Аибашьра ҟалаанӡа аизгаҩцәа рхеилак иалаз рхыԥхьаӡара акырӡа ирацәан. Еизыргоз амаҭәарқәагьы еиуеиԥшымызт. Уи аамҭа згәалашәауаны иахьа ахеилак иалоу Анатоли Ҭарбеи Карен Еремиани роуп. Анатоли еизигон амаркақәа, Карен аԥараҿырпқәа.
Карен еиҭеиҳәоит, Аҟәа иахьа ашахматтә школ ахьыҟоу аҭыԥ аҿы лассы-лассы ишеизалоз аизгаҩцәа. Арахь иаауан Асовет еидгыла зегьы аҟынтә. Еимырдон рколлекциақәа. Еиҿцаауан.
«Хәы змамыз амаҭәарқәа- асааҭқәа аорденқәа анааргоз ыҟан. Ҳара усҟан ҳҿан, усҟак иаҳзеилкааӡомызт», - ҳәа игәалаиршәоит уи аамҭа Карен.
Аизгаҩ 76 шықәса ихыҵуеит. Аԥараҿырпы аидкылара далагеит фышықәса анихыҵуаз. Уи шыҟалаз атәы еиҭаҳәауа Карен иҳәоит, раԥхьатәи иԥараҿырпы дызлахысуаз аимҿаԥа ала ишиԥсахыз.
«Николаи I дызныз 1849 шықәса рзы иҭыжьыз амааҭ иман сҩыза. Сара сиит 1949 шықәса рзы, убри аҟынтә исҭаххеит уи. Аимҿаԥақәа ҩба сыман. Акала еиҭнысыԥсахлеит. Уи акәхеит, саланагалеит», - еиҭеиҳәоит аизгаҩ.
Карен еизигоит Урыстәыла 19-20 ашә. азы иҭыжьыз амааҭқәа. Ирҳауаз аԥарақәа ишьҭуан иколлекциа ахарҭәаарахь. Аибашьра иацәынхаз уажәгьы имоуп.
«Исҭахын Урыстәылатәи амааҭқәа ааныжьны ҳаԥсарқәа реизгара салагарц, аха рыхәқәа цәгьоуп. Алшара усҟак исымам. Ааигәа Аԥсҳа Леон дызныз ахьтәы ԥараҿырпы ԥхәыск иаалхәеит 180 нызықь мааҭ ҳәа. Саргьы исгәаԥхеит, аха иааг. Изгеит араӡны иалхыз. Уажәы Сариа Лакоба дызну аасхәеит. Даара иԥшӡоуп», - иҳәоит аизгаҩ уи дахыҽхәауа.
Карен иажәақәа рыла, ҳаԥсарқәа иаҳа ирацәаны иҭыжьзар, атәыла ахыԥша аларҵәаразы ихәарҭахон. Аԥсны ақалақьқәа тыжьзар ҟалоит, ауахәамақәа зну ҭыжьны шҳамоу еиԥш, иазгәеиҭоит иара.
Карен акыршықәса Аԥсны аизгаҩцәа рхеилак дахагылан, аха шықәсқәак раԥхьа имаҵура Олег Папасқьыр ииҭеит. Олег занааҭла дзиндырҩуп, аизгара дамҽханакит хышықәса раԥхьа, иҩыза ибзоураны.
«Иара еизигоит агравиурақәа, ачерқесцәеи аԥсуааи ирызкны. Аматериал рацәаны имоуп. Уи еснагь бзиа ибаны сахәаԥшуан. Иаԥшьызгеит схаҭагьы салагарц. Аха, агравиурақәа санрышьҭаз, еиҳарак исԥыхьашәоз ашәҟәаартқәа ракәын, Аԥсны асахьа ареволиуциа ҟалаанӡатәи аамҭа, 1900-1915 шықәсқәа ирыҵаркуа. Ирацәаны ашәҟәаартқәа ҭыжьын усҟан. Аҟәа, Афон ҿыц, Гагра, Очамчыра, Гәдоуҭа ахьаныз. Уи самҽханакит. Иҟоуп издырыз ҭыԥқәак. Усҟан иҭыхыз хыбрақәак иахьагьы игылоуп, есыҽны ҳрывсуеит», - еиҭеиҳәоит Олег.
Аизгаҩ иԥылоз аматериал рацәан аҟынтә, иӡбеит аамҭалеи ақалақьқәеи рыла реихшара.
«Аханатә иааубо зегьы аахәара уалагоит уԥсы ҭәырцаз, аха нас реилыхра шаҭаху еилукаауеит. Ахә иаҳа измоу, аҵакы иаҳа измоу, имаҷу, иҭзыжьуаз, иахьыҭрыжьуаз, ирацәаны икьыԥхьыз, иаҳа зхыԥхьаӡара маҷыз уҳәа», - иҳәоит Олег.
Хышықәса ирылагӡаны иара еизигеит дызхыҽхәаша ашәҟәаартқәа. Дара зегьы альбом иагәылаҵаны имоуп. Ҳаиԥылараан акакала даланахалан иаҳирбон, рҭоурых ҳзеиҭаҳәауа. Знык уаналанагала, аангыларагьы цәгьоуп, иҳәоит Олег.
«Исымоуп ҭыԥк ахьану ашәҟәаартқәа ԥшь-аамҭахҵәахак иаҵанакуа. Урҭ рыла аҭыԥ аҽшеиҭанакуаз убар улшоит. Аҭыхымҭаҿы иану ала, аҭоурых еилукаар ҟалоит. 100 шықәса зхыҵуа аҭыхымҭа унапаҿы икны, иахьа уи лабҿаба иубар улшоит. Ус еиԥш алшара ахьҳамоу агәахәара ду снаҭоит. Ари ҳҭоурых аиқәырхарахь ухьанарԥшуеит, аҭҵаарахьы унанагоит. Уқалақь еиҳагьы нап адкыла ахьчара уалагоит», - иазгәеиҭоит Олег.
Иара иаҳирбаз ашәҟәаартқәа рҿы еиқәханы иҟоуп напыла иану аҩырагьы. Шәара шәазхәыц, 100-шықәса раԥхьа Аԥсны иаҭааз ауаҩ џьара ишьҭуеит ацҳаамҭа, убри аан дызҭааз ақалақь шибаз атәы ахьиҳәо. Иџьаишьаз, игәаԥхаз, иаликааз атәы уаԥхьоит.
Олег инапаҿы иҟоу ашәҟәаартқәа рахьынтә зегь реиҳа ижәытәӡатәиу аҭыхымҭақәа ҟаҵан 1900 шықәса рзы. Уи ашәҟәаарт ахаҭаҿы иануп. Џьара иақәгылоуп амҳәыр, уигьы аҭҵаара уаналагалак, иуанаҳәо рацәоуп. Иара иеизгамҭақәа ааихәоит еиуеиԥшым асаитқәа рҿы, «авито» (урыстәылатәи асаит еиуеиԥшым алаҳәарақәа ахьыҟоу) уахь иналаҵаны.
Ашәҟәаартқәа ибзианы уахәаԥшны аҭҵаара уаналагалак, иара ауникалра уагәыланахалоит. Џьарак Олег иԥыхьашәеит ԥсышәыла иҟаз аҩыра, алатинтә шьаҭа змаз, алфавит ала иҩыз. Иара иҳәоит, дарбанзаалак аизгаҩ дшашьҭоу иуникалтәу амаҭәарқәа. Ус Олег дрышьҭашәарыцо ас ду анауз аамҭазы иҟаҵаз ашәҟәаартқәа.
«Ари ахҭыс атәы змаҳац дыҟам, убри ауп иара ауникалрагьы залоу. Исҭахуп ус еиԥш ашәҟәаарт сколлекциаҿы иҟазарц, аха ахә ҳаракуп. Аизгаҩцәа зышьҭоу ауникалра зҵоу ауп. Иҟалалоит имаҷны иҭыжьыз акы акәзар, мамзар грак амазар. Ус еиԥш иҟоу ахәгьы иаҳа иҳаракуп», - иҳәоит Олег.
Убри аан ашәҟәаарт ԥаршеиқәа зынӡагьы иуқәшәаӡом. Уи ҟаҵашьа змам усуп, иҳәоит аизгаҩ.
Олег ашәҟәаартқәа рыдагьы, аханатә дадзыԥхьалаз агравиурақәагьы имоуп. Карла Сирена лышҟәы «Аԥсны аныҟәарақәа» ҳәа хьӡыс измоу аҟынтә аҭыхымҭақәа реизгара даҿуп. Ашәҟәы бӷьыц -бӷьыцла ирҭииуеит, избанзар иара ишеибгоу аԥшаара уадаҩуп шьҭа. Аҭыхымҭақәа рҿы иубоит ауахәамақәа Бедиа, Мықә, урҭ рыҩныҵҟа ишыҟаз. Иҟоуп агравиура - Оқәым ақыҭан ауаа аус анырыӡбоз атәы зҳәо. Олег дахьзиндырҩу аҟынтә уи аинтерес изцәырнагеит. Ус еиԥш уаҳа џьаргьы иԥышәамхьацт.
«Аизгараҿы аус злоу, зегьы аахәаны наҟ салгандаз ҳәа акәӡам, ара еиҳа аинтерес зҵоу иурҳауа адыррақәа роуп. Апроцесс зегьы иаҳа аинтерес сзаҵоуп, анаҩс, амаҭәар снапаҿы ианыҟалалак иснаҭо агәахәара. Ари ԥаратә лагалоуп, ҳәарада, аха уи ԥарарҳарак аҳасабала ахашәала ду узҭо акәны иҟаӡам, - иҳәоит Олег.
Азиатәи аамҭа инаркны Аԥсны аизгаҩцәа ыҟан. Ари аус еиднакылоз ауаа рацәан, усҟан иаԥҵан ахеилак, иахьа Олег дызхагылоу.
«Уахь снеира машәыршәа иҟалеит, аха сақәшәеит здыррақәа ҵаулоу ауаа рхеилак ахь. Ари аус иацу ахәарҭара рацәоуп. Уҿаԥхьа иқәургылоит ахықәкы, уи анагӡара уҽазҵәылхны уашьҭоуп. Аԥынгылақәа уриааиуеит, иҭуҵаауеит, иуԥшаауеит. Аԥара еизугоит. Иззуҭахугьы удыруеит. Иахьныхтәу еилкааны иумоуп. Ари зегьы хәарҭоуп аԥсҭазараҿы. Амаҭәарқәа еизызго ауаҩы уи аҭоурых здыруа иоуп. Акы уанашьҭоу иуԥыхьашәоит хәы змаӡам егьырҭ Аԥсны иадҳәалоу амаҭәарқәа. Ус аукцион аҿы исыԥшааит 19 ашәышықәасан иҟаз абонқәа. Дара зегьы еиԥшуп уахьрыхәаԥшуа, аха уаҟа иаархоуп амҳәыр, изҵазкуаз аҭыԥ атәы зҳәоз. Ус Аԥсны иатәыз ҳаԥшаан иааҳхәеит Абанк амузеи азы. Абриала Аԥсны иҟаз акультура рацәа аарԥшра ҳагәҭакуп. Амузеи афондқәа еснагь ихарҭәаахоит», - еиҭеиҳәоит Олег.
Аԥсны Абанк амузеи анапхгаҩы – Асҭамыр Ҭаниа ихаҭа деизгаҩуп. Урыстәыла аҳра иаҵанакуаз 1918 ашықәс азы иҭыжьыз аԥараҿырпы иҟәшәон. Избан иҟәшәон? Избанзар, Асҭамыр абжьааԥны аизгаҩ илоу алашыҩкра ихатәы коллекцизы ицәмаҷхеит, избанзар, уажәы иара дзышьҭоу Аҳәынҭқарратә банк иатәу амузеи аколлекциа ахарҭәаара ауп. Ихатәы коллекциа акәзар, аизгара далагеит ашкол дышҭаз, абанкнота ҳамҭас ианирҭа. Иара зықь мааҭ ицон, 1918 шықәса рзы иҭыжьын.
«Еснагь иалхтәуп еизугар иуҭаху атема, аамҭа ахҵәаха. Избанзар, адунеи аҿы иҟоу аԥараҿырпқәа зегьы реизгара - нагӡашьа змам аусуп. Ус, Урыстәыла аҳраҿы иҭыҵуаз аԥараҿырпы зегьы аизгарагьы ауам. Аха, уажәтәи аамҭазы изҭаху имоуп алшара аԥсуа ԥараҿырпқәа зегьы реизгара. Иааидкыланы дара 80 цыра ыҟоуп. Ҳбанкнотақәа ракәзар, урҭ реизгара еиҳагьы имариоуп. Иҭыҵит, иааухәеит, ишьҭаҵа. Аханатә ахә мариоуп, аха нас ихалоит, ҳԥараҿырпқәа аԥхьа иҭыҵыз ҩынтә рыхәқәа ирыцлеит. Дара аинтерес рыҵоуп азы, уи ауп рыхәқәагьы изацло. Иҟоуп Аԥсны аколлекционерцәа ҳаԥсарқәа зегьы харҭәааны измоу», - еиҭеиҳәоит Асҭамыр.
Иара иажәақәа рыла, аизгаҩ иус – уи аизгара мацара акәӡам, ахыԥхьаӡаразы еизызго маҷҩуп, иудыруазароуп еизуго ҭоурыхтә ҵакыс иамоу, шаҟа иаԥсоу.
«Иаҳҳәап, аԥараҿырпы иамоуп ашәага-зага, иара шыҟаҵоу ала еилукаар улшоит ишыҭрыжьуаз, иахьыҭрыжьуаз, усҟан атәылаҿы аҳра зуаз акультура. Аха ари зегьы иаԥхьатәуп унапаҿы иҟалаз амаҭәар аҟынтә. Уахьахәаԥшуа ԥшра дук амамзар ҟалоит, аха аҵакы ӷәӷәазар алшоит. Амаҭәар ҭҵаатәуп, еилкаатәуп. Уи ауп аклуб заԥҵоугьы, аколлекционерцәа ркультура, рдунеи аилкааразы», -иҳәоит Асҭамыр Ҭаниа.
Аԥсны аизгаҩцәа еидызкыло ахеилак далоуп афилателист - амаркақәа еизызго, дыҟоуп филокартист – ашәҟәаартқәа еизызго, дыҟоуп иара убас аԥараҿырпы еизызго, аха арҭ ахырхарҭақәа зегьы адунеи аҿы еиҳарак иҿианы иҟоу роуп. Аԥсны аизгаҩцәа ирҭахуп ари аус иадрыԥхьаларц дара реиԥш иҟоу ауаа, аҿар, ҿыц акы аизгара аԥшьызгарц зҭаху. Аԥышәа змоу рдыррақәа урҭ ирыцеиҩыршарын, иҟоу аҿыцрақәа рзеиҭарҳәарын. Ишдыру еиԥш, аҭоурых адырра ԥеиԥш еиқәырхагоуп.
Альбина Жьиба