Маҷк аҭоурых

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш Март 8 ҳтәылаҿы иазгәарҭо иалагеит 1908 шықәса февраль 28 рзы.

Аха иазгәаҭатәуп 1910 шықәса рзы ареволиуционер Клара Цеткин Копенгаген ақалақь аҟны лхаԥшьгарала аџьа збаз аҳәса рџьабаа инамаданы, урҭ хаҭала ирызкыз амшныҳәа ахьрымамыз азгәаҭо, иагьазалырхит Ааԥын раԥхьатәи амшқәа руак – Март 8.
Уи нахыс Клара Цеткин лыбзоурала Адунеизегьы аҟны иазгәарҭо иалагеит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш – Март 8. Ари аныҳәа аҽны дарбанызаалак алшара имоуп иан, иаҳәшьа, иҩыза ргәы аҟаҵара, ажәа хаақәа раҳәара. Иџьоушьаратәы иҟоуп, ари аныҳәа ашазгәаҭо ааԥынразы, ианҿыхо аҵарақәа, аԥсабара аԥшӡара уанахнахуа, амра угәалаҟазаара шьҭызхуа аныуҿаԥхо. Аҳәса – насыԥла изыхьчо аҩнаҭа, ааԥынра еиԥшу–аԥхарра зхылҵуа, абзиабара агьама узыркуа роуп.
Иааиуа аныҳәа шәыдныҳәало ишәзеиӷәаҳшьоит аԥсҭазаара лахҿых, анасыԥ бзиа, агәабзиара, агәамч!

Илана Ԥачлиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me