«Ҳаҭыр зқәу ажурналистцәа, амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа!
Ҳтәылаҿы ауаажәларратәи аполитикатәи активра цәырызго акыр зҵазкуа аполитикатә процесс мҩаԥысуеит – Аԥсны Ахада иалхрақәа.
Ари аус аҿы ихадоу аетапқәа иреиуоуп амассатә информациа ахархәагақәа рҟны рҿы алхраҟынӡатәи агитациа.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи ажурналистцәеи русураҿы иҟоу алхратә закәанԥҵареи амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәани ирықәныҟәаларц, апрофессионалтә етика анормақәа нарыгӡаларц, Аҳәынҭқарра Ахадарахь икандидатцәа зегьы рзы еиҟароу аинформациатә ҭагылазаашьақәа аԥырҵаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Алхратә тематика иазку аматериалқәа акандидатцәа зегьы рганахьала аобиективтә ҟазшьа рымазароуп, ганкы иадымцәыло, ииашаны аинформациа аарԥшра иазырхазароуп. Ажурналистцәа Реидгыла Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатцәа раҳаҭыри русуратә репутациеи лазырҟәуа аинформациа аларҵәара мап ацәыркырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Ажурналистцәа ҭакԥхықәрала рзанааҭтә уалԥшьа анагӡара алхыҩцәа ихьыԥшымкәа ргәаанагара, ртәылауаҩратә позициа аарԥшреи иҭышәынтәаланы алхратә процесс аиҿкаареи амҩаԥгареи иацхраауеит.