гагратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол ааӡамҭацәа. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Џьгьарда ақыҭантәи ахәмарҩцәа, ахԥатәи – Аҟәатәи «Динамо».

Ашьапылампыл асҩцәа қәыԥшцәа хаҭалатәи реилҟьареи рҽазышәарақәеи азгәаҭо, атурнир аҟны иалкаахаз иреиуоуп: Арсана, Адлеиба (Аҟәатәи «Динамо»), Тариел Табӷәуа (Џьгьарда), Давид Қәҭарба, Дмитри Бениа, Назим Тәанба (Гагра). Сандро Аҩӡба (Гәдоуҭа).

Урыстәыла аспорт азҟаза, Шәачатәи ақәԥаҩцәа рыклуб «Левша» ааӡамҭа Дауҭ Гәыблиа, август аҩбатәи азыбжазы, Санкт-Петербург агубернатор ихраҿа агаразы имҩаԥгаз аицлабраҟны аиааира ааникылеит.

Уи дықәгылон Ареспублика Аԥсны ММА Афедерациа ахьӡала.

Араӡны даԥсахеит

Нанҳәа 29, 2024

Аԥсны ииз Едишер Конџьариа Тиумен ақалақь аҟны, август 23-25 рзы Урыстәыла арегионқәа 22 рахьтә, 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа злахәыз аӡиудо азы Урыстәыла ачемпионат аҟны, зыкапан 73 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара аиндаҭлараҿы араӡны медаль даԥсахеит.

Едишер дықәгылон Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала.

Нанҳәа

Нанҳәа 29, 2024
Есышықәса, нанҳәа 28 рзы адунеи ақьырсиан жәлар иазгәарҭоит Анцәа иан лылацәаеиқәыԥсара амш. Аԥсуаа уи Нанҳәа ҳәа иашьҭоуп.
Шьыжьнаҵы ақьырсианцәа ауахәамақәа ирҭаауеит, Анцәа имҵахырхәоит, ацәашьқәа адыркуеит. Нанҳәа ныҳәа азкуп Анцәа иан Мариа данԥсы ашьҭахь лыҷкәын Иисуси лареи рыԥсқәа реиқәшәара.
Ари амш аҽны ақьырсианцәа рџьынџь ҩнаҭақәа рҿы еиқәшәоит, аишәа фатәыла идырхиоит, иргәаладыршәоит здунеи зыԥсаххьоу рыуацәа, рҭынхцәа, ацәымза адыркуеит.
Нанҳәа аныҳәа аназгәарҭо ақәшәоит аҿа-маҿа аҭагалара аамҭа. Убри инамаданы аишәаҿы иқәырҵақәо иреиуоуп: абысҭа, ашә, акәты,ачашә, аҳампал, аԥш жәны, ҿыц иҟалаз ашәыр хкқәа, ацха, ахаа-мыхаақәа, иара убас акакан иалху ачыс хкқәа. Ажәакала аишәа дырхиоит ҭагалантәи аҿа-маҿала.

Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, 1992-1993 шықәсақәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рмемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент ахантәаҩы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 16 шықәса аҵра, ихҭыс дууп ҳауаажәларра рыҧсҭазаараҿы аиҧш, ҳҭоурых адаҟьақәа рзгьы. 2008 шықәса август 26 - ари амш иахьагьы зегь ҳабла ихгылоуп, изакәытә гәырҕьараз иаҳзацыз - аҧсуаа ироуит шәышықәсала иззықәҧоз Ахьыҧшымра. Аҧсуаа рхьыҧшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа. Уи азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Урыстәыла усҟантәи Апрезидент Дмитри Медведев. Хыхь ишаҳҳәахьоу еиҧш, ари амш акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны иаанхоит ҳажәлар рыхдырраҿы. Уиоуп изыбзоуроугьы ҳтәыла аҿиаразы иҵоуроу амҩа ҿыцқәа раартра. Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара мышьҭабзиала иаҳзыҟарҵаз ашьаҿақәа ацнагаҩцәа роуит. Аҧсны азхаҵара иадгылеит харатәи атәылақәа: Венесуела, Никарагуа, Вануату, Тувалу рҟынтәи. 2008 шықәсазы, Аҧсны Аҳәынҭқарра азхаҵара анаиу ашьҭахь, жәларбжьаратәи азинтә нормақәа инарықәыршәаны, ҳтәыла уаанӡа Урыстәыла арегионқәа рҟны иамаз ахаҭарнакрақәа ирҿыцны аҳәынҭқарратә цҳаражәҳәарҭақәа - Москва, Цхинвал, Тирасполь уҳәа рҟны иҟалеит. Аҧсны акәзаргьы, урҭ атәылақәа рҟынтәи ацҳаражәҳәарҭақәа, ҷыдалагьы Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа Михаил Шургалин дызхагылоу, Аҧсны жәлар рыҧсҭазаара активлаҵәҟьа иалахәуп. Иҵит жәаф шықәса Аҧсны Ахьыҧшымра азхаҵара аиуижьҭеи. Абри аамҭа аҩнуҵҟала атәылаҿы имҩаҧысит жәларбжьаратәи аҵакы змоу аполитика, аекономика, акультура, аспорт уҳәа рзы акыр аиҭакрақәа. Иахьа ҳанхоит Аҧсынтәыла - ихьыҧшым атәылаҿы. Шәықәҕьацааит аҧсуа жәлар! Ишәыгымзааит аилибакаареи акзаареи!

Апоет, апрозаик Иван Миқаиа 75 шықәса ихыҵит. Иван Ирод-иԥа Миқаиа диит (29.07.1949) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.Очамчыра араион И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол далгеит (1967). Иреиҳау аҵара иоуит А. С. Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиут афилологиатә факультет аҟны (1972).

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет агеографиеи, агеографиа-биологиатәи афакультет акафедра адоцент, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә ҟәша анапхгаҩы Инга Ҭаниаԥҳа дреиуоуп зыбжьы мыргаӡакәан, зхи зыԥси адҵаны аҭҵаара знапы алаку аҵаруаа. Акыр шықәса инеиԥынкыланы напхгара рылҭоит аԥхынтәи аекспедициақәа, ашьха ҳаракырақәа рахь дцоит астудентцәа лыманы. Аҵарауаа сынтәа алҵшәа бзиа рымоуп.

«Ашьха ӡыхьеиԥш икеикеиуа, аамҭа ацаҟьа шәыгәрақәеи абахә еимаҳарақәеи кылжәан, ириааины иахьанӡа зышьҭра цқьаӡа иаазгаз ҳбызшәа… Акаԥкаԥқәа рыбжьы зхоу, акаҵәара хаҩаӡарақәа рыбжьаныҩра зныҩроу, амшын ашыкьыбжь злаӡҩо ҳабз ашәа хаа… Аԥсшәа, агәаҟра атәы инҭкааны изҳәо ашьҭыбжьқәа ашәыҭҳақәа реиԥш излаԥсоу, аха ахаҵкара ажәақәагьы ахрыԥхреиԥш ирхианы изку, абаагәареиԥш изкәыршоу… Ахәырбӷьыц аҵеиԥш иԥшқоу, абзиабареи агәыбылреи ражәақәа рыла ирхаау…»

А.Н. Гогәуа

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me