«Абаҩхатәра злоу, иаарылукаауа аҿар ҳадкыланы, ҳажәлар рҭоурых, рбызшәа, ркультура аиқәырхара азықәԥара, ҳаилазаараҿ еиҳа зсоциалтә ԥсҭазаара ԥсыҽу рыдгылара – абри ауп ҳаиҿкаара ҿыц зегь раԥхьаӡа хықәкыс иамоу» – лҳәеит лара. «Асеиԥш аиҿкаара аԥҵара ҳара хықәкыс иҳамеижьҭеи акрааҵуан, уи азҵаарала аӡәырҩы ҳрыҿцәажәеит. Иҳамоуп аԥҟаԥҵәа, апрограмма. Иара убас ҳаимадоуп Урыстәылеи Беларуссиеи аус зуа Аҳәса Реиҿкаарақәеи ҳареи. Мчыс иҟоу аамысҭашәароуп, аидгылара ахьыҟоу иҟоуп алҵшәа» – абас ихлыркәшеит лықәгылара.
Апресс-конференциа иалахәын Аҳәса Шәачатәи Реидгыла аиҳабы Татиана Ромашкина, аҵарадырра аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭанда Саӡба, Д. Гәлиа ипремиа занашьоу апоет, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа, Аԥсны Анацәа Рхеилак аиҳабы Гәыли Кьычба, Очамчыратәи ақалақьтә Еизара адепутат Мадина Шьоуа, убас аӡәырҩы.
Аиҿкаара ҿыц аԥызҵаз ақәыԥшцәа дрыдныҳәало, Гәыли Кьычба илҳәеит: «Имариоуп аиҿкаара аԥҵара, аус злоу, шаҟа қәҿиарала шәҭакԥхықәра нашәыгӡо́, ҳажәлар рзы ишәылшәыршо ауп. Аԥсны аҳәса реидгыла ҳаман ҳара аибашьра ҟалаанӡагьы, уи аганахьала рлагала рацәоуп Белла Қьецбеи Далила Ԥлиеи, аха ҳара хымԥада иаҳҭахуп шәара шәеиԥш иҟоу, ганрацәала здырра ҵаулоу аҿар. Гәыкала ишәыдысныҳәалоит, ҳара ҳадгылаҩцәоуп», – лҳәеит лара.
Ажәа лырҭеит асас, Шәачатәи Аҳәса рхеилак аиҳабы Татиана Ромашкина. Аҳәса Урыстәылатәи рхеидкылақәа дырзааҭгыло, уи илҳәеит: «Ҳара ҳаиҿкаара ахы акуеит 1941 шықәса сентиабр мзазы инаркны, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анцоз аибашьцәа ирывагылан аҳәсагьы, рыжәҩахыр еидҵара иабзоураны еиқәдырхеит адунеи. Усҟан уи дахагылан акосмонавт Валентина Терешкова. СССР анхыбгала иаԥҵан «Урыстәыла аҳәсақәа реидгыла» 2018 шықсазы. Владимир Путин уи ахьӡ «Урыстәыла ауаажәларратә ҳәынҭқарратә еиҿкаара» ҳәа ишьақәирӷәӷәеит. «Ҳара иҳамоуп ҳазҿыԥшыша, ажәакала ишәыдаҳгалашагьы маҷӡам», – иазгәалҭеит лара.
Ауаажәларратә усзуҩы, апоет Владимир Занҭариа аиҿкаара ҿыц анапхгаҩцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, далацәажәеит иара убас аурыс классикцәеи ҳашәҟәыҩҩцәеи реиҿцаара жәытәнатә аахыс иҟанаҵо анырра ҳара ҳашәҟәыҩҩцәа рҳәаақәа рырҭбаараз, ишрыбжьоу аиҩызара, аиашьара.
Апресс-конференциаҿы адныҳәалара ҟалҵеит ауаажәларратә усзуҩы Наталиа Каиун. Ҿыц иаԥырҵаз аидгылаз ргәаанагарақәа рҳәеит, Аиҿкаара ахантәаҩы лабжьгаҩ Ада Кәарҷелиеи, аиҿкаара ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Ада Саӡбеи.
Апресс-конференциа хыркәшо, Аԥсны Аҳәса Реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәмал аиҿкаара аԥҵаразы ацхыраара рызҭоз аҳаҭыртә шәҟәқәа раналшьеит. Уахь иаҵанакуеит Владимир Логинови, аиҿкаара алоготип рзыҟазҵаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша IV акурс астудент Игор Гәыниеи.
Агәыӷра ыҟоуп ари аиҿкаара, неилых ҟамҵакәа ажәлар еидызкыло мчы ҿыцны, цҳа бзианы ишыҟало ала.
Наира Сабекиа