Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ахь иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Аиԥыларахь инеит 150-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа. Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа иазгәеитеит, астудентцәа Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнакра шазыруа, дара рҵараҟны ирымоу алҵшәақәеи аихьӡарақәеи рыла Аԥсназы агәаанагара шышьақәгыло.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Сазанови анаҩстәи аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылара далахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭырҭә хьӡы рыхҵоуп жәҩык арҵаҩцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәу аилатәара мҩаԥигеит, ирылацәажәеит адәныҟатәи аҩныҵҟатәи аполитика азҵаарақәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шәача ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диԥылеит.
Октиабр 4 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини реиԥылара.