Аныҳәатә концерт ду

Аҟәа,  Ахақәиҭра Ашҭаҿы Аԥсни Урыстәылеи рартистцәа злахәыз аҳәса Жәларбжьаратәи рымш иазкыз аныҳәатә концерт ду мҩаԥысит.

  Уахь инеит Аԥсны Аиҳабыра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Владислав Куликов, аҳҭны-қалақь ахадара.

Ахақәиҭра ашҭа уаала иҭәын, аӡәырҩы Аԥсни Урыстәылеи рбираҟқәа рхашәыршәыруан.  Аконцерт иалагаанӡа еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны Ахадас иалырхыз Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ауаажәларратә проектқәа рзы иусбарҭа аиҳабы Сергеи Новиков.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба аҳәса Жәларбжьаратәи рныҳәамш рыдиныҳәалеит.

Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҿиара мҩа иануп ҳәа иҳәеит иқәгылараҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ауаажәларратә проектқәа рзы иусбарҭа аиҳабы Сергеи Новиков.

«Агәра ганы сыҟоуп, Урыстәылеи Аԥсни ҳаимадарақәа зегьы иаҳзеиԥшны ҳажәларқәа рзы ишхәарҭахо", –  инаҵишьит иара.

 Новиков ареспублика ауааԥсыра иҳаҩсыз ахада иалхрақәа рыдиныҳәалеит, Аԥсны иқәынхо аҳәса – рныҳәа.

 Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иажәақәа рыла, Аԥснытәи Урыстәылатәи артистцәа сценак аҿы реицықәгылара атәылақәа рыбжьара агуманитартә усеицура аҿиара ишаҿу дырҵабыргуеит.

«Урыстәылатәи артистцәа рконцертқәа, атеатртә труппақәеи акәашаратә коллективқәеи Аԥсны рықәгыларақәа еснагь ауаа рацәа рыдрыԥхьалоит, сынтәагьы ахәаԥшцәа ргәы иахәаша маҷымкәа ирзыԥшуп», – иазгәеиҭеит адипломат. 

Михаил Шургалин Урыстәылеи Аԥсни аҳәса Жәларбжьаратәи рымшныҳәа ианакәызаалак акыр аԥхарра аҵаны имҩаԥысуеит ҳәа инаҵшьны  иазгәеиҭеит: «Ауаатәыҩса иреиӷьу рыхәҭа рыхӡыӡаара, урҭ рганахьала агәцаракреи абзиабареи раарԥшра – хымԥада ҳара ҳзы зегьы ирыцкуп».

 Аофициалтә хәҭа ашьҭахь еизаз рҿаԥхьа асценаҿы иқәгылеит артистцәа - агәыԥ «Руки Вверх!», Mia Boyka, Хаҭуна Ҭарба, Рамина Заде, Аԥсны абыргцәа рансамбль «Нарҭаа», ашәаҳәаҩ,  аблогер Хабиб, Ҭемыр Ҭаниа, Гоча Ԥачлиа, Ильда Қәычбериа, амузыкант, ашәаҳәаҩ, акомпозитор Игор Николаев уҳәа убас егьырҭгьы.

Аконцерт сас дахьк иаҳасабала ихы алаирхәит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, ашәақәа равтор, рынагӡаҩ аб Киприан (Валери Бурков). Ҩ-сааҭк инареиҳаны ахәыҷқәа инадыркны адуцәа рҟынӡа ахәаԥшцәа зегьы Ахақәиҭра Ашҭаҿы бзиа еицырбо артистцәа ирыцшәаҳәон, ирыцкәашон. Аконцерт еиҿнакааит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә хеидкыла «Аиааира ахатәгәаԥхарауаа». Убри  адгылареи ацхыраареи ҟарҵеит Аԥсны акультура Аминистрреи Аҟәа ақалақь Ахадареи. 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me