Зегь раҵкыс иҳаракқәоуп Аиишьха захьӡу ахәқәа хҧа. Адгьылқәа чашәын. Жәытәнатәгьы анхарҭа дәы ҟьаҟьарақәа уамак ирацәамызт, аха дара ыҟан. Иқәынхозгьы иреимакырҭан жәахаала акәымкәан, еиҕарала. Излаҳаҳауала, жәла-жәлала аибашьрақәа мҩаҧысуан акыр џьара, ашьоура рыбжьалон, иаақәибахит уҳәартә. Ари ҳажәлар арбзазомызт, аха ҳҭоурых аҿы аҭыԥ аман, иҟауҵои?!
Зыхҭыс цәыраҳгарц ҳгәы иҭоу ажәабжь дуны ираҳауан аижәлантәқәа, абиҧарала еимырдон. Амала, зны ақьаад иузанымҵар, маҷмаҷ ирхашҭуеит, ус ибжьаӡуеит. Иахьа аамҭа убас иҟоуп. Аибҕа иҟалаз ахҭыс, нас уи иадҳәалаз аҧсҭазаара аҵыхәтәан еиҭазҳәалоз Аираа рныҳәаҩ Аиба Борис иакәын. Уи ҳара цқьа ҳизҿлымҳахартә ҳақәымшәеит. Ибзиашәа, хара ихәыцуаз даҽаӡәы, иҧсы анҭаз нҵамҭақәак ҟаиҵеит. Аиба Виктор Ҳақы-иҧа излеиҳәаз ала, ари ажәабжь иаҳаит 90 шықәса зхыҵыз, иаб иаҳәшьа Аиба Анна лҿынтә. Лара илазҳәаз лаб Аиба Ҳазахә иниҵит 121 шықәса.
Излеилаҳкааз ала, аабатәи ашәышықәса иҭагылан. Аибҕа шьхақәа рыхьӡ зхыз Аираа рыжәла мҽхакы ҭбаала дара рыхәқәа ирықәынхозар акәхарын. Ҧшәымара руазижьҭеи, заҟа шықәса ҵуаз здыруадаз. Аха, иахьаанагаз аилкаара ҳцәыуадаҩуп, убасҟан иаацәырҵит Маршьанаа. Урҭгьы ирҭахын арҭ ахәқәа ираҧшәымахарц. Ицәырҵит аиндаҭлара. Иқәибахуазшәа збаз Аираа рыҭаҳмада Шьаҳаҭқьери еицәажәарц Амаршьанқәа ажәа рыбжьеиҵеит, аимак ажәахаала ирыӡбарц. Убасҟан Маршьанк маӡала Аираа реиҳабы, хыцла ахымпал игәыдҵаны дишьит.
Аираа рыҭаҳмада иҧшәма ҧҳәыс Арыдба Уаҭҳара дхаҵамҧҳәысны дааӡан. Ашьоура иақәылкит. Лыхшара макьана ихәыҷқәан азын, лхала лхаҵа иабџьар аашьҭылхын, дҽыжәланы Амаршьанқәа рыҭаҳмада дизкылсит. Иҿагылоз дҟаларын ҳәа имгәыҕуаз жәларык рыҭаҳмада даацәырҵзар, аҧҳәыс еиҿамс ирхианы илымаз лыхҿа игәыҵәҟьа иарбаны идәықәылҵеит. Дшаахынҳәыз рныхаҿ ҭоуба луит Аибҕа Аираа рыда уаҩы дышнымхарыз ҳәа.
Иаразнак аҽеидкылара лҽазылкит. Аамҭа лымамызт. Ҩ-жәлак реиҕара атыгә иазнеихьан. Хә-ҩык лхәыҷқәа аиҵбацәа аҽқәа инарықәлыртәеит. Ҩыџьа аиҳабацәа дзыхьӡаны еизылцаз лырахә инарышьҭалҵеит. Еидылкылаз рыфатә ҽык инақәылҵеит. Рымаҭәақәагьы лхамышҭыкәа иаашьҭылхит. Ҧсоу акыр иаҕьын. Лара, иҵегь дыццакны, Амшын дазкылсырц дгәаҟуан. Рыҧсы еиқәырхатәын Шьаҳаҭқьери ихылҵ.
Аӡиас ирыр, иаарлас Мзымҭа инаӡон. Нырцә ишьҭан лабраа Арыдбақәа рыдгьыл. Амала уи ус мариазшәа убон, аха ҩ-ӡиаск зыбжьаз аижәлантәқәа еиҿымцаашьа рымамызт. Аиаҕара рыбжьалҵон, уи иаанагоз аибашьра, ахырҵәара, ақәибахра адәы иқәзаауан. Мраҭашәараҟа лхы лырхарц дагьазхәыцуамызт. Мрагыларамҩа шьҭылхит. Зҿы днеирыз, дыҧхьазкрыз ҳәа уаҩы длыздыруамызт. Иара ус амҩа данын, амш бзиеи амш цәгьеи шылхылгарыз лзымдыруа, дзықәшәалак дазыхианы, лаб игәыжәла лыманы, Мҷышь аӡиас дазкылсит.
Папцәа ҳәа иашьҭан ацуҭа, уа апапцәа Анцәа имаҵ руан. Издыруада Папцәа ҳәа аҭыҧ хьӡы арацәа хыҧхьаӡара Апапцәа аҿынтә ицәырҵзар? Иахьагьы инхоит Папба зыжәлоу ҧыҭҩык. Ажәла Папцаа, ма Папцава, убри аҭыҧ хьӡы иахылҵит. Хыхь иҟоу имаҵура аҵанакуеит ҳәа рҳәоит. Ауахәама ахәы ҳаракыра иқәгылан. Амаҵуцәа Анцәа иуаамзи! Уаҭҳареи лхәыҷқәеи ара ирыдыркылеит. Лҧацәа арахә рыхьчон, Мҷышь инырынгьы. Лара аҵиаа ахәышә рылылхуан.
Зны Аҧсҳа Мраҭашәарантә дхынҳәуан, ир драҧхьагыланы. Иҧа ҕәҕәала дхәын, аҳҭынранӡа дизгомызт. Зҿы дааҭгылаз рҿынтә еиликааит ауахәамаҿ инхоз аҧҳәыс ахәышәқәа дышрызҟазаз. Длыҿцаан, дзықәгәыҕшаз ҧҳәыск шлакәыз ҭиҵааит. Лара аҳәынҭқар иҧа ихылаҧшра дақәшаҳаҭхеит. Аҧсҳа иҧа ауахәамаҿ даанижьын, дызхамшәалоз иусқәа наигӡаларц, иаҳҭынра Анаҟәаҧиа дазыхынҳәит. Уаҭҳара Аҧсҳа иҧа дылхәышәтәуан, ишьапы дықәлыргылаанӡа.
Игәабзиара ҕәҕәахацыҧхьаӡа, Аҧсҳа иҧа Уаҭҳара лҧеиҵбы дишьцылон. Мҷышь иавҵаланы, ҽыбҕаҟазарыла еицлабуан. Шәарыцара еиццалон. Аҧсҳа иуаҩ даашьҭны, еиликааит иҧа еибашьра дугартә дшыхиаз. Аҷкәын аҳҭынрахьы данцоз, изааигәахаз аҧҳәыс еиба лҧа дигеит, ашьнаҟәмара изиуларц. Аҧсҳа, Арыдҧҳа-Аираа рҭаца ду, илзааицҳаит ашьыжь амра дацгыланы, илҭашәаанӡа дзыкәшаны дзыхьӡаз адгьыл ҭацәқәа лҧацәа ықәынлырхарц.
Лара Аҧсҳа ишлыдиҵаз иагьыҟалҵеит. Лҧацәеи Аҧсҳа иҧеи лыманы, Мҷышь дырын, ашьыжь инаркны, амра лҭашәаанӡа, быжь-ҩык лҧацәа ахьынлырхашаз, аҭыҧқәа алылхит. Лара дзышьҭаз уаҩы дахьнымхоз дгьылқәан. Аӡәы диҧырхагазарц лҭахымызт. Убри азын иҭацәыз аҭыҧқәа ақыҭа рымҽхаркит. Аҧсҳа, Уаҭҳара дылзааит длықәгәырҕьарц. Агәи агәаҵәеи кны, аныҳәаҿа аникуаз, ан длықәныҳәеит, лыхшара абиҧарала еизҳаларц, рыхьӡ-рыҧша рыҧсадгьыл иахыҵәаларц. Убри амш инаркны, лара лыхьӡ Уаҭҳара ахьӡызаауан, лҧацәа Аиба рыжәлазаауан аҧҳәыс еиба илыхшаран азын.
Аҧсҳа арантә иаҳҭынрахьы дцеижьҭеи, ашәышықәсақәа мҩасит. Уи аахыс ари ақыҭа Уаҭҳара ахьӡуп, Аираа рабиҧарақәа еизҳауеит, лара лыхшара ахьынлырхаз ацуҭақәа рҿы. Раҧхьа дахьаангылаз ауахәама иаҳа иазааигәаз аҭыҧ, Мҷышь нырцәтәи ахәы, лҧа еиҳабы Баҽа ихьӡ наӡаӡа иахылеит. Аҩбатәи лҧа Ӡаҕь нхарҭа ишьҭихыз ацуҭа иахьагьы Ӡаҕьрыҧшь ҳәа хьӡыс иамоуп. Уа иҵыхәраауеит аӡыхь. Хәтат инхарҭа иаҳа Мҷышь ахыҵхырҭа иазааигәоуп. Жьаптыхә нхарҭас ишьҭихит Ӡыдаҟәара иахьазааигәаз. Жьакәыр Жьабна изалылхит. Уа адәы иаҳа ихтыран. Лаџ ақыҭагәы акыр иеиҕьеишьеит. Чал итәарҭа акыр абнагәы иадын.
Изларҳәо ала, жәахатәи ашәышықәсаз, аешьцәа Аираа Ҭаҕаџьи Џьанхәыҭи Аибҕа ицарц амҩа иқәлеит. Урҭ Аираа рныхахә аҟәых рқыҭахь иааргарц рҭахын. Амшцәгьа иҭанакит. Хыҵакырҭас ҳаҧы маҷк рыҧшааит. Џьанхәыҭ ачымазара шьҭикааит. Иҧсҭазаара даналҵ, Ҭаҕаџь иашьа изқәа нышәаҭара уа еиҿикааит. Ихала рныха ахьыҟаз иҧшааит, аҟәыхгьы иманы шьҭахьҟа амҩа данылеит. Иагьа џьабаа ибазаргьы, ижәлар рқыҭа дазкылсит. Абиҧарақәа рҽеидыркылан, аныхахә аҭыҧ еицҿакны ирыҧшааит, еиҿыркааит, есышықәса аныҳәара мҩаҧыргаларц.
Ауаҩы идарақәац еснагь дазҿлымҳауп. Аираа ҭаацәарак нхарҭас қыҭак еиҿыркааижьҭеи, ашәышықәсақәа шҵхьоугьы, иахьықәҵыз аҭыҧ иазҿлымҳауп. 2013 шықәса ԥхынгәымза 28 рзы, ҭаацәарак аҿынтә аӡәы идамхаргьы, рҽеизырган, Аибҕа иазцеит. Мҩа мариамызт. Ар рмашьынақәа рыла, хәбаҟа сааҭ ашьхамҩа ианын. Ирыҧшааит иныҳәарҭаны ирыҧхьаӡаз аҭыҧ. Аҭыҧ рыжәлантә ишырныхаз анҵамҭа ахаҳә аҿы инрыжьит. Убри аахыс, гәыҧ-ҩык Аираа есышықәса Аиишьхақәа ирызцоит, агәи-агәаҵәеи арбаны, аныҳәара мҩаҧыргарц.
Аираа лыҧхала Уаҭҳара иқәнагалеижьҭеи, акыр шәышықәсақәа ҳаҩсит. Урҭ рабиҧарақәа реизҳара акыр иманшәалоуп. Ус анакәха, рынхарҭақәа рыҿиара ари ақыҭаҿ мацара изаангыломызт. Ҵаралеи маҵуралеи рыҭбаашьала, дара Аҧсны егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рахь нхара рхы дырхон. Еиуеиҧшым анхамҩа хырхарҭақәа рнапы алакуп иахьа. Рабиҧарақәа рхыҵхырҭа, аҧҳәыс еиба Уаҭҳара ирзышьҭалҵаз адоуҳатә мчы бираҟҵас иркызар ҳәа агәаанагара шьақәгылоуп. Убасҟатәи узықәгәыҕша аҵеицәа рылиаахьеит.
Гыц Асԥа