Ааигәа Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы имҩаԥысит ажурналист нага Манана Кәакәасқьыр лышәҟәы «Аҟәа архитектура» аӡыргара. Уи иалахәын аҵарауаа, аҭоурыхдырҩцәа, ажурналистцәа, иара убас астудентцәа.
Ашәҟәы аӡыргара иазкыз аиԥылара аартуа Аԥсуаҭҵааратә инстиитут анапхгаҩы Арда Ашәба иазгәеиҭеит автор ишлыллыршаз даара зԥыхьашәара уадаҩ́ыз аматериалқәа рыԥшаара, атема аус ду шазылуз. Манана Кәакәасқьыр лышәҟәы аҿы 1920-1955 ш. рзы иргылаз ахыбрақәа рҭоурых ҭылҵааит. Аҵабыргаз, арҭ ашықәсқәа раан идыргылаз аҩнқәа рҭоурых уԥылоит уарла-шәарла, асовет журналқәеи агазеҭқәеи рдаҟьақәак рҿы.
Ашәҟәы хыхәҭакны ишоуп, автор илылшеит аргыларақәа рҭоурых инарҵауланы ранырԥшра, ҳҭоурых иазҿлымҳау измоу ари ашәҟәы адаҟьақәа рҟны ирыԥшаар рылшоит даараӡа аинтерес зҵоу, иҿыцу аинформациа. Зегьы ирыцкуп афотоҭыхымҭақәа. Ирацәоуп есыҽны ҳабла иабаз, ҳзывсуа аргыларақәа, аха зҭоурых ҳзымдыруа.
Ахԥатәи ахәҭаҿы аԥхьаҩ имԥыхьашәоит, ақалақь иаланхоз ауааԥсыра рхаҭақәа рнапала иҟарҵаз. Уахь иаҵанакуеит еиҭадырҿыцыз амҩадуқәеи, ареконструкциа ззыруз апаркқәеи. «Аҟәа архитектура» автор Манана Кәакәасқьыр лыхәҭаахьала иҭабуп ҳәа ралҳәеит лышәҟәы аҭыжьраҿы ацхыраара лызҭаз, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Ифонд, иара убас хаҭала: Асида Гагәлиа, Светлана Џьергьениа, Анна Керопиан, Азамаҭ Багаҭелиа.
Иазгәалҭеит рыцхыраара шшьардаӡоу аматериал аизгараз илывагылаз Алықьса Дбар, Алла Оҭырба, Таисиа Аланиа, Лиудмила Ажәанба, Ҭина Агрба, Асҭанда Инаԥшьба, Борис Ҷолариа. Аӡыргарахь иааиз зегьы ирзыԥшын ҳамҭас автор лнапы зҵаҩыз лышәҟәы.
Наира Сабекиа