Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

 

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков имшира идиныҳәалеит.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аекономика хра злоу азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаҧигеит, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьестәыла Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Абу-Иусуф Банов инапаҿы ииркит Аҧсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан илшамҭақәа рзы, Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы илагаламҭазы, активла имҩаҧигауа аусуразы Абу-Иусуф Банов 2022 шықәса маи 3 азы ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дырҧылеит Аҧсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи аусҳәарҭа анапхгареи. Реицәажәараҿы аганқәа рзааҭгылеит Урыстәылеи Аҧсни рырратә усеицура азҵаарақәа.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ихантәаҩрала имҩаҧысит ауааҧсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аилатәара. Аҳақьымцәа иазгәарҭоит ачымазара ашьҭыҵра ишаҿу, Ковид-19 хәыҵҟьеит араионқәа зегьы рҟны. Хадаратәла ичмазаҩцәахаз ирыдырбалоит аштамм «омикрон», ачымазарагьы рацәак аҽараапкуам.

Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дырҧылеит Башкортосҭан аҟнытәи аҳақьымцәа – Ареспубликатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәша аиҳабы Русҭам Богданови Ареспубликатә клиникатә инфекциатә хәышәтәырҭа апедиатр-инфекционист Никита Трафимови. Аиҧылара далахәын иара убас Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа

ирыланаҳәоит 2022-2023-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:

  • 1. "Афольклорҭҵаара" 01.099 – 2 ҭыҧк;
  • 2. "Аҧсны аҭоурых" (00.01) – 2 ҭыҧк;
  • 3. "Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи" (00.05) – 2 ҭыҧк;
  • 4. "Иаарту азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә) ҭҵаарадыррақәа" – 1 ҭыҧк;
  • 5. "Апатологиатә физиологиа" (03.03) – ҭыҧк (1).

Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи  адокументқәа:

  • – иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәлаҵеи рыхкьыҧхьлаа;
  • – азҵаабҕьыц (анкета);
  • – аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аҧкаанҵа агәылҩаа;
  • – иалху азанааҭ ала ареферат (кьыҧхь бҕьыцк рҟынӡа) иазҧхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • – акьыҧхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ҧҵамҭақәеи, аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;
  • – апотреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • – амедицианатә ршаҳаҭга №286-тәи аформа;

Атәылауаҩшәҟәы иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп.

Адкыларатә ҧышәарақәа мҩаҧгахоит 2022 шықәса, абҵарамза 14  инаркны ҧхынҷкәын 25-нӡа;

Аҧышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыҧхьаӡалахоит 2023 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.

Адокументқәа рыдыркылоит 2022 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 14-нӡа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыҧ ала: ак. Марр имҩа, 9; аҭел: 771-23-45.

ААр аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

Ааигәа имҩаҧысыз Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы ақәҵара рыдыркылеит "Мызктәи ауалафахәы еиҵаӡоу ашәага-зага ашьақәыргыларазы". Ақәҵара апроект налгеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Мызктәи ауалафахәы еиҵаӡоу ашәага-зага шьақәыргылоуп 10 000 мааҭ рыла. Ақәҵара абри апункт иаҵанакӡом аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, абиуџьеттә усҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа, Аҧсны абиуџьеттә система абиуџьетқәа рмалқәа рыла ҧарала еиқәдыршәауа.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрреи афинансқәа Рминистрреи 2024 шықәса ианвар 1 азынӡа иаздырхиароуп, Аминистрцәа Реилазаара ахәаҧшразы инаргарц ауп хыхь еиқәыҧхьаӡоу аусбарҭақәа руалафахәы ашьҭыхразы иаҭаху ахарџьқәа рхыҵхырҭақәа. Ақәҵара амч аиуеит 2023 ш. ианвар 1 инаркны.

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба идикылеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абаза" амилаҭтә хеилак ахаҭарнакцәа. Уи асасцәа дрыдныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит: "Ари хҭыс бзиоуп, избанзар иахьа алшара ҳамоуп Амилаҭтә хеилак "Абаза" ахаҭарнакцәа рҟны ҳажәларқәа рҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рылацәажәаразы". Ахада ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит аҧсуааи абазақәеи рыбжьара аимадарақәа рырҕәҕәара акырӡа шаҵанакуа, ҷыдала иаликааит абри азҵаараҿы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҵакы. "Адырга ҷыда амоуп Тарас Мирон-иҧа Шамба иирамш аҽны ҳаиҧылара ахьымҩаҧысуа. Уи 25 шықәса инеиҧынкыланы аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи рассоциациа напхгара аиҭон. Сара издыруеит шәара шәгәы иҵхо азҵаарақәа. Сгәы иаанагоит, урҭ иахьа иаартны ҳрылацәажәап ҳәа", – иҳәеит Гәынба.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me