Аслан

Аслан

«Ауаԥс лира»

Ԥхынкәын 20, 2024

Ноиабр 26-28 рзы Нхыҵ-Уаԥ­стәыла аҳҭнықалақь Владикавказ имҩаԥысит ауаԥс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы, апоет, асахьаҭыхҩы Косҭа Хеҭагуров диижьҭеи 165 ш. аҵра инамаданы апоезиа актәи Жәларбжьаратәи афестиваль «Ауаԥс лира (Осетинская лира»).

Аҟәа, Гәымсҭа ахықәан дынхоит Аԥсны зегьы ацәа аус адулашьа здыруаны иаанхаз аҟаза –Едем Коӷониа. Иара ида иахьа – арахә, мамзаргьы абнатә ԥстәқәа, рцәа иалхны асахҭан ҟазҵо ҳтәылаҿы дыҟам.

Ааигәа имҩаԥысит ҿыц иаԥҵоу аиҿкаара «Аԥсны Аҳәса Реидгыла» аӡыргара. Уи напхгара азылуеит Викториа Хәырхәмал. Аӡыргара иазкыз апресс-конференциа аартуа, лара дазааҭгылеит реиҿкаара хықәкыс иамоу.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдыркылеит Аҧсны аҵеи лаша, зыҧсадгьыли зыжәлари рзы зхы иамеигӡоз апатриот иаша, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынқарра ахаҭарнак иабжьгаҩ хада Кавказ Аҭрышба иҧсҭазаара дахьалҵыз. Адышшылараҿы иаҳәоит уи ихьӡ лаша наунагӡа хашҭра ақәымкәа ишаанхо.

Декабр жәибжь рзы, ашьыжь ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа,  акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аинтеллигенциа рхаҭарнацәа аӡәырҩы,  аҿар Д. И. Гәлиа ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, жәлар рпоет дыргәаладыршәеит.

Ҳазну аамҭазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа рдәықәҵара мҩаԥысуеит.  Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла аҳазалхратә усбарҭа аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ Адлер иахыганы ииаган 1 нызқь тонн амандарина, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ԥхынҷкәын 3 рзы адунеи аҿы изгәарҭеит зылшарақәа ԥку ауаа жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны ус иҟоу, адгылареи ацхыраареи хымԥада изҭаху зылшарақәа ԥку маҷыҩӡам. Рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы, ус иҟоу ауаа ацхыраара ахьроуа ацентрқәа аус руеит ҳтәылаҿы. Руак – агәыҳалалратә центр «Ҳара ҳаицуп» аартын 2021 ш. рзы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара «Аҿиара» захьӡу иҷыдоу апрограмма иҟанаҵаз ацхыраарала. Ацентр аԥшьгаҩсгьы, еиҳабысгьы дамоуп Милана Аџьԥҳа.

Есышықәса, ԥхынҷкәынмза 10, 1950 шықәса инаркны ауаҩы изинқәа Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me