Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Леуанти Борис-иԥа Гыцба «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, 1970–1980 шш. рзы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥаҿы илагала дуи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иџьабааи, ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаареи рҿы активла ихы ахьалаирхәуази рзы.