Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
Апсныпресс. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.
Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иаҿуп. «Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкааразы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рпроблема аӡбаразы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», – ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Хәажәкырамза 20 азы атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограммала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иааз Аахыҵ-Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ-Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.
Хәажәкырамза 20 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит. Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә усеицураҿы жәларбжьаратәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа. Аиԥылара далахәын Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мақсим Литвинов.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа Имшира идиныҳәалеит.
Абарҭ амшқәа рзы Аԥсны иахьабалак иазгәарҭеит марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра.
1993 шықәса март 15 азы ҳархәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара аҵакы змаз ахәы ҳаракырақәа ааныркылеит. Амотохысратә ҟәшақәа Гәымсҭа аӡиас ахәҭақәак ирырыр акәын, аӷа аԥхьатәи ихырӷәӷәарҭақәа шьҭыхны, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵарц. Аха март 16 азы излагаз ажәылара ақәҿиара амоуит. Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, март 17-18 рзы ҳархәҭақәа хьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит.
«Сара аҧсҭазаара аибарххарақәа схәыҷаахыс срылахәуп, акыр скыдырҟьахьеит, аха уи ацәқәырҧақәа сыҽрымҭакәа иахьа уажәраанӡа сааит.
Ҳара доуҳала иҕәҕәоу жәларуп. Аҳәынҭқарра ашьақәыргылара ҳалшеит. Сара сыжәлар бзиа избоит, рымаҵ аура сазхиоуп. Ҳара жәларык ҳауп, ҭаацәак ҳауп, збызшәа мырӡкәа иаазгаз амилаҭ хәыҷы, урҭ жәлары наӡоуп, ахаангьы иӡуам, иҧсуам».
А.Гогәуа
Абас иуаажәлари ибызшәеи дрызгәдуны дрыхцәажәоит сынтәа 91 шықәса зхыҵуа ашәҟәыҩҩы ду, ауаажәларратә усзуҩы Алықьса Гогәуа.
Дарбан шәҟәыҩҩызаалакгьы алитератураҿы иҷыдоу ихатәы мҩа имазароуп. Ашәҟәыҩҩы аҧхьаҩ изоуп дзыхандеиуа. Убри аҟнытә, имазароуп абаҩхатәра. Аха абаҩхатәра мчыла ашәҟәыҩҩы инапаҿы аагара илшаӡом. Абаҩхатәра аҧсабара инаҭароуп, уи иацзароуп адырра. Аҩбагьы хеибарҭәааны, еицхырааны дшьақәдыргылоит иҭышәынтәалоу ажәа азҟаза.
Аҧсуа ҧхьаҩы аҧсуа шәҟәыҩҩы иҟынтә иаҳарц, ибарц иҭахуп ҳара ҳабжьы, ҳбызшәа, ҳажәа, ҳдоуҳа, ҳкультура уҳәа ирацәаны аҧсҭазаара аганқәа ирыдҳәалоу зегьы. Ҳәара аҭахым, досу ииҭаху иҩуеит, уи дагьақәиҭуп.
Абаҩхатәра иахьынӡаинаҭо иагымкәа аус азызуа, аҩымҭақәа раҧҵара зыҧсҭазаара азку зхатәы дунеи змоу шәҟәыҩҩуп Алықьса Гогәуа.
Ашәҟәыҩҩы ицәыригоит даҽаӡәы изгәамҭо, илаҧш зхьымсуа аҧсҭазаара аганқәа.
Ҳаамҭазтәи аҧсуа прозаҿы А.Гогәуа имоу аихьӡарақәа рыла, ицназго даҽа ҧсыуа рҿиаҩык дыҟам ҳәа иҧхьаӡоуп. Уи инапы иҵыҵхьеит аҧхьаҩцәа рыбжьара инарҭбааны азхаҵара зауз, идеиалеи сахьаркыратә ҟазаралеи иҳараку, тематикала еиуеиҧшым хыҧхьаӡара рацәала ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. Уи иперсонажцәа аӡәи-аӡәи еиҧшымкәа еиламҩашьо аҟазшьақәа ныҟәызго хаҿсахьақәоуп. Урҭ аҧхьаҩ игәникылартә, ихдырраҿы акыраамҭа инхартә, ддырхәыцыртә, ауаҩытәыҩса иҟазшьа бзиақәа иларааӡартә иҵаулоу ахәыцрақәа издырҵысуеит. Жәпаҩык аҧхьаҩцәа ирҳәоит Алықьса Гогәуа ибызшәа мчуп ҳәа. Ааи, ииашоуп, аха убри амчрала ҳара ҳбызшәа даҽа гьамак аҵаҵаны иааирҧшуеит, иҵаулоуп. Уи ишьҭихуа атема, иааирҧшуа ахаҿсахьа, зда царҭа амам ала инҭырҳәцааны аҧхьаҩ идигалоит.
Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рперсонажцәа рхаҿсахьақәа рахьтә иаагозар Елана лхаҿсахьа анааирҧшауа угәы иаанагоит абри аҧҳәыс лыҧсҭазаара зегьы шьаҿа-шьаҿала длышьҭагылазшәа. Избан акәзар, Елана аҧсҭазаара иазааигәоу, иҵабыргу хаҿсахьоуп. Ажәабжь «Аласба» аҟны акәзар, иалагалоу аперсонажцәа, Арсана ихьаа, иара убас изымцәажәо аласба агәҭыха, ахьаа монологла иаарҧшуп. Абраҟоуп иахьааҧшуа ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра, идырра.
Ҿырҧшыс иааҳгар имыцхәхом Алықьса Гогәуа ирҿиамҭақәа рҟынтә иажәа хьыршәыгәқәа: «Ҳбызшәа ҳахәламшәа ианҭаба уи ақәӡаарахь ҳнанагоит», «Иацы – иахьатәи гәалашәароуп, уаҵәы – иахьатәи гәыҕроуп», «Иҧшӡоуп амҩа иану даныҟоу, дыҧшӡоуп ауаҩы, амҩа данану», «Акыр улангьы Анцәа уаниша, ианаамҭоугьы уироуп», «Ҳара ианакәызаалакгьы нцәас иҳамоу Аламыс ауп. Ҳажәлар еиҳа ианыҕәҕәаз, рыламыс ҳаракны ишьҭыхны ианыргоз, азакәангьы убас иазыҟан, иара дара ахьчон, дара – иара. Ажәлар рымаҵ зуҵәҟьоит ҳәа иалагаз, ауадаҩрақәагьы дыриааиуеит, амҩа иашагьы иҧшаауеит. Уи иаразнак ажәлар рҟынӡа инаӡоит, иагьацныҟәоит, даргьы еиднакылоит».
Абарҭ ажәа хьыршәыгәқәа рыла ихыркәшоу, зыжәлар акыр ирзааҧсахьоу, аҧхьаҩцәа рыбзиабара зцу ашәҟәыҩҩ ду изеиҕьаҳшьоит агәабзиара, ижәлари иҧсадгьыли шьардаамҭа дрыгымзааит.
Хамида Аҩӡба
Март 4 азы 13 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵижьҭеи.
Жәаха шықәса уажәаԥхьа, 2010 шықәса март 4 азы акыраамҭа ихьуаз ачымазара хьанҭа иахҟьаны, иԥсҭазаара далҵит иналукааӡаша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Ишдыру аиԥш, Асовет ҳәынҭқарра аилаҳара инашьҭарххны ҳауаажәлар ирхыргаз аибашьра ааха ду анаҭеит Аԥсны аекономика зегьы ааидкылан, шьаҭанкыла иаԥсахит ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа, ҳқыҭақәа рхаҿсахьа. Уаанӡатәи аколнхарақәеи асовнхарақәеи анеилабга, уаҟа аус зуаз ауааԥсыра усурҭада иаанхеит. Ақыҭауаа, аиҳарак аҿар, ақалақьқәа рахь рхы дырхеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа рызцәырнагеит ауаажәлар реиԥш, Аԥсны аиҳабырагьы. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩнҵҟа, изныкымкәа–иҩынтәымкәа анапхгара аҽазышәарақәа иаадырԥшыз ирыбзоураны, ишьақәгылаз абри аҩыза анегативтә ҭагылазаашьа маҷк аҽаԥсахзаргьы, иахьанӡагь ари азҵаара иӡбатәны ишыҟац иаанхоит.