Аԥсуа философ, арҵаҩы, аибашьҩы

Сынтәа 75 шықәса зхыҵра азгәазҭо афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, 1982 шықәса раахыс инеиԥынкыланы, иахьа уажәраанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны афилософиеи акультурологиеи ркафедра аҿы аус зуа, иахьа уи аиҳабыс иҟоу апрофессор, Аԥсны иреиҳау ашкол аусзуҩы ҳәа ахьӡ зҽаԥсазтәыз, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Иван Дороф­е­и-иԥа Ҭарба ззанааҭ зегь раԥхьа изыргыло, уи гәык-ԥсыкала иазыҟоу дыруаӡәкуп.

Ҳаиҿцәажәара хацыркуа Иван Дорофеи-иԥа дазааҭгылеит, афилософиа азанааҭ ахь ихьаԥшра шыҟалаз атәы. Уи иажәақәа рыла, Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь, дҭалеит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, аха ахыркәшаха имаӡакәа аррамаҵзура ашҟа иԥхьеит.
«Даара ихьаазгон сҵара аны­жьра ахьсықәшәаз, аха аԥсуаа «Аџьма имԥсыша амаҵә азылаҟәуеит» ҳәа шырҳәо еиԥш, аррамаҵзура шықәсык схызгахьан еиԥш, сшстудентыз здыруаз акомандир ҽнак дсыԥхьеит. Сахьнеиз, Ташкент иҭыҵуаз, асолдаҭ иԥсҭазаара иазкыз «Советский патриот» захьӡыз агазеҭ аредактори иареи исыдыргалеит арратә корреспондентс (хатә корреспондентс) аусура.
Сара иаразнак сақәшаҳаҭхеит, даарагьы сеигәырӷьеит, астатиақәа рыҩра аҟны сыҽԥысшәахьан, аинтересгьы сыман аҟнытә. Уи акәхеит, агазеҭ материалла аиқәыршәара, аҭыжьра снапы ианын, арратә корреспондентс қәҿиарала аус зуан. Ус, даҽа ҽнак, аредактор иуадаҿы сыштәаз «уара устудентуп, абри ашәҟәы уаԥхьа, уаԥхьаҟа иухәоит», – иҳәан шәҟәык сиҭеит. Уи уаанӡа исымбацыз афилософиа ашәҟәы акәын. Аиаша шәасҳәап, раԥхьа санаԥхьа, иаҳәаз сзеилымкааит, аҩынтә раан санаԥхьа исгәаԥхеит, ахынтә раан – бзиа избеит. Нас даҽа ҩынтә саԥхьеит, сагәыланахалеит», – иҳәеит уи аррамаҵзура ихганы даныхынҳә, дызҭаз аҵара анхиркәша ашьҭахь, афилософиа аҭҵаарадырра азанааҭ ахь ихы ширхаз азгәаҭо.
Аха, иааинырсланы, иаармарианы иҟамлеит Иван Дорофеи-иԥа иҽыззикыз, даара иҵаулоу, аинтересгьы зҵоу афилософиа аҭҵаарадырра амҩа.
Уи иажәақәа рыла, иаҭаххеит аамҭа, ачҳара, акырџьара ашәҟәқәа рыҩра, уи аҭак ашьҭалара. Аха аҵыхәтәаны, аԥынгылақәа дыриааины, усҟан афилософиа амаҭәар иаԥхьоз Григори Смыр ибзоурала, афилософиа ахырхарҭала, А.И.Герцен ихьӡ зху Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт аҟны аспирантура дҭалеит. 1982 шықәсазы, Иван Дорофеи-иԥа аспирантура хыркәшаны дхынҳәит Аԥсныҟа, аусурагьы далагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, афилософиеи акультурологиеи ркафедра аҿы афилософиа арҵаҩыс, нас арҵаҩы еиҳабыс, доцентс, аамҭаказы, декансгьы дыҟан. Иахьа акафедра аиҳабыс аус иуеит.
40 шықәса инареиҳаны афилософиа азанааҭ ала аус зуа аҵарауаҩ, аҿар рааӡара инаваргыланы аҭҵаарадырра инапы алакуп. Уи лассы-лассы ихы рылаирхәуеит Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа еиуеиԥшым Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәеи асимпозиумқәеи. Имҳәакәан высшьа амам 2018 шықәсазы раԥхьаӡа акәны, Пекин ақалақь аҟны имҩаԥысуаз XXIV Адунеизегьтәи афилософиатә конгресс аҟны, Иван Дорофеи-иԥа Ҭарба Аԥсны шӡыригаз.
Ҳаиҿцәажәараан уи иазгәеиҭеит, хаҭала, афилософиа ахырхарҭала акадрқәа рпроблема шыҟоу. Инаҵшьны иҳәеит уи, афилософиа аҭҵаарадырра аинтерес ззаҵоу, изцааиуа аҿар шмаҷҩым, аха ахныҟәгаразы иахьыманшәалам иахҟьаны уи ахырхарҭахь рхы дырхарц шырҭахым, рыҽшазырымкуа.
Хаҭала, шәара шәыԥсҭазаараҿы афилософиа ныррас иамои, ҳәа ҳаниазҵаа, дааччан, «сыԥсҭазаара зегь уи ауп, иҟасҵо, исҳәо, изыҩуа зегьы зыдҳәалоу афилософиа ауп» – иҳәеит афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор.
Анаҩс, иажәа иацҵо, афилософиа аҭҵаарадырра закәу, уи иаҵанакуа, 20 шықәса раԥхьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аудиториаҿы сҩызцәеи сареи афилософиа алекциа данаҳзаԥхьоз еиԥшҵәҟьа ибжьы ныхҵа-аахҵо, зны-зынлагьы ҳахьеиҿцәажәоз «Брехаловка» акаҳуажәырҭаҿы ҳакәша-мыкәша итәаз ираҳартә ибжьы ҭыганы афилософиа аҭҵаарадырра дагәылахалан сзеиҭаҳәара далагеит. Аиашазы, сара гәахәарыла сизыӡырҩуан, хаҭала, афилософиа амаҭәар аинтерес шсымазгьы, 20 шықәса раԥхьа исаҩсыжьыз хьааганы…
– Афилософиа иҵаулоу, зымҽхак ҭбаау ҭҵаарадырроуп. Ауаатәыҩса, аԥсабара, урҭ реизыҟазаашьа уҳәа зегь уахь иаҵанакуеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы МГУ аҟны ҩыџьа апрофессорцәа афилософиа азы алкаа ҟаҵо иазгәарҭеит – «Мир человека» ҳәа. Ус анакәха, ауаҩы ихәыцшьа, идунеихәаԥшышьа, ихымҩаԥгашьа уҳәа иԥсҭазаара амахәҭақәа зегь ааидкыланы уи иаҵанакуеит. Афилософиа иаармарианы уаҩ инапаҿы иааиго ҭҵаарадырраӡам, занааҭӡам. Уи шаҟа иҵаулоу, аинтерес аҵоу аҟара, ауадаҩрагьы ацуп. Аха ари азанааҭ бзиа иануба, уԥсҭазаара анадуҳәала, аԥхьаҟа иузаатуеит, бзиа уабоит…
Аҵарауаҩ Иван Дорофеи-иԥа Ҭарба афилософиатә ҭҵаарадырра иазку ихшыҩзцарақәа, игәаанагарақәа икьыԥхьуеит Урыстәыла иҭыҵуа ажурналқәа: «Вопросы философии», «Философские науки», «Педагогическое образование в России» уҳәа рҟны.
Иҭҵаарадырратә усумҭақәа ҭыҵхьеит: Москва, Санкт-Петербург, Екатеринбург, Ростов на Дону, Черкесск, Хабаровск, Нальчик, Краснодар, иара убас Ереван, Прага, Пекин.
10 шықәса инарзынаԥшуа, х-ҩык аредакторцәа зманы, Са­­н­кт-Петербург иҭыҵуа, «Ключъ» захьӡу, аурыс-аԥсуа альманах аредакторцәа дыруаӡәкуп. Авторс дрымоуп 5 шәҟәык, 17 шәҟәы еицҭрыжьхьеит еиуеиԥшым афилософцәеи иареи.
Уи авторс дызмоу ашәҟәқәа реиҳарак, афилософиахь раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо рзы ицхыраагӡатә шәҟәқәоуп. Иҟоуп ҷыдала аспирантцәа рзы еиқәыршәоу.
Урыстәыла иҭыҵхьоу арҵага шәҟәқәа ируакуп «Антикатәи афилософиеи» «Абжьаратәи ашәышықәса афилософиеи».
Ҳаиҿцәажәараан Иван Дорофеи-иԥа иазгәеиҭеит даара игәы зызҭоу шәҟәны ишыҟоу, 400 бӷьыц змоу «Социологический анализ этно-национального сознания и самосознание».
Сынтәа иҭыҵит, хаҭала, аспирантцәа ирызку, «Философия истории и науки» захьӡу ашәҟәы. Аҭыжьра иазыхиоуп «Философские размышления» захьӡу ашәҟәы.
Аҵарауаҩ, афилософ авторс дызмоу ишәҟәқәа рҟны дырзааҭгылоит аԥсуа философиа, аԥсуа менталитет, аԥсуа ԥсихологиа. Афилософиа аҭоурых, ахаҭара, ажәлар реиқәырхараҿы иалшо, адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа, уи зыхҟьо уҳәа жәпакы азҵаатәқәа, иара убас, иазгәеиҭоит аиҿырԥшрақәа, иҟаиҵоит алкаақәа: – «Раԥхьатәи аҵарауаҩ ҳәа иԥхьаӡоу Аристотель иоуп. Ахәбатәи ашәышықәсазы, ҳера аан аоратортә ҟазара (судопроизводство) ҳәа изышьҭаз, ахьыддырҵоз афилософиатә школқәа ыҟан. Ауаҩы адукат ида иҿахәы иҳәартә азыҟаҵара ирҭон. Афилософ ду Сократ данҭарк, адукатс ихала ихы ихьчон. Хаҭала, аԥсуаа санрызхәыцуа, аизараҿы унеир аоратор дыҟан, ацәгьа-абзиа, аусӡбара аҟны унеир аҿаԥыц зҿаз ауаа уԥылон, ажәакала, аԥсуа философцәа, аораторцәа жәытә-натә аахыс иҳаман. Еиҿырԥшны санахәаԥшлак, хыҵхырҭак амамкәан ишыҟам, машәыршақә ишыҟамлаз азы агәаанагара сызцәырҵуеит, убри аҟнытә еиҳа сазхьаԥшуеит, хырҩа асҭоит аԥсуа философиа, аԥсуа ԥсихологиа», – иҳәеит уи.
Аиашазы, аҵарауаҩ, афилософ, ауаҩхатәра, зегь раԥхьа инаргыланы аԥсуаа ҭаацәара бзиа иалҵыз, аԥсуаҵас ахымҩаԥгашьа иаҵанакуа аҟазшьа ҷыдарақәа ирылааӡоу Иван Дорофеи-иԥа Ҭарба, ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагыла, аԥсадгьыл аиқәырхараз игылаз Аԥсны аҵеицәа рыгәҭа дыҟан. Уи иашьцәа 3-ҩыки, 21 шықәса ирҭагылаз иашьа иԥа Игори, хә-ҩыкны еибашьра ҳәа ашҭа еицҭыҵит.
Ихаҭа аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан, Ешыратәи ахырӷәӷәарҭа аҟны авзвод акомандирс дыҟан, анаҩс – Гәымсҭатәи афронт аҩбатәи абригада аштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан (аштаб аиҳабыс дыҟан Аполлон Шьынқәба). Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьгьы, Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәразы имҩаԥгаз аоперациа далахәын. Аҩбатәи абригада арезервтә баталион акомандирс дыҟан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еиба­шьраан иааирԥшыз агәаӷьреи алшареи рзы ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.
Ҭаацәарак аҟнытә хә-ҩык ахацәа реибашьратә мҩа шалагаз атәы ҳзеиҭаҳәо, уи иазгәеиҭеит, аешьцәа рыԥшьҩык, рашьа иԥа днарыдкыланы, аԥсадгьыл аҿаԥхьа ирыду ауалԥшьа ишацәхьамҵуа, ишаҵамхо ала еибыҳәаны ишцаз.

«Сашьеиҳабы Валери, Урыстәыла дынхон, ԥхьатәара ицахьаз полковникын. Аибашьра ианалага аҭел сизасын, иаразнак дааит, абџьар аҭыӡшәа бзианы издыруаз, аррамаҵзура зыхганы иааз, 21 шықәса ирҭагылаз иԥа Игор диманы. Валери Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Игор аерманцәа рбаталион аҟны деибашьуан. Агәыбжьанытә сашьа Виачеслав – Атәылахьчара аминистрра анџьныр-сапиортә маҵзура деиҳабын, амина ыҵызхуаз рбаталион акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. Ҳаиҵбы Леонид Ԥсоутәи абаталион авзвод акомандирс дыҟан. Сашьцәа рыхҩык рыдунеи рыԥсахит аибашьра ашьҭахь, уи ирзыннажьыз агәаанџьқәа рыхьӡеит. Сашьа иԥа Игор хыџьара ахәра иман, аха Анцәа имчала деиқәхеит. Саргьы иааигәаны итҟәацыз аснариад санаршә ацаҟьа саннаҟьеит, сшьапы абаҩ ԥҽит, аснариад ацыԥхьқәагьы сылалеит» – иҳәеит уи.
Аибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Иван Дорофеи-иԥа иашьеиҳабы Валерии агәыбжьанытә Виачеслави аибашьра адәаҿы иаадырԥшыз агәымшәареи агәаӷьреи рзы иранашьоуп Леон иорден, иашьеиҵбы Леониди иашьа иԥа Игори иареи «Агәымшәаразы» амедал.
Хаҭала уи зегь зхызгаз, иԥхахьоу иашьцәа рыӡбахә даналацәажәоз даара ицәыхьанҭан аибашьра аветеран. «Даара аҵеицәа бзиақәа, аибашьҩцәа гәымшәақәа ҳацәҭахеит, рыԥсадгьыл аиқәырхара рхы ақәырҵеит. Уи ахьаа еснагь иҳацуп. Сыбла ихгылоуп аибашьцәа фырхацәа рхаҿсахьақәа, урҭ ирыдҳәалоу ахҭысқәа. Сыбла дыхгылоуп Мирод Гәажәба, данҭахоз аҽны, ажәыларахь Линдаваҟа машьынала уи дназлаз аибашьцәа мҩаԥызгоз сара сакәын. Сгәалашәараҿы длашаӡа дынхеит Шрома ахақәиҭтәраан иҭахаз аҩбатәи абригада акомандаҟаҵаҩыс иҟаз Геннади Ҷанба, ус шаҟаҩы…» – иҳәеит, жәылара ианцоз «Аиааира» ашәа цәырган, ахаҵарашәа ҳәаны, хаҵаҵас аԥсра ишаԥылоз, згәы ҭрысны ихьаҵуаз аӡәгьы дшыҟамыз азгәаҭо.
Ҳаиҿцәажәараан, аибашьраҿы, ашьха-аҿаҩа уахгьы-ҽынгьы иаҿаз, си-ҵааи зегь зхызгоз аибашьцәа, ажәыларақәа рышьҭахь, меигӡарахда аӷа иҭирҟьоз зеиуа хкы уҭаху абџьар абжьы ҳамҭакы, зны-зынла ианеихсыӷьуаз, ҭынч аԥсшьаразы ианааилатәоз аамҭақәагьы шыҟаз азгәаҭо, усҟан Сергеи Платон-иԥа Дбар илафқәа шаацәыригалоз, иширлахҿыхлоз игәалаиршәон.
Аибашьцәа ргәы рхаҵо, иарӷьажәҩаны ирывагылаз амедиаҳәшьцәа рыӡбахә далацәажәо, аибашьра аветеран инаҵшьны иҳәеит, урҭ «ахаҵамԥҳәысра» аарԥшуа, ахқәа шааиуаз, ҳаӷацәа ахысра ишаҿыз иаанымгылакәан, рыԥсы ҭиины аибашьра адәаҿы ишьҭаз ахәцәа раԥхьатәи ацхыраара шрырҭоз, ишалыргоз. « Ҭали Џьопуаԥҳа, Надиа Ашәԥҳа, Фениа Аҩӡԥҳа, Мзиа Беиаԥҳа рџьабаа даара ирацәоуп. Урҭ рыбзоурала аԥсра абла иҭаԥшуаз ҳҩызцәа еибашьцәа шаҟаҩы рыԥсы иаԥшәмахаз, еиқәдырхаз маҷҩым. Ахәцәагьы рыхәра ҿарҳәон, ацхыраара рырҭон, уи инаҷыданы абџьар шьҭыхны аӷа иҿагыларагьы рылшон», – иҳәеит уи.
Иван Дорофеи-иԥа Ҭарба ихатә ҩыза Лиудмила Қәачахьиаԥҳаи иареи аҭаацәара бзиа аԥырҵеит. Рыхшара Ланеи Илонеи занааҭла иҳақьымцәоуп.
Аиҳабы Лана аспирантура дҭоуп, Австриатәи ауниверситет аҟны адоктортә диссертациа ахьчара азы рацәак лыгым, иара убас илымоуп лхатәы стаматологиатә клиника. Илона амедицинатә ҭҵаарадыррақәа дркандидатуп, алекциақәа дрыԥхьоит амедицинатә университет аҟны. Аҩыџьагьы ҭаацәароуп, ирызҳауеит ҩыџьа-ҩыџьа рыхшара.
Ажәакала, ҵарауаҩык, философк иаҳасабала инаҷыданы, Иван Дорофеи-иԥа насыԥ змоу абуп, абдууп. Акызаҵәык дзызхәыцуа, игәы иҵхо иҩызцәа аибашьцәа рхы зқәырҵаз ҳаԥсадгьыл баша идгьылны инымхарц, аԥсуа жәлар ҳмилаҭтә хаҿра, ҳабызшәа аиқәырхара анаунагӡатәра ҳалшо аҟалара ауп. Анцәа Ду иаҭәеишьааит нас, уи нагӡаны абара.

Алиса Гәажәԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me