Арҿиара лыԥсҭазаара иацуп

Ааигәа агазеҭ «Республика Абхазия» акорреспондент, ажурналист, апублицист, апоет Леила Ԥачлиа илхыҵит 60 шықәса.

Убри инамаданы ҳредакциа ахьӡала слыҿцәажәарц сыӡбеит аԥсшәа аҟнытә аурысшәахь аиҭагара иазҟазоу, зхатәы жәеинраалақәа зҩуа, акыр шықәса раахыс еиуеиԥшым атемақәа рыла зкьыԥхьымҭақәа рбахьоу ажурналист.
Иазгәаҭатәуп, лара даны­хәы­ҷыз аахыс бзиа ишылбоз ажәеинраалақәа рыҩра, дшы­хәыҷыз апоезиахь абзиабара лоухьан. Раԥхьаӡакәны ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 9-10 шықәса анылхыҵуаз. Уи лцәажәараҿы дазааҭгылеит, лан бзиа ишылбоз ажәеинраалақәа рыҩра, аха ахаан акьыԥхь ахь ишцәырлымгацыз. Илгәалалыршәеит, раԥхьатәи лажәеинраалақәа лан ианыллырба – усҟак ишылгәамԥхаз. Анаҩс, Леила лажәеинраалақәа лан илмырбаӡакәа ақьаад ианылҵон. Ҽнак, машәыршақә ан илбеит лыԥҳа маӡала ақьаад ианҵаны илҵәахуаз лажәеинраалақәа. Данаԥхьа даара илгәаԥхеит.
Леила Очамчыратәи абжьаратә школ №3 аҟны аҵара лҵон. Лшколтә ԥсҭазаара лгәаларшәо, даара иԥханы длыхцәажәеит аурыс бызшәеи алитературеи рызҭоз рырҵаҩы Еҭери Григори-иԥҳа Цховребова. Уи апоезиа амҩа анылараҿы анырра ду лылҭеит.
Ҳаицәажәараҿы илгәалалыршәон, ҽнак машәырла лырҵаҩы лажәеинраалақәа зныз атетрад шылбаз, ишылгәаԥхаз. Убри инаркны еиҳа дыгәцаралкуа дшалагаз, аинтерес кны дышлазҵаауаз, иҿыцны илыҩхьоу, изызку уҳәа. Леила ахәбатәи акласс аҟны дантәаз иалылххьан дызҭалоз аинститут. Уи алитературатә институт акәын. Уаҟа аҭаларазы аџьашықәс аҭахын, убри азы ашкол даналга ашьҭахь аусура далагоит ачаи ахьыркапануаз анаплакы аҟны.
Дук мырҵыкәа, аурыс бызшәа амаҭәар ашкол аҿы ирызҭоз рырҵаҩы даалгоит Аҟәаҟа. Уа Денис Чачхалиа инапхгарала еиҿыркаауан агәыԥ алитературатә институт аҭаларазы. Убысҟан иара илеиҳәоит аиҭагара агәыԥ шеиҿкаау. Дҵасгьы илиҭоит Баграт Шьынқәба ироман жәеинраалала иҩу «Песня о скале» аиҭага ацыԥҵәаха, уи аиҭагашьа даара игәаԥхеит.

Анаҩсгьы алитературатә инс­титут данҭалоз аԥышәара лҭиуеит ари ароман ацыԥҵәаха аиҭагарала. Иазгәаҭатәуп, лара аҵара шылҵоз Лев Рудольф-иԥа Озеров исеминар аҿы. Дазааҭгылеит, ари асеминар ишеиднакылоз аинститут аҟны аҵара зҵоз, хаҭала аҩра знапы алакыз астудентцәа. Леила ари асеминар аҿы аҵара шылҵозгьы, зегьы дрызҿлымҳан. Убри азы акәхап мчыбжьык ахь знык Денис Кьыршьал-иԥа Чачхалиа имҩаԥигоз апроза иазкны асеминар лыҽзалалырхәуазгьы. Араҟа досу ииҩуаз ргәаанагарақәа ахҳәаа арҭон, еилдыргон, ажәакала илынаҭаз аԥышәа рацәоуп…
Леила дызнысыз лырҿиаратә мҩа даара аинтерес шаҵоугьы, агазеҭ ахь лымҩахыҵра атәы дазааҭгылар сҭаххеит ҳаицәажәараан. Раԥхьаӡакәны 1991 шықәсазы агазеҭ «Республика Абхазия» аҟны имҩаԥыргон аконкурс, ус­ҟан редакторс дыҟан Тариел Ар­шба. Иазгәаҭатәуп, убасҟангьы даа­згаз аурыс маҭәар лызҭоз лы­рҵаҩы шлакәу. Иара дҵас илиҭоит ҩ-материалк рыҩра. Илгәалалыршәон раԥхьатәи лстатиа шазкыз аиҭагара апроблемақәа ирыцу азҵаатәқәа.
Аиҭагатәқәа дырзааҭгыло ил­ҳәеит, лажәеинраалақәа лхаҿы ацәаҳәақәа анааилак минуҭк ала илыҩуазар, аиҭагараҿы даҽакала ишыҟоу. Уа лхы аус адылулароуп, нас илгәаԥхозароуп еиҭалго, ус анакәымха – илыцааиӡом. Аиҭагара еиҳа акәама-ҵама ацуп, избанзар автор истиль аҩышьагьы ахшыҩҵакгьы уазааигәаны еиҭагатәуп ҳәа лгәы иаанагоит. Убас еиҭалгахьоу рҟынтә иҟоуп Таиф Аџьба иажәеинраалақәа «Деспина», «Легенда Анпсы». Лара лгәаанагарала, даара ибзиан иҭҵааны, анаҩс еиҭагалатәуп. Избанзар, аԥсуа поет ԥсышәала иҩуа иажәеинраалақәа аурыс аԥхьаҩ ииашаны изнагаразы, жәацыԥхьаӡа еиҭаго уалагар, астильгьы агәҭакгьы аҽаԥсахуеит. Урысшәала иаԥхьо ииашан ацәаҳәақәа изнагамзар, аҵакы ыӡуеит.
Аинститут аҟны аҵара анылҵоз, лҩызцәа аӡӷа­б­цәа­ дџьаршьон. Избанзар, да­ра гәыԥҩык еидтәалан ажәеинраалақәа рыҩуан, лара ианылҩуаз уаҩы ибомызт. Леила иџьалшьон иҟарҵоз, избанзар лара еиҳарак лцәа иалаз апоезиа уахынла илзааиуан арифмеи-­аритмеи, уи хаҭала аҵара, ма аҽазыҟаҵара аҭахымызт.
Леила лажәеинраалақәа акь­ыԥхь рбахьеит агазеҭқәа: «Советская Абхазия», «Республика Абхазия», «Рица», «Правда Абхазии», «Эхо Абхазии», «Крунк», «Литературная Абхазия», иара убас ажурналқәа «Аҟәа-Сухум», «Аԥсны – страна души» уҳәа ирацәаны еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа рҟны.
Леила дҭаацәароуп, хҩык арԥарцәа дрануп. Ҳаиҿцәажәара­ҿы слазҵааит «аусуреи анреи реидбалара мариоу, иуадаҩу?» ҳәа. Лара аҭакс илҳәеит, мышкгьы ауадаҩра шылԥымлац лусуреи лҭаацәаратә ԥсҭазаареи реидбалараҿы, избанзар лыҩнтәыусқәа рҟны длыцхраауан ланхәа, анаҩс – лхәыҷқәа. Ҳаиҿцәажәара ахыркәшараан даҩымсит аҭаацәараҿы еснагь аилибакаареи аҳәоуеиқәшәареи аныҟоу, аԥынгылақәа зегьы ушыриааиуа. Лаԥхьаҟагьы еиҳау аихьӡарақәа лзыԥшызааит аԥышәа змоу арҿиаҩы Леила Ԥачлиа!

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me