Абри азы Адҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны Ахада Ахада иԥапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба.
Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба хадара ззиуа акомиссиа иалоуп Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Владислав Арӡынба ицнагаҩцәа.
Џьансыхә Нанба имҩаԥигаз аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит аиубилеитә мшқәа раан инагӡатәу аусмҩаԥгатәқәа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәылатәи аҵарауаа злахәу аҭҵаарадырратә конференциа.
Аилацәажәара иалахәыз акомиссиахь ажәалагалақәа наргоит ахәаԥшразы.