Уи хыҕьҕьаа-ҿыҕьҕьаа дахысуам иҭаикыз аҵыруа, ицәеиха акыр инарҵауланы иҵеиҵоит...Ашәҟәыҩҩ иакәзаргьы цәаҕәаҩ-бзиак диҩызоуп, истиль, иҩышьа форма – ҽаӡәы инапкымҭа иузадкылом! Убас, зхатәы занааҭ тәамҩахә, лацәааихьшь ҟамҵа амаҵ зуаз, зхатәы бжьы змаз, аҳәатәы змаз, аҳәашьа иақәшәоз журналистны ҳгәалашәараҿы даанхоит ҳҩыза Даур Инаҧшьба.
Даур иқыҭа ҧшӡа, иқыҭа хьӡырҳәага Ҷлоу дышмаҷыз иланааӡаз аҧсихологиа, ацәаҩа ҟаимаҭла аҽцәырнагон иара иахьеи-уахеи дызлагылаз аҳҭны-қалақьаҿгьы. Аамҭаказ иареи сареи аус еицаауан Аҧсуа телехәаҧшраҿы. Идыугалоз атема иаҵаз асоциалтә актуалра иааинырсланы акәымкәа, мҽхакыла ихатәраны аарҧшышьа дақәшәон. Аинтервиу змихуаз, ихәыцшьа ҭиҵаауан, имаршәа акышьа дақәшәон, игәҭыха аҳәашьа дақәиршәон. Убас иреиҕьыз асиужетқәа жәабала иаҳзынижьит Даур Инаҧшьба 1990 шықәса алагамҭаз, ҳастудиахь данымҩахыҵ инаркны. Уи Руслан Ҳашыги Енвер Арџьениеи дрыцны дааит агазеҭ “ Аҧсны Ҟаҧшь” аҟнытә, аҧышәа бзиа иманы, дыӡрыжәны, икалам-ҧынҵа еицҳафыруа. Ателехәаҧшра аредакциа хадахь дааит иаҳа данаҳҭахыз, 1989-тәи ашықәс иарҵысыз Қарҭааи Аҟәааи ринформациатә еибашьраҿы анапырацәа ҳаназгәаҟуаз, арепортиорцәа –ҟазацәа ҳаҿҟьаса ҳанрышьҭаз аамҭазын, ҳҭоурых ацәа анахырхуаз, ҳаҧсадгьыл аҧшәмара анҳамаркуаз, “Аидгылара” ажәлар аӡәк еиҧш ианеиднакылоз амшқәа раан. Убри аҟнытә, иара уажәгьы урҭ ашықәсқәа раантәи ахҭысқәа ирызку арепортажқәеи, ателехәаҧшратә мшынҵақәеи архивтә ҵәахырҭақәа ианырҭааго аамҭазы, Даур идырраҭарақәа ркомпозициатә еиҿыбаашьа, рҧыртларсҭеи реиқәҳәалашьеи уҳәа даҽакы иеиҧшым. Нас убри акәӡами ажурналисттә ҟыбаҩ ҳәа ззаҳҳәогьы? Уи аӡәгьы амгәарҭа иҭигаӡом, арҿиаратә процессаҿы адац-ҧашәқәа арыҕәҕәоит, игәылҭәаауеит.
Шамахамзар, иззымдыруа дарбану Даур Инаҧшьба 1992 ш. нанҳәа 14, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа анҳақәлаз атрагедиатә мшқәа инадыркны аибашьра ҳажәлар риааирала, фырхаҵарыла иааилгаанӡа еиҿикаауаз асиужетқәа, арепортажқәа, аҿцәажәарақәа. Урҭ ииуан, ҵакыла, хҭысла ихаҭәаауан ар ахьнеибацоз, иахьааибацоз, иаҳа амца ахьакуаз, Аҧсны аҵеира шәақьҧынҵала Ҳаҧсадгьыл ахьырыхьчоз, ҽыҭ-ҽыҭла аҕа иахьимҟәыҵырхуаз ахырҕәҕәарҭақәа рҿы, аҿыв-сывҳәа ахқәа ахьеиларҵоз аҭабиақәа рҿы. Иҟамызт ҭыҧк, Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи афронтқәа рҿы Даур иҩызцәа, иоператорцәа иваргыланы дахьымнеицыз... Нас аҳәаанырцәтәи ателекомпаниақәа еишьҭаххы Аҧсныҟа ианаауазгьы, Ануаа-Рхәытәи, ма Ешыра-Гәымсҭатәи, Шубаратәи аплацдармқәа ирызкыз Инаҧшьба ивидеонҵамҭақәа цәашьыркыла ирышьҭан, дара ррепортажқәа рфактаж арыҕәҕәаразын.
Ааи, Даур Инаҧшьба дыруаӡәкын аҧсуа журналистика адокументалтә хырхарҭа, иара убас аинформациатә жанр амч-алша, анырра акырӡа ҧхьаҟа изгаз апрофессионалцәа.
Иразҟы ихыццакцәеит ҳҩыза, арҧыс гәаҳалал ду, заҧсуа бызшәа иахӡыӡаауаз, уи аӡыргара иашьҭаз ажурналист! Аха еицакра ақәымкәа иаанхоит иажәа, инапкымҭа, аибашьратә ҟыба-ӡыбеи ахәшәбылфҩи напышьашәала ирылигоз, ҳҭоурых ҿыцазын хәы-змаӡам акадрқәа.
Ибзианы исгәалашәоит, ҽнак зны Аацы инхоз, тәамҩахә змамыз Оҭанди Агәхаа иашҭаҿы Даур ианиҵаз аибашьцәа рыҿцәажәарақәеи изаацәаны еихәлацәаз марттәи ажәылара ашьҭахь Владислав Арӡынба идҵала иаҧҵахаз ажәыларатә батальонқәеи ирызкыз арепортажқәа рцыҧҵәахақәа, ҟаимаҭла ихы ишаирхәаз Урыстәылатәи актәи апрограмма аспецкор Игор Ростовцев. Аҧсны иахәозар ҳәа Даур зеиуахкы маҷыз иматериалқәа зхы иззархәоз зегьы ириҭон.
Ихьӡ кашәара ақәымзааит еснагь ҧсааиҭак ҟамҵа аҟарул иқәгылаз ҳарратә корреспондент, еиҵагылалааит иара иеиҧш ззанааҭ зхы ахҭнызҵоз ажурналистцәа ҿарацәа!
Владимир Занҭариа,
ААР академик
Даур Ганта-иԥа Инаԥшьба игәалашәаразы...
Макьанагьы ҳахшыҩи ҳгәи ирыднакылом ҳҩыза бзиа, ҳақәла, ҳколлега Даур Инаҧшьба дҳаҧхеит ҳәа... Аха, рыцҳарас иҟалаз, уи егьа иҳадҳамкыларгьы, иҟалаз хҭыс бааҧсуп, цәыӡ дууп.
Дыҟамзар ҟалап ҳжурналисттә еилазаараҿы абри еиҧш иуаҩ қьиаз, иуаҩ гәыҭбааз, иуаҩы аамсҭашәаз. Зегь раҧхьа иргылан - уи дуаҩын, дуаҩы цқьан, дуаҩы ламысын. Убри инаваргылан изанааҭ дазҟазан, дыпрофессионалын, джурналист хатәран. Даур дыздыруан даныстуденыз инаркны. Иқәыҧшра, истуденттә аамҭагьы иҭәын, иҧхан, иҭышәынтәалан. Москва аҵара далган данааи зны агазеҭ «Аҧсны», нас Аҧсуа телехаҧшра рҟны ижурналисттә усура хацыркын. Дыҟаӡам даҽа ҧсуа журналистк Даур Инаҧшьба иаҟара шықәсы рацәала, насгьы иааиҧмырҟьаӡакәа аус зуз Аҧсуа телехәаҧшраҿы. Уи иусумҭақәагьы цқьан, иара ихаҭа еиҧш. Анҵамҭақәа рҿы ииҧшаауаз, дзышьҭаз ибзиаз, иаҧсаз, иҿырҧшыгаз афактқәа ракәын. Даур дреиуамызт аҵәылаҵара иашьҭаз, ауаа еиҿазыжьуаз аинформациа цәырызгоз. Уи ажәа бзиа ихылҵуан, иҽеим акы ибаргьы, дацрамлакәа, иҕыҕымкыкәа ицәыригон изҩыдоу ажәала. Даур иаҟара ауаҩытәыҩса ибзиабара злаз иҧшаара уадаҩуп. Дарбан аҧсуазаалакгьы иара диашьан, диаҳәшьан. Ианҵамҭақәа зегьы рҟны ирныҧшуан ауаа рыбзиабара ицыз.
Даур Ганҭа-иҧа ижурналист баҩхатәра, насгьы иҧсадгьыли иуаажәлари рахь имаз абзиабара еиҳагьы ианааҧшыз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 ш.) аан ауп. Уи арратә крреспондентын, «Агәымшәаразы» амедал ианашьоуп. Даури сареи хаҭала Мрагыларатәи афронт ахь ҳаиццахьан. Усҟан амҩа ҳанықәлоз даасыдгылан дсыҳәеит: «Бымцан, сбыҳәоит, аҕа ҳилсны ҳцоит, даара ишәарҭоуп!» ҳәа. Уи зхиҳәаауаз здыргәышьеит, аха исымуашәа аниба: «Иҭысхуа абжа бара ибысҭоит, бара ибтәызааит, амала бымцан!» иҳәеит. Ҳара усҟан акгьы ҳацәшәаӡомызт... Ҳаиццеит... Уи аҧхьагьы дцахьан Даур Мрагыларатәи афронтахь, дцеит уи ашьҭахьгьы. Хәы змаӡам архивтә анҵамҭақәа ҳҭоурых иазынижьит. Иааиҧмырҟьаӡакәа Гагратәи ахырхарҭа, Гәымсҭатәи афронт, Шроматәи ахырхарҭа уҳәа зегьы дырхысит. Анцәа деиқәирхеит! Даур журналистк иаҳасабала амаҷ инаркны, аду аҟынӡа ажурналисттә жанрқәа аус здимулаз ҳәа акгьы ыҟамызт. Ицааиуан зегьы, аха ҷыдала иара итәышьҭраз аинформациатә жанрқәа ракәын.Иҭбаан итематика. Иҟаӡам Аҧсны кәакьк иара дахьымнеиз, иҟаӡам шамахамзар шҭак иара дахьҭамлацыз. Даур Инаҧшьба ианҵамҭақәа рацәан аҳәаанырцәгьы. Москва, Кремль аҧсышәала ибжьы ҩныҩит. Ари ҭоурыхтә хҭыс дууп!!! Даур Инаҧшьба иҩызара мариан, ицныҟәарагьы маншәалан, дуаҩы маншәалан, имышьҭагьы бзиан, дуаҩы разын азыҳәан. Даур аус ицура зегьы ирҭахын, избанзар, дгәамҵуамызт, алаф иҳәон, дыччон, аҭынчра ицын. Агәрагара уадаҩуп Даур Аҧсуа телехәаҧшраҿы даҳҧылом, даҳбом ҳәа. Ҳҩызцәа гәакьацәа Гарри Дбар, Оҭар Лакрба рыҧсра макьанагьы исзыдымкылац. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿ - Даур Инаҧшьба. Шаҟа игәыхьузеи? Зынӡаск иаалырҟьан... Ухьыӡ аанужьит аҧсуа журналистика аҭоурых аҟны. Наӡаӡа иҟазаауеит уанҵамҭақәа, убжьы, усахьа, уаҧсуара, ууаҩра...
Екатерина Бебиа
ААУ апрофессор