Асовет ҳәынҭқарра ахьынӡанааӡо еиԥш, ҳ-Аԥсны хәыҷы аҟнытәгьы аибашьрахь ицаз аҵеицәа рацәаҩуп. Архивтә материалқәа изларҳәо ала Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык. Урҭ рахьынтә изыхнымҳәӡеит 17,5 нызқьҩык ауааԥсыра. Абас зыԥсҭазаара ҿахҵәаз рацәаҩхеит. Иҿыцәааит ахәышҭаарақәа. Иҟам ҭаацәарак ари аибашьра хламӡаах зыцрамсыз.
Ҳаибашьцәа алахәын Асовет Еидгыла еиԥш, Польша, Чехословакиа, Венгриа, Румыниа, Болгариа, Иугословаиа уҳәа аҳәынҭқаррақәагьы рхақәиҭтәра.
Аԥсуа жәлар еснагь иазгәдууп рҵеицәа рфырхаҵара. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан жәаа-ҩажәа шықәса зхыҵуаз аԥсуа ҭыԥҳацәа аӡәырҩы афронт иалагылан, урҭ дреиуан Ольга Арнауҭгьы.
Ольга Семион-иԥҳа Арнауҭ диит 1922 шықәса рашәарамза 15 рзы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Аибашьра ианалага лықәлацәа аӡәырҩы реиԥш хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит, усҟан 19 шықәса ракәын илхыҵуаз. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны уи еилгаанӡа деибашьуан, аҳаирԥланҿагыларатә лашырбагатә баталион 33-тәи аҟәшаҿы.1943 шықәсазы Ольга лхы ахәра аиуит,агоспиталь аҟны дышьҭан акраамҭа, лҽанылхәшәтә деиҭахынҳәит афронт ахь.
Ишеиԥшым еиԥш ауаа,еиԥшым аибашьцәа рлахьынҵагьы. Аӡәы раԥхьатәи ахы иаҩымсит,даҽаӡәы егьа џьабаа ихигазаргььы иԥсы ҭаны иҩныҟа дхынҳәит. Аибашьра ауадаҩрақәа зегьы лыхганы ,Ольга илылшеит лыԥсадгьыл ахь ахынҳәра. Иланашьоуп амедалқәа жәпакы.
Аамҭа цон, Ольга Арнауҭи Владимир Чыргбаиеи аҭаацәара аԥырҵеит. Урҭ ирааӡеит ԥшьҩык ахшаара. Хҩык аԥацәеи -Витали,Џьамал,Роман, рыԥҳазаҵә Еммеи, дара зегьы иаԥсоу уааны, иреиҳау аҵарақәа ирылгеит.
Аԥсны аӷа данақәла 1992- 1993 ш. ш. рзы, раԥхьатәи амшқәа инадаркны Чыргбаиаа хҩык аишьцәа рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Витали акыраамҭа Гагратәи арратә гарнизон напхгара азиуан, хаҭала ажәыларақәа зегьы дрылахәын.Изныкымкәа ахәрақәа шиоухьазгьы деибашьуан Аиааира амш аҟнынӡа. Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа мап рцәикит иҩызцәа рылымкаа.
Џьамал иакәзар анапхгаҩы иҟазшьақәа иман дхәыҷаахыс. Убри аҟнытә Гагратәи абаталион акамандирс даман. Дыџьбаран,аха игәы разын, еибашьцәа зегьы ҳаҭыр рықәиҵон. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп данҭаха ашьҭахь.
Роман иашьцәа реиԥш, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра далахәын.Иааирԥшыз агәымшәаразы ианашьоуп Леон иорден. Иара убас -Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ,СССР аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ даԥсахахьан. Есышықәса ҳтәылаҟны имҩаԥысуеит уи игәалашәара иазку абокс азы жәларбжьаратәи аицлабрақәа.
Раҳәшьазацә Емма Владимир-иԥҳа Бамборатәи абжьаратә школ адиректорс аус луеит, аҿар рааӡара дазааԥсоит жәашықәсала.
Ауаҩы ҟәымшәышә,зыԥхӡышла инхоз, аҭаацәара хазына аԥызҵаз Ольга Семион-иԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2011 шықәсазы, 88-шықәса дшырҭагылаз.
Хашҭра рықәым зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа. Урҭ ргәалашәара лаша наӡаӡа ҳгәаҵаҿы иҟазаауеит.
Ԥлиа Орнелла,
ажурналистика аҟәша
аԥшьбатәи акурс астудент