Мзиа Беиа-ԥҳа занааҭла диуриступ. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, аусҳәарҭақәа рҟны еиуеиԥшым амаҵуратә ҭыԥқәа ныҟәылгахьеит. Аамҭаказы, агазеҭ «Аҭана» аҟны корреспондентс аус луан, иара убас, Аԥсны Жәлар Реизара аҟны аиурист-косультантс дыҟан. (Н. Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабыс даныҟаз ашықәсқәа раан).
Арепотрациа азы аҳәынҭкомитети Акультура афонди рҟны аиҳабацәа рхаҭыԥуаҩыс аус лухьеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы.
Аҵыхәтәантәи 15 шықәса аус луеит В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабыс.
Иахьа Аԥсны ахи-аҵыхәеи Мзиа Беиа-ԥҳа дыззымдыруа шамахамзар дуԥылом, аха еиҳарак урҭ дызлардыруа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак змоу аибашьра аветеран ҳәа ауп.
Ҳәарада, аԥсадгьыл ахьчара еиҳау ыҟам, машәыршақә иҟамлеит ҳара ҳаиҿцәажәарагьы аибашьра атемала иахьхацыркхаз. Мзиа леибашьратә мҩа алацәажәара шылцәыхьанҭаз азгәаҭо, азныказы мап ацәылкырц далагеит, аха нас, лҩызцәа еибашьцәа ирызкыз аепизодқәа акык-ҩбак ҳзеиҭалҳәарц ҳанлыҳәа, акы-ҩба рҿы лаангылара залымшеит, ахҭысқәа аки-аки еишьҭаланы лхаҿы иааиуан, хрыжь-хрыжь, ака-кала илгәалашәоз ахҭысқәа ҳзеиҭаҳәара дналагеит:
–Каман абна ҳалсны ҳашцоз, ҳҩызцәа еибашьцәа ҳарцәыхҟьеит Фениа Аҩӡ-ԥҳаи, арԥыс қәыԥш Адгәыр Амабеи, сареи. Ҳҩызцәа ҳахьрыцәыхҟьаз шаҳзымхоз ҳаӷацәа рмацәаз «ҳҭахеит». Урҭ аҟәҟәаҳәа ҳаихсра ианалага, шьҭахьҟа ҳхьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Аха ашьшьыҳәагьы хьаҵшьа ҳамамызт, «Фениеи сареи убас ҳаҩит, аанда ҳарак ҳахууааны ҳанцоз ҳамбаӡеит».
Ажәакала, адәышшара иқәланы иаауаз ҳаӷацәа ҳарцәыбналаны, ҳхы ԥхьаҳкырц ахьацара ҳалалеит. Фениеи сареи хьацак ашьапаҿы ҿыцха ҳҽынкаҳаԥсеит, Адгәыр наскьашәа даҽа ҵлак днавалеит. Ус сыԥшызар, ахқәа аҿақ-аҿақҳәа ҳазҵаиаз ахьацаҵлақәа ирааханы иҳақәыԥсо ианалага, Фениа хыхь лыҽсықәлыжьит. Слыхьчарц ишыҟалҵоз еилыскааит, аха «иҟабҵо закәызеи» ҳәа изымурц саналага, лара «ашьшьыҳәа уа бышьҭази»,–лҳәеит азныказы иааҿахҵәаны. Фениа қәралагьы дсеиҳабын, сан лқыҭагьы деиуоуп аҟынтә ҳаизыҟазаашьақәа ҷыдан, дсыхӡыӡаауан. «Аԥхьа иааиуа сара истәхааит», – лҳәеит уи, сара ахы саахар ҳәа дсыцәшәаны. Нас лыбжьы ныҵакны Адгәыр иаҳаратәы «Арҭҟәацга ҳәа акыр умоума» – ҳәа ҿаалҭит. «Исымоуп»–ҳәа Адгәыр аҭак аныҟаиҵа, «Абаа аҭҟәара сҭахым, иамуашәа убар арҭҟәацга ԥжәа, ҳаӷацәа рнапаҵаҟа ҳҟамлароуп»-лҳәеит. Фениа лажәақәа ԥсраҽнынӡа хашҭшьа сымам, усҟангьы, уажәгьы исныруеит уи лхымҩаԥгашьа, лхы мшаҭакәа сара сахь иаалырԥшуаз агәыбылра, ахӡыӡаара.
Ԥыҭрак ашьҭахь ахысыбжьқәа еихсыӷьит, ҳаргьы мҩахәасҭак ҳаԥшаан ҳаныланы ҳҿынаҳхеит. Ус ҳашнеиуаз, амҩахәсҭа нымҩахыҵ Адгәыр аӡә ицәаара ибан «Абра аӡә дтәоуп»,–иҳәеит. Фениа иаразнак аӡәгьы дшылымбозгьы «Мирод иоуп» лҳәеит агәра ганы, лшьаҿақәагьы аарццакны амҩахәасҭа днымҩахыҵны уахь лҿыналхеит. «Мирод дабаҟоу ҳәа ҳаизҵаауан», ҳара ҳҩызцәа ҳарцәыхҟьаанӡагьы иара ихабар ҳамбеижьҭеи акыр ҵуан. Ус амҩахәасҭа нымҩахыҵ ацаҟьа ахықә дықәтәаны иара ишиҟазшьаз еиԥш ҭынч, ашьшьыҳәа аҭыҭын ахара даҿын Мирод Гәажәба. «Абра сыҵаҟа ГЕС ыҟоуп, сҭаҭын снахар сабџьар ааибарганы схы сгәаӷьырц сгәы иҭан, ҳаӷацәа ранапҵаҟа сҟамларц азы» – иҳәеит уи.
Анаҩс, Миродгьы иԥсы ҳаԥшәмахан, даҽа мҩахәасҭак ҳаԥшаан, ҳаԥшьҩык ҳаицны ҳҿынаҳхеит. Сара амҩахәасҭа ҳахьаныз ҳаибашьцәа ирыцәкаҳаз арациа сылаԥш ақәшәеит, уи Анцәа иҟынтә аус ауан. Аибашьра ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак занашьахаз Валери Делба аимадарахь дцәырҵит «Актәии бареи шәеимаадоит»–иҳәеит, ҳҟьаланы абна ҳшылаз рдыруан. Ажәакала, ҳахьыҟаз аҭыԥаҿ ааигәа иҟаз раҳәо, еилыркааит зеиԥшырҭаны ҳаҟаз, нас амҩа ҳаҵарҳәо, ирулак абна ҳалыргеит. Абна ҳанылҵ, ақыҭа ҳналаԥшит, ҳаԥсгьы ааиваагеит, аха нас ҳамлакрагьы ааҳгәалашәеит. Исгәалашәоит, Мироди Адгәыри иҿыхны иҳарҭоз аҵәақәа Фениеи сареи «ҳгәыкы-ҵәыкуа» ишаҳфоз…
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан 32 шықәса ирҭагылаз аԥҳәызба еиҿамс, лхатә ҩызеи лашьцәеи аибашьрахь лцара атәы ишазыҟаз дазааҭгыло, «Исымарымкӡеит, аха ргәы ишнанамгоз, ишсыхӡыӡаауаз здыруан», – лҳәеит лара.
Данҭаха ашьҭахь Леон иорден занашьахаз Мзиа лхатә ҩыза Борис Инаԥшьба иԥсадгьыл аиқәырхара ихы ақәиҵеит, дҭахеит март 15-16-тәи ажәылараан. Аха Борис иҭахара ашьҭахьгьы аибашьра данцоз лаҳәшьа лҿы инлыжьыз, 5 шықәса зхыҵуаз лхәыҷы заҵә Омар иахь дыхнымҳәӡеит Аԥсны Афырхаҵа.
Аибашьра еибашьроуп, Анцәа иџьшьаны, шәеибганы шәалҵит, аха шәхатә ҩыза иҭахара ашьҭахь, шәхәыҷы заҵә деиҭымны днымхарц уи иахь ахынҳәра шәхаҿы иааима?–ҳәа азҵаара илаҳҭаз инарҵауланы аҭак ҳалҭеит:
«Зегь Анцәа Ду инапы ҳануп, иҟалараны иҟоу Анцәа ида аӡәгьы иҳаздырӡом, хаҭала, аибашьраан иҟалараны иҟаз, иаҳлахьынҵахоз заа дыршьа амамызт. Аха, сара сазхәыцӡомызт усҟан сҩызцәа рылымкаа сшынхаша. Сҩызцәа сызныжьӡомызт, урҭ сзырԥырҵӡомызт, исызгәакьоу уааны, ҭаацәак реиԥш ҳаизыҟазаашьа ыҟан. Акы срыхәозшәа збон, рааигәа саныҟаз сгәы раҳаҭын еиҳа… Ҳаиқәгәыӷуан, ҳаихӡыӡаауан, ҳгәы еизыбылуан, бзиа ҳаибабон… Зегь ҳаишьцәан, ҳаиҳәшьцәан, хықәкык акәын иҳамаз – Аиааира агара, ҳаԥсадгьыл ахы ақәиҭтәра. Амала знызаҵәык «сзааи» – сҳәо сҟалеит». Илгәалашәаз даҽа еибашьратә хҭыск аиҭаҳәарахь дниасит:
– Ахьҭа, аҷыхь уаҩы изымычҳауа иаҿан, мыш «мыжда» ззырҳәо акәын. Ашьха ҳаҿан, ажәылара цон, ахәцәа ҭыԥк аҿы иааганы ишьҭаҳҵон. Аха урҭ «аҟәараҳәа еиҵасуан» иахьышьҭаз амедиаҳәшьцәа кьаҿқәак нарықәҵаны идырԥхон, Фениа Аҩӡбеи Мирод Гәажәбеи, сареи ҳаицын, аха ажәылараҿы сара ахәцәа ахьынӡалызгоз, дареи сареи ҳаицәыхҟьеит. Акраамҭа сыхабар анырымба «сҭахеит» ҳәа ажәабжь цеит. Ажәылара ашьҭахь ԥыҭрак ҵхьан, аҵхагәҭаны абна сылаланы сышнеиуаз «ҷақ-ҷақ» ҳәа бжьык саҳаит. Абжьы ахьгаз ахь ашьшьыҳәа снаскьазар, асԥычка еихьшьуа абнаҿы дахьнықәиаша аҭыԥ архриара даҿын Асҭамыр Барцыц. Уи сыԥсы шҭаз аниба, дсеигәырӷьаны сышьҭихит… Анаҩс, Мироди Фениеи ҳаԥшааит, урҭгьы ахьҭа иԥсуа ишьҭан. Аха Мирод даара деиҿкааҩын, иахьихәыцызи иахьынтәааигази сыздыруам салафанк иман, Фениеи иареи аԥша рҽацәырыхьчарц ирыҵаҵан, хыхьгьы ирыкәыршан ишьҭан. Ҳәарада, санырба исеигәырӷьеит, рыгәҭа сыбжьадыриеит. Мирод исзыҵәахны имаз «асгушьенка» сҿеиҵеит, уи абжа Фениеи иареи ирфахьан са сыхәҭаа ааныжьны. Аибашьраан иҳамаз, аиҩызара, агәыбылра, аихӡыӡаара, аибашьра ашьҭахь зегь ҳзы еиҳагьы иӷәӷәахоз џьысшьон, аха еицаҳхаагаз, ҳазнысыз амҩа шьоукы иахьырхашҭыз сгәы снархьуеит. Ажәакала, убри ажәылараан, сҩызцәа санрыцәҟьала, убриаҟара ахьҭа сакит, слаҳәит, «уаҳа арахь сааӡом», – ҳәа сгәы иҭысҳәаауа аҟынӡа снанагеит.
Ҳаиҿцәажәараан Мзиа Беиа-ԥҳа иазгәалҭеит аибашьра аҟалара ҩымз шагыз аҳақьымцәа: Ачбеи Гәынбеи напхгапра зырҭоз раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара иазкны аконсультациақәа шеиҿыркааз. Амедицинатә ҵара шлымамызгьы, ацхыраара лас аҟаҵашьа зҵоз, зсиа шьақәгылаз 13-ҩык аҭыԥҳацәа реиԥш, ларгьы агәырлаҵашьа, раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵашьа лдыруан.
Хазы, Амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара шьаҭас измаз «Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» иҭнажьуаз агазеҭ «Аидгылара» аҟны кьыԥхьҩыс аус луан аҟнытә, уи лажәақәа рыла аибашьра ҟалоит ҳәа дшымгәыӷуазгьы, аӡәырҩы реиԥш агәҩара лыман еидысларак ҟамлар шамуа ала.
«Аибашьра раԥхьатәи амш азы акәзар «Ацҳа ҟаԥшь» аҟны сыҟан, С.П.Дбар игәыԥ аҟны. Схатә ҩыза «Аԥсуа гвардиа» далан аҟнытә, аханатәгьы ҳаибашьратә мҩақәа хаз-хазхеит. Август 14 аҽны, 11-ҩык ахәцәа алызгеит сымала. Исгәалашәоит «Ацҳа ҟаԥшь» ааигәа иҟаз аԥҭека иҩназ ахәшәқәа, амедикаментқәа зегь шаҳгаз, еиҭаҵуа амашьына иақәҵаны «иԥхьакны», «аҵәахырҭаҿгьы» ишьҭаҵаны ишҳамаз» – лҳәеит аибашьра раԥхьатәи амш лгәаларшәо.
Анаҩс, абаталионқәа анеиҿыркаа, Мзиа Беиа-ԥҳа далахәын Гиви Смыр командаҟаҵаҩыс дызмаз аԥшьбатәи абаталион.
Аибашьраҿы изныкымкәан «дҭахеит»- ҳәа дыргәырҩахьан, аха лара деибга-дызҩыда, лыԥсы ҭаны лҩызцәа рахь ахынҳәра Анцәа Ду илаҭәеишьон. Иагараан аԥсра абла дҭаԥшхьан, аха лгәы еиҭаԥомызт.
Раԥхьа Мраҭашәаратәи афронт аҟны деибашьуан, нас раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы иаҭахыз ахәшәқәа лыманы ацхырааразы Мрагыларатәи афронт ахь дцеит. Раԥхьа Тҟәарчал дыҟан, нас еиҳа ацхыраара ахьаҭахыз аҭыԥқәа рахь днеиуан. Ахәра ӷәӷәа лоуит Аҭара, уи лажәақәа рыла, лшьапы ахҵәара ақәмыршәакәан аиқәырхара илшеит Лаҭатәи атрагедиаан аверталиот иҭаблыз аҳақьым ҟаза Дмитри Гәынба.
Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, данԥырҟа ҳамҭак аҽыхәшәтәра аамҭа лцәагеит, аха ҩаԥхьа дхынҳәит лҩызцәа аибашьцәа рахь.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Мзиа Беиа-ԥҳа аибашьраантәии уи ашьҭахьтәии аамҭақәа еиҿырԥшуа, «Аибашьраан ҳаззеибашьуаз, хықәкыс иҳамаз ҳдыруан. Иахьа ҳаидызкыло аӡәыкны ҳҟазҵо амч, адоуҳа ҳцәыӡызшәа збоит… Лассы-лассы исгәалашәоит «Не боитесь воины, боитесь послевоенного времени» – ҳәа иҳәоу ажәақәа, урҭ рҵакы аибашьраан сазхәыцӡомызт, инарҵауланы еилыскааит аамҭа анааи, иашаҵәҟьаны аибашьра ашьҭахь» – лҳәеит уи.
Ҳәарада, аибашьра ашьҭахь ауаажәларратә ԥсҭазаара далахәхеит аибашьра аветеран, хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, акырџьара еиуеиԥшым амаҵуратә́ ҭыԥқәа еидылбалахьеит.
Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиа 15 шықәса раахыс В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Аҳәынҭҳқарратә музеи аиҳабыс дыҟоуп, ҳҭоурых аиқәырхара, уи абиԥара ҿа рызнагара дазааԥсоит. Ирацәоуп уи лнапхгарала араҟа еиҿкаау апроектқәа, имҩаԥыргахьоу, еиҿыркаахьоу еиуеиԥшым атемақәа зымҽхазкуа аусмҩаԥгатәқәа.
Ҷыдала ари амузеи зыхьӡ аху Раԥхьатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Рԥыза Ду диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы, уи изкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара нападыркхьеит амузеи аусзуҩцәа. Амузеи аиҳаби уи аусзуҩцәеи рыжәҩахыр еибыҭаны аус руеит, урҭ рыҩнуҵаҟа еиқәырхоуп аизыҟазаашьа бзиеи ҳаҭырлеи ламыс цқьалеи русура азнеиреи.
Мзиа Беиа-ԥҳа насыԥ змоу аӡ́ә лоуп лҭаацәашәаҿгьы, лԥа Омар Инаԥшьбеи уи ихатә ҩыза Адица Шьанаа-ԥҳаи рыхшара еициз, Мзиа лмаҭацәа Данаҭи Арифеи ранду лзы игәазырҳагоуп.
Анра, андура, уи инаҷыданы зыжәлар рҿы Ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр Анцәа изаҭәеишьаз аринахысгьы Ҳазшаз Илаԥш хаа лыҟәгамзааит!
Алиса Гәажә-ԥҳа