Алхрақәа рышьҭахь – аилацәажәара

Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны. Уи азкын атәылаҿы аҭагылазаашьеи Аԥсны аерманцәа рхеидкыла ахантәаҩы иҟаиҵаз ааԥхьара алацәажәареи.

Валери Бганба амчратә ус­ба­рҭақәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит алхрақәа раан имҩаԥыргаз аусуразы.
«Раԥхьатәи алхрақәа мҩаԥысит ҭынч. Аха нас иаалрҟьаны аибарххарақәа цәырҵит. Зыӡбахә ҳамоу абжьы зхоу адырраҭарақәеи, анаҩс аерманцәа рхеидкыла аофициалла иҟанаҵаз аҳәамҭеи роуп.
«Аерманцәа рхеидкыла амч­рақәа рыхшыҩ азырышьҭуеит ае­р­манцәа рацәаҩны иахьынхо ақыҭақәа рхадарақәа реиҳабацәа шд­ы­ршәоз. Иҟалаз еилҳаргаро­уп, аибарххара ҳарцәароуп, ус анакәымха, уи иҽеим аусқәа ахы­лҿиаар алшоит», – иҳәеит Бганба.
Ажәалагала ҟаиҵеит аоперат­ив­­тә гәыԥ аԥҵахарц.
«Сгәы иаанагоит, иаԥаҳҵароуп ҳәа аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзуреи аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи алархәны Апрокуратура ха­да анапхгарала аоперативтә гәыԥ, ҳҽазаҳшәароуп абжьы зхоу ан­ҵамҭақәа, иара убас аҳәамҭақәа рҟ­ны иарбоу аилыргара, абри азҵаара аганахьала ақәаԥ ҳаргыларцазы, иҟалаз аҭагылазаашьа ҳарцәарцазы», – иҳәеит Бганба.

Апрокурор хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа иҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркоординациатә еилацәажәара инақәыршәаны аҭагылазаашьа шыҭҵаатәу.
«Апрокуратура аганахьала иаҭаху аусура зегьы мҩаԥгахоит. Агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы, иаҭаху аҭҵаарақәа арбахоит, иагьымҩаԥгахоит», –иҳәеит иара.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут аҭагылазаашьа далацәажәеит.
Аминистр иажәақәа рыла, февраль 16 азы атәылауаҩ Самвел Дашьчиан ахәышәтәырҭахь днеит инылаз ахәрақәа рҭыхразы.
«Ас еиԥш аусқәа рымҩаԥгараан хымԥада иҟазароуп амилициа аусзуҩцәа. Урҭ ахәышәтәырҭахь инеит. Дашьчиан иҿахәы аниҿырхуаз иҳәеит, уи ахәрақәа шинырҵаз иара иашьцәеи ижәлантәқәеи. Макьана арзаҳал алаимҵац, аха иахьа аматериалқәа еиқәҳаршәоит, урҭ дәықәаҳҵоит аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи рраионқәа ҟәша ашҟа»,– иҳәеит аминистр инапынҵақәа назыгӡо.

Аерманцәа рхеидкыла аофициалла иҟанаҵаз аҳәамҭа акәзар, уи макьана ирмоуцт, аха, Киут ишазгәеиҭаз еиԥш, аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрраҿы уи ахаҵгылара иазыхиоуп.
«Иацуха ҳусзуҩцәа иаашаанӡа аус руан. Ари аусура иацаҳҵоит. Џьара уадаҩрақәак цәырҵуазар, ҳара урҭ рҭыԥ иқәаҳҵалоит», – иҳәеит Киут.
Аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Қәычбериа иҳәеит аерманцәа рхеидкыла арзаҳал иахьа ашь ыжь дара рышҟа ишнеиз.
«Изыхәҭоу аҟәша аус ҭнаҵаауеит Апрокуратура хадеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рҟнытә рколлегацәа алархәны. Иаҭаху аусқәа зегьы ҳадаҳкылоит. Атәылауаа рыршәара акәзар, уи аганахьала изыхәҭоу аусмҩаԥгатәқәа наҳагӡалоит», – иҳәеит иара.
Қәычбериа иазгәеиҭеит абжьқәа зтәу раарԥшра шыуадаҩу, избанзар урҭ дәықәызҵоз иажәақәа мап рцәикуеит.
Валери Бганба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа дрыҳәеит аҭагылазаашьеи аерманцәа рхеидкыла анапхгаҩы иарзаҳали ҭырҵаарц. Уаҟа жәпакы ажәалагалақәа ҟаҵан, убрахь иналаҵаны иара иҩныҟа инеины азҵаара аӡбарагьы.
«Сара исҭахын ахеидкы­ла­ ах­антәаҩы шәиазҵаарц ахад­а ина­пынҵақәа назыгӡо изҵаара иӡ­барц ши­ҭахыз», - иҳәеит Бганба.
Уи иажәақәа рыла, аинтернет иҭоуп иара иҭаацәеи иҷкәынцәеи рыхьӡала аршәарақәа, ишакәым ацәажәарақәа зныԥшуа бжьыла адырраҭарақәа.
«Сара ишсарҳәаз еиԥш, уи Гагра инхо Геннади Анқәаб иоуп. Иаби сареи ҳаибадыруеижьҭеи акрааҵуеит, ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп. Уи сыҷкәынцәа рыхьӡала ажәақәак иҳәеит. Исҭахын агәаҭарақәа раан иара убас еилшәыргарц сара сыҷкәынцәа иарбан штабқәоу излоу, алхрақәа ирылахәу ирылахәыму, аӡә изы агитациа ҟарҵо иҟарымҵо».
Валери Бганба ахада иусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Зураб Қаџьаиа дизҵааит мызкы уажәаԥхьа ԥсшьара ицаз аусзуҩцәа, аусурахь изыхнымҳәуазеи ҳәа.
«Шәахәаԥш, аусура имныҟәо зус­ҭцәоу. Актәи абжьыҭараан ҳаблақәа хаҳҩеит азин рымаӡа­мкә­а алхратә штабқәа русура иша­лахәыз азы ахада иусбарҭа аусзу­ҩцәа. Уажәы аҩбатәи алхрақәа рахь ҳаиасит. Сгәы иаанагоит, урҭ аҳәынҭмаҵзуҩцәа рыдагьы рыдгылаҩцәа еизыргап, иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡап ҳәа. Рҭыԥқәа ирхылааит, атәыла аизҳазыӷьаразы аус рулааит», – иҳәеит Бганба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me