Дарбанзаалакгьы имоуп даҽакы иаламҩашьо, зхатә ҷыдарақәа рыла еибарку агәҭакы. Иҟалоит аамҭа наскьацыҧхьаӡа уи аҽаԥсахыр, аха еиҳараӡак ауаҩы иҽазишәоит игәы иҭеикыз анагӡара, уи ацәхьамҵра, есааира ҧхьаҟа ацара.
Сара схәыҷаахыс ажәабжьқәеи ажәеинраалақәеи рыҩра салагахьан. Зны сҩымҭақәа зегь еизганы сан илысҭеит лусурахь илгарц, уаҟа ажурнал «Амцабз» ианырҵарц. «Амцабз» аҟны сҩымҭа хәыҷқәа анызба, еиҳа сгәы азыбылуа иалагеит ажурналистика. Насгьы сара ирлас-ырлас сан аус ахьылуа амилаҭтә газеҭ «Аԥсны» аредакциахь слыцны сцон, уаҟа ажурналистцәа: Борис Қаџьаиа, Шьарида Торчуаԥҳа, Стелла Сақаниаԥҳа, Алиса Гәажәԥҳа уҳәа русура, рхымҩаԥгашьа, ртәашьа-ргылашьа сыхнахуан, есааира сырҿыԥшуан, избан акәзар, ажурналистика снапы шаласкуаз здыруан.
Ажурналистика – ари аинтерес ду зҵоу занааҭуп. Ауаа урабадырыртә алшара унаҭоит. Аибадыррақәа ирыцуп адырра ҿыцқәа, агәалаҟазаара бзиа. Сара даара исгәаԥхоит ажурналист иԥсҭазаашьа, уи ахҭысқәа зегь рыгәҭа дыҟоуп. Ажурналист имоуп еснагь зегьы рзы аинформациа, дырҭаауеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа.
Ҳара ҳмилаҭә ҷыдарақәа зусураҿы иаазырԥшуа аԥсуа журналистцәа реиԥш, сара Урыстәылатәи ажурналистцәагьы русушьа сахәаԥшуеит, еиуеиԥшым адырраҭарақәа еиҿсырԥшуеит, алкаақәа ҟасҵоит. Аҳәаанырцәтәи ажурналистикаҿы занааҭдыррала далыскаауеит Ольга Николаи-иԥҳа Белова. Сара даараӡа исгәаԥхоит лхымҩаԥгашьа, лтәашьа-лгылашьа насгьы лажәаҳәа ртәашьа.
Русура азҿлымҳара ду асҭоит ателехәаԥшратә дырраҭара «Шьыжьыбзиа, Аԥсынтәыла!» мҩаԥызго Наур Гәынбеи, Афина Ажьиԥҳаи. Сгәы иаанагоит саргьы дара реиԥш есышьыжь ауаа адырраҭарахь иааԥхьаны срыҿцәажәалап, уи алагьы сзанааҭ снапы аласкып ҳәа.
Сгәанала ажурналистика ари ауаҩы ганрацәала адыррақәа изҭо, аԥсҭазаара иагәылаку аҵабырг иеилзыркаауа, дымҩақәызҵо занааҭуп. Уи иагәылакуп ауаатәыҩса ргәеисыбжь, ажәлар рыбжьы. Сгәыӷуеит саргьы исылшап ҳәа жәлар рҿахәы аҳәара, аҵабырг хаҭа ацныҟәара. Еихызгоит сшьаҿа, илашоу, маӡа рацәала иҭәу, аартрақәа жәпакы згәылаку, азанааҭ ашҟа!
Рабиа Амҷԥҳа,
Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху,
Аҟәатәи абжьаратә школ №1
а-11-тәи акласс аҵаҩы


