2024 шықәса аҩнуҵҟала аргылаҩцәа аусура ду мҩаԥыргеит амца зыцралан иблыз архитектура абаҟа аиҭашьақәыргылареи аиқәырхареи ирызкны. Ҳаԥхьа ишьҭоуп Ацәыргақәҵатә зал хада аусура аларгара иадҳәалоу даҽа етапк.
«Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иблыз ахыбра ахыб иагу-иабзоу аҟаҵара хыркәшоуп», – Спутник абас адырра аиҭеит аргыларатә еиҿкаара «Строимонтаж 2» анапхгаҩы Русҭам Цәеиба.
Иара иажәақәа рыла, аҩнуҵҟа аибыҭаратә усурақәа зегьы мҩаԥгоуп, амҿы иалхыз аҩбатәи аихагыла ашьҭахьтәи аган ҟаҵоуп. Ишьҭыхуп аҭыӡқәа, аколоннақәа, иҟаҵоуп аиха иалху афермақәа.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ахыбра аԥхасҭа ӷәӷәа аиуит 2024 шықәса ианвар 21 азы иҟалаз амцакра иахҟьаны. Амилаҭтә галереиа афонд аҟны ишьҭаз аҭыхымҭақәа 4000 рахьтә зеиқәырхара алшаз 200 заҵәык роуп.