Уи ус шакәу дыршаҳаҭуеит аҭоурых адаҟьақәа маҷымкәа. Ирацәаҩуп, агәаӷьра злаз, ажәлар рхақәиҭразы аӷа иҿаԥхьа згәы еиҭамԥоз, зуаажәлар рҿаԥхьа наӡаӡа ԥсра рықәӡамкәа иаанхаз афырхацәа. Ахацәа реиԥш, аԥсуа ҳәсақәагьы ахаҵамԥҳәыс ҳәа ззуҳәаша маҷҩымызт ианакәызаалак.
Ԥшьынҩажәи ԥшьба шықәса раԥхьа асовет ҳәынҭқарра анемец фашистцә́а анақәла, уи иқәынхоз ажәларқәа зегь реиԥш, Аԥснынтәгьы уи ахьчара иазгылеит арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи милаҭла еилых ҟамҵакәа, ҩынҩажәи жәохә нызқьи бжа-ки аҵеицәа, урҭ рахьтә жәохә нызқьи бжаки аԥсуаа ракәын. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аӷа иабашьраҿы зхамеигӡара ҳәаадаз, зеилҟьара уаршанхоз аԥсуа ӡӷабцәагьы: Мери Аҩӡба, Алеқсандра Наӡаӡе, Валиа Кәырмазиа, Фениа Џьынџьолиа, Лида Ҭарба, Макбулиа Адлеиба, Жениа Гарцкиа, Надиа Гериа, Шура Ӡиӡариа, Надиа Инал-иԥа, Вера Бениа, Таниа Багаҭелиа, Шура Аҟәысба, Ольга Арнауҭ, Галина Лакрба, Надиа Смыр, Галина Аблоҭиа, Татианеи Алеқсандреи Ма-мацеваа, Вера Озган, Марица Барцыц, Анна Гезердава, Матриона Қәҭарба, Шура Аланиа, Маша Гәынба, Ольга Конџьариа, Жениа Лакоба, Валиа Ашәхәаҵаа, Тати-ана Папасқьыр, Лидиа Ешба, Аннеи Лиолеи Шьаҟрылаа, Вера Шьакаиа, Мариа Ҳалуашь уҳәа убас иҵегьы.
Аиааира арааигәаразы рхы ршаҭомызт хыԥхьаӡарала имаҷыз ажәлар рҵеицәа, аӷа иаԥыхраҿы урҭ ирыџьшьоу даара ирацәоуп. Аӡәымзар аӡәы рҭаацәа, рқыҭа, руаажәлар рылахь ада ԥырымҵәеит, хьымӡӷыла рымцахә ҿыдмырцәааит, рашәақәлацәа азыгәдуны еиҭарҳәон урҭ рхаҵара.
Ааи, агәаӷьреи аилҟьареи ирхылҿиаауа ахаҵара-афырхаҵара ус иақәуп иа-накәызаалак: иахааныз, зыблала избаз ажәала еиҭарҳәон ма ашәа ианырҵон, уи зыҟны инаӡаз ирымеидон даҽа шьоукы… Каҵәарак ахьтә каҵәарак ахь инаҩуан игәырхаҵаганы, аҭоурых ианылон.
1943 шықәса… Украина аҵакырадгьылкаҿы, абна азааигәара игылоу ҩынхәыҷык аҟны, ахәцәа дырхылаԥшуеит ԥҳәызба ҵәрышкәак, ҭынч, дымгәамҵуа ажәа хаала драцәажәо. Ҽнак, ашьыжь, амшцәгьа бааԥс ашьҭахь, зыбз ҩыҵызхыз амра ҵлашәарак аҽҩышьҭнахуаны, игеит уцәа уҭанарӡыӡартә, ахаан ишылмаҳацыз ала шьҭыбжьыцәгьақәак… ирхалеит аӷа иҳаирпланқәа. Ари аҩыза дақәымшәацызт мызқәак раахыс аибашьра амца иалагылаз Мариа қәыԥш. Азныказы дцәышхеит, еилкаамыз цәаныррак дааимнадеит ҩнуҵҟала… идәылҵтәуп ирццакны зҿықә аҟны иҟоу абнаршәырахь, аҩны аԥшәма – аԥҳәыс бырг ишыҟалҵаз еиԥш, аха… зхы изамыхәо жәаҩыла ахәцәа, зшьабжа аԥсадгьыл иазказҭәахьоу уи ахьчаҩцәа... алеи-аԥси рыбжьара, аԥсуа ҭыԥҳа лхы лнапаҿы иааганы, ашәара лынмырԥшӡо дызҿыз лус инацылҵеит: руаӡәк ихчы рҽеины инаиҵаҵо, инаҩстәи ашьа злысыз ихәраҿаҳәага ԥсахуа, даҽаӡәых ижәҩахыр днаҵгәаны аӡы иқьышә инықәкуа…
Амца қьоуқьад рымпыҵҟьон ақәылаҩцәа. Иеилаҳантон дгьыли-жәҩани. Алҩа, асаба, ахәшырб хатәалон, ана-ара амца, абылра, аԥсра, анҵәара. Абомба тҟәацыбжьқәа иҩарылҵәраауан игәыҭшьаагоу абыжьқәа… Деиқәҟьашон Аԥсны аԥҳа лхы мшаҭа.
Ус иаалырҟьаны, ари аҭагылазаашьа уадаҩӡа иалкьны, акеҩҳәа иаагеит ашәа – иагьхаҵарашәаз, иагьмыткәмаз Аԥсуа ашәа, ишгәырӷәӷәагаз еиԥш, иа-гьгәырԥшаагаз, ухы инаркны у́шьапаҟынӡа уеилнархыртә…
– Уаа, радара, уа-а-а, Ахацәа рхацәа, уа-а-а, – игон ашәа – аԥсуа ашәа, игәышьҭыхгаз, ихәрарӷьагаз, аԥсуа ԥҳәызба лыбжьы хаа ала. Маҷ-маҷ аҽыҳаракуа, ахәцәа рызҿлымҳара амҽханакуан ирзеилымкаауаз, аха зҳәоушьҭыбжь хәрыбӷьыцҵас иуныруаз бызшәак ала ашәа – ахаҵара иатәу, ашәа – имыткәмоу, иагьшәаџьҳәаҩу.
Ихьанҭан ахәцәа рхьааи рҭагылазаашьеи, аха… игәыӷуан. Агәыӷра, ауаҩы ибзазара злеибарку, иԥсы злалеига-ҩеиго агәыӷра. Уи ҩбанатәуан аԥсы аҭазаара амаҵә аҽахьнырҳалара иеихазҳауа, аԥсуа ҭыԥҳа лабдуцәа рышьҭрахьтә зыракәа аауа, есааира урҭ згәылазхалоз Ахәрашәа. Дџьашьо илыхәаԥшуан ахәцәа, ашәара зынӡа зымԥан иқәмыз аԥҳәызба ҵәрышкәа.
Ус ауада арымаратәи акәакь иазааигәаз ацәардаӷәы ахьтә, иарӷьа машьхәылҵ наицырхырааны маҷк зыҽҩышьҭызхыз, арԥыс хаҿеиқәа илакҭа аа-лашаны, иахьынӡаилшоз ала ибжьы налықәиргеит, ашәа злалҳәоз абызшәала:
– Баԥсуоума, аблеиқәара? Сара с-Кәыҵниоуп.
Дааҭгылеит аԥҳәызба, лышьҭахьҟа илаҳаз даршанхан, иеихсыӷьит лашәаҳәабжьгьы. Даахьаҳәын, арԥыс хаҿеиқәа лакҭа разыла диҿаԥшуа:
– Ааи. Лида Кәыҵниеи сареи Аҟәатәи арҵаҩратә техникум аҟны аҵара еицаҳҵон. Уаҟа идыррақәа рызирҳауан уи лашьагьы, – лҳәеит иҭынчӡа.
– Баанҿас, баанҿас, Мариа Ҳалуашь бакәхап бара? – деиҭаҵаахт ақәтәара иҽазкуа.
– Аиеи, схаҭа соуп, – аҭак ҟалҵеит дааԥышәырччан. Егьырҭ ишьҭаз, урҭ злеицәажәоз абызшәа шырзеилымкаауазгьы, гәаныла ирнырит иҟаз…
– Уаа, радара, рада гәышьа, уа-а-а – имчқәа еизганы ибжьы ҩҭигеит а-Кәыҵниа, деиҵамхакәа инаицылҳәеит Мариагьы. Есааира иҳаракуа еицдырӷызуан Аԥсны аҵеицәа, ихәрарӷьагаз, Аиааира иагәыӷраз рабацәа рашәа.
Ҵабыргыхаҭаны, дарбанызаалак ан лгәаԥҳәыхш иаҩызоу ибызшәа гәакьа ала, атәым жәҩан аҵаҟа Ашәа хьаахҽыга, Ашәа ԥсеиқәырхага азыӡырҩра, да-нысабиу изырҳәо агарашәа изеиҵахом зынӡа акала.
Ахра Анқәаб