Очамчыра иаадыртуеит ахьӡ-аԥша амузеи

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа ирызку ахьӡ-аԥша амузеи аартра ргәы иҭоуп Очамчыра ақалақь аҿы.

Амузеи аԥҵаразы ажәалагала адыгылара арҭеит араион ахадара, аҳәынҭқарра, ауаажәларра, аветеранцәа ҳәа аанацҳауеит «Очамыра_информ».

Очамчыра араион ахада Алхас Кациа аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит, уи иалахәын аибашьра аветеранцәа, жәлар реизара адепутатцәа Венор Бебиеи Алмас Акабеи, араионтә еизара адепутатцәа, араион ахадара акультуреи аҵареи рыҟәшақәа рхаҭарнакцәа.

Амузеи аԥҵаразы апроект алацәажәара иалагаанӡа аиԥылара иалахәыз, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Амузеи аԥҵара иалацәажәахьан уаанӡатәи араион ахада Беслан Бигәаа ихаан, уигьы ари апроект адгылара аиҭеит.

Араион аҿы аҿар рпатриоттә ааӡара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара анаунагӡатәразы аусура мҩаԥыргоит. Очамчыра араион аҿы иазыԥхьагәаҭоуп школцыԥхьаӡа архивтә материалқәа реизгара знапы алазкуа агәыԥқәа реиҿкаара, аветеранцәа рԥылара амҩаԥгара, урҭ ргәалашәарақәа ранҵара.

Иаартхо амузеи аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Леила Кәакәасқьыр инаҵшьны иазгәалҭеит Мрагыларатәи афронт аибашьцәа рфырхаҵара анаунагӡатәра аус аҿы амузеи аԥҵара аҵак ҷыда шамоу.

Аԥсны атрансфер арныҟәцаҩцәа Реилазаара ахаҭарнакцәа Беслан Мацапиеи Руслан Ҷокуеи амузеи аҿиаразы иарҭеит 150 нызқь мааҭ, Аԥсны амчратә усбарҭақәа рветеранцәа Реидгыла ахантәаҩы Рисмаг Аџьынџьал иаԥҵохо амузеи афонд иаиҭеит аибашьра иазку ҩ-шәҟәык.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me