Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
Ииун 1 адунеи зегьы аҟны иазгәарҭоит ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит ахәыҷқәа рныҳәа. Убас Тарас Шамба ихьӡ зху ақалақьтә баҳчаҿы имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатә. Уи еиҿыркааит Аҟәа ақалақь иатәу амуниципалтә усбарҭеи ацхыраагӡатә школ анапхгареи.
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Еҭери Басариа диижьҭеи 75 ш. ҵит.
Еҭери Фиодр-иԥҳа Басариа диит (03.06.1949) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Украина ашәҟәыҩҩцәа Рмилаҭтә Еидгылеи, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. В. Г. Короленко (1999), Н. Гоголь (2008), И. Долгоруки (2008) рыхьӡқәа зху апремиақәа ланашьан. Ашәҟәыҩҩы аԥсуа қыҭа дшааазгьы, аԥсшәа шылдыруазгьы, дыҩуан урысшәала. Лырҿиамҭақәа зегьы шамахамзар аԥсуа ԥсҭазаара иазкуп.
В. М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети (1972), А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институти (1973) қәҿиарала дрылгеит. Лҵара аныхлыркәша ашьҭахь аус луан Москва, акибернетика аинститут апресс-центри, ажурнал «Кибернетикеи» (1980ш. азынӡа) рҟны. Аамҭак азы Аҧсуа радио адикторс дыҟан. 1989-1999 шш. раан агазеҭ «Труд» акорреспондент ҷыдас аус луан. 2000-2002 шш. рзы ажурнал «Доктор» аредакторс даман. 2002-2004 шш. рзы акәзар, агазеҭ «Правда Украины» аҟны аредакциа аҟәша деиҳабын.
1972 ш. инаркны лҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Юность», «Алашара» (аурысшәахьтә аиҭагақәа), «Абаза», украинатәи апериодикатә ҭыжьымҭақәа уҳәа егьырҭгьы.
Иҭлыжьит ароманқәа хԥа, аповестқәа, хыԥхьаӡарарацәала ажәабжьқәа.
Аурысшәахь еиҭалгеит Баграт Шьынқәба ироман «Ахаҳә еиҩса» аҩбатәи ашәҟәы, Витали Амаршьан иҭоурыхтә роман «Аҧсҳа» (иҭыжьуп Аҟәа, 2003, «Леон Апсха» ахьӡны, аҩбатәи аҭыжьымҭа иахьӡуп «Апсха», Аҟәа 2012).
Е. Басариа лырҿиамҭақәа жәпакы, аҧсуа, аиталиан, аукраин, анемец бызшәақәа рахь еиҭагоуп. Авторс дрымоуп иара убас аҧсуа поетцәа Иуа Коӷониа, Таиф Аџьба, Геннади Аламиа уҳәа ирызку астатиақәа.
Урысшәала жәохә инареиҳаны лышәҟәқәа ҭыжьын. Аԥсшәахь еиҭаганы иҭыҵит: «Абас адгьыл аншу» (Аповести ажәабжьқәеи, Аҟәа, 1980).
2013 ш. маи 13 рзы иаамҭамкәа лыԥсҭазаара далҵит, аҭаацәара даналала ашьҭахь акыр шықәса дахьынхоз Киев ақалақь аҟны.
Рашәарамза 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы, иҳәоуп: « Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, еизҳауа абиԥара! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш. Ахәыҷқәа - ҳаԥсҭазаараҟны зегьы иреиӷьу аҭыԥ ааныркылоит. Ҳара ргәы бзиазарц, насыԥ рымазарц, аҵарадырра бзиа роурц, раԥхьаҟа аԥсҭазаараҟны амҩа лаша ианыларц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Ахәыҷы нап идкыланы иааӡара, изинқәа рыхьчара - иарбанзаалак аҳәынҭқарратә политика азҵаара хадақәа ируакуп. Ахәыҷқәа - ҳара ҳҭынха, ҳԥеиԥш иацызҵо роуп. Ҳарҭ аиҳабацәа ҳауп аҭакԥхықәрагьы зду ауаҩра рылҵырц азы, раԥхьаҟа иаԥсоу аԥсҭазаара рзаԥҵаразы. Ахәыҷы еизҳараҟны, ҳәарада, аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ааӡара. Убри аҟынтә иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аҭаацәа, арҵаҩцәа, иара убас еизҳауа абиԥара реиҵааӡара зџьабаа аду зегьы. Раԥхьатәи аԥхынтәи амш азы Аԥсны ахәыҷы жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, анасыԥ, агәырӷьара, агәабзиара! Ирыгны иҟамлааит аиҳабацәа рыгәцаракра, рыбзиабара!».
Иазгәаҭатәуп раҧхьаӡакәны Ииун 1 - Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш 1950 шықәсазы ишазгәарҭаз.Уи аахыс ари арыцхә азгәаҭара иалагеит шамахамзар атәылақәа зегьы.
Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны еиҧш, Аҧснгьы есышықәса иазгәарҭоит ари амш.
Сынтәа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз адҵала ари амш аҽны Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысран иҟан аныҳәа аиҿкааразы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, аха амшцәгьа иахҟьаны уи ииагоуп ашәахьа, ииун 3 рахь.
68 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аԥсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа бызшәа акафедра №1 адоцент Наталиа Урусбеи-иԥҳа Лихова.
Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аректорат, апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, афилологиатә факультет астудентцәа гәалсра дула ирыдашшылоит аԥсы лҭаацәа, лгәакьацәа, лҭынхацәа.
Наталиа Лихова диит 1957 шықәса март 21 азы Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Гәымлоқыҭ .
1974 шықәсазы дҭалеит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, азанааҭ «аԥсуа бызшәеи алитературеи, анемец бызшәеи».
Аамҭакала лаборантс дрыдыркылеит аԥсуа бызшәа акафедраҿы абаза-адыга бызшәақәа рызҟазак лаҳасабала.
1989 шықәсазы аспирантура далгеит Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет аҟны азанааҭ «Кавказтәи абызшәақәа» ала. Иара убри ашықәс инаркны Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны аԥсуа бызшәа акафедраҿы аус луан. 2010 шықәсазы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵаратә хьӡы аиуразы адиссертациа лыхьчеит.
Наталиа Лихова аԥсуа-абаза, адыга бызшәақәа рзы алеқциақәа дрыԥхьон, иара убас аԥсуа-адыга бызшәадырра иазкны акурс ҷыда даԥхьон.
Лара дравторуп «Аԥсуа-адыга бызшәақәа рҟны ақәыԥшылареи аамҭеи» захьӡу амонографиа, иара убас аҭҵаарадырратә усумҭақәа 15 инареиҳаны, астудентцәа рзы арҵагатә цхыраагӡақәа жәпакы.
Наталиа Лихова лыԥсҭазаара лалҵра цәыӡ дууп Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет азы мацара акәымкәа, иааидкыланы аԥсуа-адыга филологиазгьы. Уи лгәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит.
Иналукааша апартиатә, аҳәынҭқарратә усзуҩ, апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩыс иҟаз Валериан Осман-иԥа Кобахиа диит лаҵарамза 15, 1929 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
Имҩаԥысит Аԥсны Аминстрцәа Реилазаара изаамҭанытәу аилатәара. Амш хәаԥштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа жәафи ацхыраагӡатәқәа жәабеи.
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩыси аиҳабыси иҟаз, аханатә уи аиҿкаара аԥшьызгаз СССР жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡареи, Урыстәылатәи «Ажәларқәа реиҩызара» аордени занашьоу Кандид Тарас-иԥа Ҭарба иахьа иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы 80 шықәса ихыҵуазаарын.
Аԥсуа бызшәа адунеи ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит ҳәа шьақәдырӷәӷәоит аҵарауаа аӡәырҩы. Уи ус шакәу арҵабыргуеит иара абызшәа ахаҭагьы. Адунеи аҿы иҟоу, ахархәара змоуи иԥсхьоу ҳәа иԥхьаӡоуи абызшәақәа рыҭҵаара асистема аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп ҳбызшәа.