Аслан

Аслан

Аԥсны Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц инагӡаны ишьақәыргылахеит. Жәабранмза 20, 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟала Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәас ишьақәырӷәӷәахеит: Адлеиба Асҭамыр, Ашба Роберт, Гериа Роман, Џьынџьал Сократ, Кьычба Гәыли, Лолуа Лиудмила, Ломиа Оҭар, Миносиан Вараздат, Осиа Леонид,  Ԥлиа Давид,  Ԥиԥиа Ҭемыр,  Страничкин Алеқсандр, Хапат Низам.

Хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса мшаԥымза-рашәа­рамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьареи анаԥхьара инақәы­ршәаны аррамаҵзура иахысуаз рхы рақәиҭтәреи рзы. 2023 шықәа мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, аррамаҵзурахь анаԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьара.

Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аҟәа, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны имҩаԥысит аполитикатә партиа «Амцахара» XIV аизара ду. Уаҟа иалацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аҩнуҵҟатәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа, ауаажәларраполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аизара ду даҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит аделегатцәеи Аԥсны жәлари ихы рықәкны.

Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәит.

«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥ ԥшӡарақәа  рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рӡыргаразы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада  Леуан Адлеиба.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 30 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Мшаԥымза 4 инаркны 7 аҟынӡа Аахыҵ-Уаԥстәыла имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны акультура Амшқәа.  Цхинвал ақалақь аҿы аҿар ртеатри, жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи аҳәынҭқарратә ансамбли ықәгылараны иҟоуп.

Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны акультура Амшқәа раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркхоит мшаԥымза 5 рзы. К. Л. Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбахоит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инанагӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рмотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль «Аибашьра ахымш рҽны». Мшаԥымза 6 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Рҳәынҭқарратә ансамбли аԥсуа естрада артистцәеи рықәгылара  азгәаҭоуп.

Апсныпресс. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.

Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иаҿуп. «Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкааразы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рпроблема аӡбаразы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», – ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара  аҭак ҟаҵо, иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.

Хәажәкырамза 20 азы атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограммала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me