Аслан

Аслан

2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма ианагӡашьоу иазкын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилацәажәара. Абри атәы аанацҳауеит Ахада исаит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Аԥсны Ахада Иусбарҭеи амассатә информациа ахархәагақәеи реимадарақәа рзы аусбарҭа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡоз Смыр Ахра Виктор-иԥа ихы дақәиҭтәуп даҽа усурак ахь дахьиасыз инамаданы.

Аусԥҟала

Абҵара 09, 2023

Беслан Џьопуа ихы дақәиҭтәуп Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дахьыҟаз аҟнытә.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала шықәсырацәала, лыҵшәабзиала русуразы, Аԥсуа телехәаԥшра арҿиараҿы рлагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵоуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵит. Уи иазкыз агәырӷьаратә хәылԥазы еиҿкаан ноиабр 6 азы Аҟәа.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра анапхгареи аколлективи ирыдиныҳәалеит иара анеиҿыркааз инаркны 45 шықәса ахыҵра.

Жьҭаарамза 15 Колумбиа, Барранкилиа ақалақь аҿы иаадыртит адомино азы IV адунеи ачемпионат. Ачемпионат хыркәшахеит жьҭаарамза 22 азы. Уи ахы аланархәит Аԥсны акомандагьы.

Имҩаԥысит VIII – жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны Ҭагалан аԥшшәқәа».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me