Асолдаҭцәа Рыԥсадгьыл аҿаԥхьа аҭоубашьҭаҵара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аштаб аиҳабы Алхас Жьиба.
Ҿыц арра инанагаз аруаа аԥсышәала арратә ҭоубшьҭарҵеит. Уи рхы аладырхәит ҿыц инарыԥхьаз аруаа ркомандаҟаҵаҩцәа, рҭаацәа, рыуацәеи рҭынхацәа, иара убас рҩызцәа.
Арратә ҭоуба шьҭазҵаз рахь ихы нарханы Алхас Жьиба арратә ҭоуба ашьҭҵара амш – дарбанызаалак ахаҵа иԥсҭазаараҿы акырӡа зҵазкуа мшуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ҿыц инарыԥхьаз аруаа рҭаацәеи ркомандҟаҵаҩцәеи ҭабуп ҳәа раҳәо, урҭ рырратә уалԥшьа ишахәҭоу ала ҭакԥхықәрала ишынарыгӡо, фырхаҵарыла рыԥсадгьыли рыуаажәлари рхьаԥшымреи рхақәиҭреи рыхьчара шрырдыршо азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
Анаҩс аруаа ирымоу ацәаҳәақәгыларатә ҽазыҟаҵара аадырԥшит, ркомандаҟаҵаҩ идҵақәа нарыгӡеит.