Маҷ-маҷ акәзаргьы

Иқалақьума, иқыҭоума, даҽа ҭыԥума иамоуп иара злалыркаауа, иасаркьоу ахыбрақәа. Асовет аамҭазы Аҟәа ақалақь аҿы убас иҟаз ахыбрақәа иреиуан Аҟәатәи авокзал. Иара аиҿкаашьала, аибыҭашьала, излыхыз амаҭәахәқәа рыла, архитектурала уаҩы илаԥш аднахалон.

Аибашьра ааха ӷәӷәа анаҭеит, ианеилга ашьҭахьгьы ари ахыбра ԥшӡа нападкыламхеит, шьоукы аиҭашьақәыргыларатә усқәа рҽырзыркит, аха иалымҵит. Изыхҟьаз, изынԥаз атәы ҳаҟәыҵып.

Аамҭа иаратәы ҟанаҵон, ахыбра аилаҳарахь ахы архахьан. Ари гәыҵхас, хьаас ирыман аҟәаагьы, ҳақалақь зшьапы алазыргылоз зегьы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала, маҷ-маҷ акәзаргьы, авокзал ахаҿра азырхынҳәра иаҿуп «Аԥснытәи аихамҩа» анапхгара.

Ааигәа Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» аспециалистцәа ихдыркәшеит Аҟәатәи авозкал ахыб аԥсахра, иагыз-иабзаз аҟаҵара. Аихамҩа апресс-маҵзура излаанацҳауала, ахыб злеибаркыз амаҭәахәқәа реибыҭара уҳәа арҽеиратә усурақәа ирыцҵан. Иаԥыхын аамҭеи аҳауа аҭагылазаашьақәеи ирыхҟьаны ицәырҵыз еиуеиԥшым амалырқәа, иаҳҳәап аҭыӡқәа рышьшьара, урҭ злаҟаҵаз амаҭәахәқәа реилабаара, ажьакца.

Ахыб арҽеиразы Аԥснытәи аихамҩа абиуџьет аҟнытә иоушьҭын 39 миллиони 79 нызқь мааҭ.

Аусурақәа ари ала ихыркәшахом, иазгәаҭоуп авокзал аҩнуҵҟатәи ахыбрақәа – аҭуани аҭӡи рҭоурыхтә хаҿра азырхынҳәра. Асаркьа рҭасахоит ашәқәа, аԥенџьырқәа зегьы.

Иара убас ихыркәшоуп Аԥснытәи аихамҩа аусбарҭа хада ахыбра арҽеирагьы. Ирыгу-ирыбзоу ҟаҵоуп аусурҭа уадақәа, ахыб, ахыбра ахаҿра. Абри иазоушьҭын 10 миллиони 458 нызқь мааҭ.

Ҳазну ашықәс азы Аԥснытәи аихамҩа нап анаркуеит  Афонҿыцтәи авокзал ахыбра иагыу-иабзоу аҟаҵара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me