Ашколхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааразы

Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу ахәыҷқәа ргәабзиарахьчаразы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә Центр адгыларала Аԥсны раԥхьаӡа акәны, Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол ала ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагеит.


Аԥсны агәабзиарахьчареи аҵареи рминистрцәа рнапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Инал Габлиеи уи шымҩаԥысуа рыблала ирбарц азы Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол №10 иаҭааит. Адиспансеризациа ианаамҭоу ачымазара аԥшаареи, мамзаргьы уи аԥхьырҟәҟәаареи алнаршоит. Уи еиҵагыло абиԥара рзы акырӡа аанагоит ҳәа иԥхьаӡоит Едуард Быҭәба. Уи иажәақәа рыла, амш иалагӡаны 80-ҩык ашколхәыҷқәа рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Аҳақьымцәа аҵаҩцәа ргәабзиара азеиԥш ҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит «Иааиуа амчыбжь азы иаараны иҟоуп даҽа бригадакгьы, урҭ 10-ҩык аспециалистцәа рыла еибыҭоуп, дара Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы аус рулоит. Ахәыҷқәа зегьы ргәаҭара азы хәба-быжьба амедицинатә бригадақәа радыԥхьалара азԥхьагәаҭоуп», – иҳәеит иара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me