Ԥхынҷкәынмза 14 Аԥсны агәалашәареи алахьеиқәҵареи ирымшуп

Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит илахьеиқәҵагоу арыцхә – Лаҭатәи атрагедиа. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан, ари аҽны еимгеимцарак иалагӡаны рыԥсҭазаара ҿахҵәеит 85-ҩык ауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 35-ҩык ахәыҷқәа.

1992 - 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ахәыҷқәа ргәалашәара иамшуп. Ари амш аҽны, 33 шықәса раԥхьа, Мрагыларатәи Аԥснынтәи ахҵәацәа зҭаз Урыстәылатәи авертолиот МИ-8 Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭа ахырхарҭала иԥрит.

Ашьҭыԥраара ашьҭахь 20 минуҭ ааҵуаны, асааҭ 16.39 рзы, усҟантәи Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар хылаԥшра зырҭоз Кәыдрытәи аиҩхаа аҵакыра ианахыԥраауаз авертолиот иеихсит. Ашьха икаҳаз авертолиот ԥжәеит, апассаџьырцәа аӡәгьы деиқәымхеит.

Зыԥсы шҭаз иблыз апассаџьырцәеи авертолиот аекипажи рыԥсыбаҩқәа анышә иамардеит Гәдоуҭа аиашьаратә нышәынҭраҿы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me