Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Абҵарамза 10 азы аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭеит.
Жьҭаарамза 31 инаркны абҵарамза 4 рҟынӡа имҩаԥысуан XVII ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира». Ишьақәгылаз атрадициала уи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә база аҿы имҩаԥысуан.
Гәында Кәыҵниа-ҧҳа еиҳабыс дызмоу аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа еснагь аҧсуа бызшәа аҿиареи, аӡыргареи, уи рыларҵәареи хықәкыс ирыман, хаҭала, русура аҕьыракгьы ахәыҷқәа абызшәа радҧхьалара иазкын.
Аԥсуа бызшәа аҵара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа, иҿыцу аметодикақәеи абызшәа аҵара ирласу акурсқәа русуреи, уҳәа ртәы дазааҭгылеит Аԥсныпресс акорреспондент дзыҿцәажәаз аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа.
Жьҭаарамза алагамҭазы Туган Мальсагов ихьӡ зху Ингәыштәи Атәылаҿацәҭҵааратә музеи аҟны иаартын Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы ELENA KIRMIZI NAR жәафтәи хаҭалатәи лцәыргақәҵа «Кавказ Афырхацәа».
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Аботаникатә Институт аконференц зал аҿы Анаука Амш азгәаҭара иазкны Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Азеиԥш еизара мҩаԥысит. Амшхәаԥштә зҵаара хаданы иқәгылан Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент иалхра.
Мышқәак раԥхьа Д.И.Гәлиа имемориалтә музеи аҟны имҩаԥысит, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиахь иқәыргылоу, ааигәа здунеи зыԥсахыз Инна Аҳашба лпоезиатә еизга «Аԥсыраӡа» аӡыргара.
Аԥсныпресс. Абҵарамза 1 азы имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара апресс-маҵзура.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра иалоу дыдирдырит иара Иусԥҟала ноиабр 1 азы Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаиҵаз Џьансыхә Едуард-иԥа Нанба.