Ианаамҭоу аҳақьым шәидҵаала!

Ишдыру еиԥш, ашықәс аамҭақәа зегьы рҟынтә еиҳа ихьшәашәароуп аӡын. Уи инамаданы, аӡынразы еиҳа еиуеиԥшым агрипптә чымазарақәа анцәырҵуагьы. Ииашоуп, иҳаҩсыз ашықәсқәа раан, ӡынгьы-ԥхынгьы, аковидтә чымазара аныҟаз аамҭа еиҳа иуадаҩын.

Ахәышәтәырҭақәа рҿы аҳақьымцәа ауааԥсыра ацхыраара шрырҭозгьы, зыԥсҭазаара иалҵуаз маҷмызт. Аха, уи аамҭа уадаҩ аҳақьымцәа рыбзоурала ҳхы ацәаҳгеит…
Сынтәа макьаназы аӡынра асы ҳзамуц, хьҭа бааԥсык уаҩы иааизымычҳауа иҟамлац, аха Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра агрипптә чмазара ргәабзиара ааха анаҭоит, ршоура шьҭыҵуеит, аимҳәа, абаҩхьаа, рыблахаҵ аргьежьуеит, рымч канаԥсоит, ишьҭанаҵоит. Ас еиԥш иҟоу агрипптә чмазара абжаҩык ауааԥсыра ианрыхьлакь, аҩны ишырбац-ишраҳац еиԥш ахәышәтәра иалагоит. Ииашамкәан ирхәышәтәуа ианырмыхәалакь аҳақьымцәа рахь ицоит.
Сынтәа агрипптә чмазара иахҟьаны иҟоу ацәажәарақәа, иарбан хку еиҳа ицәыргоу, насгьы цәырҵшьас иҟоу еилыскаарц слыҿцәажәеит Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиа.
Лара иазгәалҭеит, сынтәа еиҳараӡак ауааԥсыра ирыхьуа агрипп А шакәу, уи аҳәа агрипп ҳәа иашьҭоуп. Уи адагьы иҟоуп агәыҵәкра змоу ачымазара, уи медицинала «мекаплазменнаиа пневмониа» ҳәа иашьҭоуп, иара убас аковид чмазара. Арҭ еиқәыԥхьаӡоу х-чмазарак Аԥсны ауааԥсыра рыҩныҵҟа ирацәоуп. Ахәышәтәырҭахь аҳақьымцәа ирыдҵаало ачымазцәа рацәаҩуп, урҭ реиҳараҩык ашоура змоу ыҟоуп, рхы рыхьуеит, рԥынҵа еихачуп.
Атерапевт хада А. Ар­ҷелиа ла­жәақәа рыла, аг­рипп А зм­оу ҩымш-хымш рыла агәыҵәкра изнырҵасыр ауеит. Убри азы ирыдҵаало ачымазцәа иаразнак иарбан хку ирыхьуа агрипп ҭырҵаарц азы аковидтә тестқәа мҩаԥыргоит, амикроплазма гәарҭоит анаҩс ауп, ачымазаҩ иқәнагоу ахәшәқәа рыла ихәышәтәра ианалаго.

Иара убас дзаҩымсит зегьы ирыцку аҳақьым иабжьгарақәа ауаҩы ачымазара иҽацәихьчарц азы. Ауаа рацәа ахьыҟоу асабрада аҿаҵара шахәҭоу, ачымазаҩ дахьыҟоу ԥыҭҩык ауаа рнеира ишаԥсам, дара рахьгьы ииасыр шауа. Насгьы дарбанызаалак ауаҩы ишоура халар, мамзаргьы хыхь еиқәыԥхьаӡоу асимптомқәа иоур иаразнак аҳақьым ихы иирбароуп. Иазгәалҭеит, ари ачымазара ахгара шырцәыцәгьоу зықәрахь инеихьо ауаа, зрыԥҳақәа зыхьуа, амаалықьцәа. Насгьы иҟалалоит аҳақьым ахәшә иқәнаго изылҩааны аҩныҟа данишьҭуа, имыхәошәа ибар, аҩ­ынтә раан ихәҭоуп дааны аҳақьым ихы ирбара.
Лымкаала иаҳҳәозар, агрипп А, аҳәа агрипп ҳәа изышьҭоу, ашоура ҳаракы унаҭоит, аларҟәрагьы мариаӡам, уи анылаҟәхалак иаразнак ауаҩы ишьақәыӷәӷәараа каҳар ауеит,уи аамышьҭахь ауаҩ имаха-ишьаха ихьуеит, аимҳәа изацлар алшоит.
Аковид чмазара зыхьуа ачымазаҩ еиҳарак ибӷа инархьуеит. Амикроплазма чымазара змоу ашоуреи аимҳәеи рзацуп. Ҳаиҿцәажәараан, еиҳарак ауааԥсыра хыхь еиқәыԥхьаӡоу аҷыдарақәа зцәа иалызбааз рхала аҽыхәышәтәра аҩны иаламгарц, аҳақьымцәа рахь иаразнак ирыдҵаалаларц аҳәара ҟалҵон.
Анжела Арҷелиа иазгәалҭеит, мышкы иалагӡаны 30-40-ҩык ачымазцәа шрыдыркыло, урҭ рахьтә мышкы 7-8-ҩык агәыҵәкра змоу ахәышәтәырҭаҿ ишышьҭарҵо. Дазааҭгылеит дара ишҭырҵаахьоу хышықәса рахьтә знык агәыҵәкра змоу ачымазара ауаа ирылаҵәаны ишыҟало. Убас, сынтәа ҳазҭалаз ашықәси игәарҭахьази еиқәшәеит, убри инамаданы даара ирацәахеит ауааԥсыра рыҩнуҵҟа ари ачымазара.
Ҳаиҿцәажәара аҵыхәтәан Аԥсны ауааԥсыра зегьы ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, агәамч!

С. Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me