Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Сынтәа 65 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит афилолог, афольклорист, кавказҭҵааҩ, Нарҭаа репос аҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аиҳабы, Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Зураб Џьота-иԥа Џьапуа.
Академик ҳаиҿцәажәара хацыркуа, амшира дшазыҟоу азгәаҭо, иажәа дналагеит:
– 65 шықәса иагьмаҷым, иагьырацәам… Хаҭала, сара сықәра рацәасшьаӡом, алабашьагьы ҳамҭас исырҭеит, аха уи макьана ахархәара заацәаны избоит. Хаҭала, амшира сазыԥшны, уи анбааиуеи ҳәа амшқәа сыԥхьаӡом, аха уеизгьы, гәыхыҭхыҭрак сзацуп, ԥхаррак, лашарак сгәаҵа еимнадоит.
Ҳәарада, амшира, аныҳәатә ҟазшьа шамоугьы, уи ныҳәак еиԥш мацара имҩаԥысуам сара сыԥсҭазаараҿы. Ауаҩы ишықәсқәа наскьацыԥхьаӡа, ихы иадиҵо аҭакԥхықәрагьы иацлоит. Хаҭала, сара сышьҭахьҟа инсыжьуа сышықәсқәа рышьҭа санхыԥшыло сзызнархәыцуа рацәоуп: аҭҵаарадырраҟны, уи анапхгара аҭараҿы сзыхьӡаз, сызхьымӡаз, аԥхьаҟа инасыгӡаша уҳәа жәпакы агәҭакқәа, ауснагӡатәқәа.
Сусураҿы, сыҭҵаарадырраҿы даҽа аамҭанык иеиԥшымкәан, уажә еиҳа еилкаарала, дыррала, исымоу аԥышәа ахархәарала иҭышәынтәаланы избоит. Абасала, сусура, сыҭҵаарадырра иасакьаҳәымҭоуп.
Ҳаиҿцәажәараан Зураб Џьота-иԥа инаҵшьны иазгәеиҭеит уи иусура ҩ-хырхарҭак рыла ишеиҿкаау: аҭҵаарадырреи уи анапхгараҭареи.
Ҭакԥхықәрала зус иазнеиуа аҵарауаҩ, хаҭала Нарҭаа репос аҭҵааҩы изы, зегь раԥхьа игылоу аҭҵаарадырра шакәу дазааҭгыло, ҳаиҿцәажәараан иҳәеит, афольклор ахь имаз абзиабара ахы шыҵнаххьаз данхәыҷыз инаркны.
– Ашкол санҭаз, даара ашәҟәыԥхьара бзиа избон. Сахьиз, сахьааӡаз Ҭхьына ақыҭаҿтәи абжьаратә школ аҟны арҵаҩцәа бзиақәа ҳаман, урҭ ирыбзоуроу рацәоуп ҳдыррақәа реизырҳараҿы. Хаҭала, сара срыԥхьон арҵаҩцәа иҳабжьаргоз ашәҟәқәа зегьы. Аҩны сыбжьы рдуны акәын ашәҟәқәа сышрыԥхьоз, исыман исзыӡырҩуаз: сан, саб, сашьа, саҳәшьа уҳәа. Аиҵбыратә классқәа рҟны аҵара сҵон Шоҭа Салаҟаиа Аԥсуа фольклор иазкыз ихрестоматиа санаԥхьоз, уи анырра сызҭаз, аԥхьаҟа афольклор ахь схьазырԥшыз шәҟәуп. Ажәакала, ашкол санҭаз ахы акхьан афольклор ахь исымаз абзиабара. Анаҩс уи хаҭәаахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Уаҟа рҵаҩцәас исоуит, афольклор сгәы азҭазҵаз, зԥышәеи здырреи сымаздаз, фольклористк иаҳасабала сышьақәгылара зыбзоуроу аҵарауаа хатәрақәа: Шоҭа Салаҟаиа, Сергеи Зыхәба, Шоҭа Арсҭаа. Хаҭала, Шоҭа Арсҭаа абызшәадырра садиԥхьалон, аха аԥыжәара агеит афольклор.
1984 шықәсазы, аԥхьаҟа иакадемикхараны иҟаз З. Џьапуа Москва Адунеитә литература аинститут афольклор аҟәшаҟны аспирантура дҭалеит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иҵара даараӡа ибзиоуп ҳәа ианыхиркәша. Уаҟа иҭҵаарадырратә усура напхгаҩыс даиуит аҵарауаҩ ду Виктор Гацак.
1989 шықәсазы аспирантура далганы данаа, усҟан Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс иҟаз Владислав Григори-иԥа Арӡынба аусура дидикылеит. Раԥхьа уи иусура хациркит ҭҵааҩык иаҳасабала.
1991 шықәсазы акәзар, З.Џьапуа иаԥшьгарала Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны Афольклортә лабораториа аартын.
Уи 2004 шықәса раахыс, Аԥсуаҭҵааратә институт имҩаԥнаго аекспедициатә усурақәа дрылахәуп.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рҿы афольклортә материалқәа реизгара рҽазыршәо иалагахьан ҳҵарауаа. Аха хықәкыла, Ҭырқәтәыла аекеспедициақәа рымҩаԥгара гәҭакыс иҟаҵаны, 2007 шықәсазы З.Џьапуа ибзоурала, уи аус здиулоз апроект Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ирыдыркылеит 2009 шықәсазы. Убри ашықәс нахыс, 10 шықәса ҿҳәарас измаз аекспедициатә ныҟәарақәа хацыркын.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыбзазашьа аилкаареи урҭ ртрадициатә ҭагылазаашьа аҭҵаареи, иааидкыланы афольклор аизгареи, анҵареи ирызкыз, хықәкыс измаз апроект даара мҽхакы ҭбаала имҩаԥгаз, еиҿкаара бзиала имҩаԥысит.
Акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит 2011 шықәсазы афольклорҭҵаараҿы иҿыцу аҭҵаарадырратә хәышҭаара, З.Џьапуа напхгаҩыс дызмоу, иаԥшьгаралагьы еиҿкааз, «Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр» аартра.
Ари ацентр аартра, Аԥсны анапхгара шадгылаз, ацхыраара шарҭаз азгәаҭо, З.Џьапуа иҳәеит, усҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иҟаз Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь Ацентр аартра дахьымӡакәан, иԥсҭазаара дшалҵыз, анаҩс, Александр Золотинск-иԥа Анқәаб ишгәыгәҭаимыжьыз. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Алеқсеи-иԥа Гәарамиа иакәзар, дшахаҵгылаз, ауниверситет анапхгара иахьагьы изҿу аус ргәы азҭазҵо ишрывагылоу:
«Ари ацентр аартра хықәкыс иамоуп аҿар рааӡара, урҭ афольклорҭҵаара аус агәбылра дыркра, разхьаԥшра, рԥышәа аизырҳара. Убри аҟнытә, араҟа аус руеит аҿар рхаҭарнакцәак: Наала Барцыц-ԥҳа, Саида Ҳаџьым, Мадонна Ԥлиа-ԥҳа, Есма Ҭодуа-ԥҳа, Неонила Ҳаразиа-ԥҳа.
Афольклор ахырхарҭа аԥсуаа ҳҿы даара иҵаулоу атрадициақәа маҷым, урҭ рахьтә еиқәырхоу шыҟоугьы, иҭҵаам рацәоуп.
Афольклортә материалқәа реизгара, аелектронтә версиақәа рышьақәыргылареи аекспедициақәа рымҩаԥгареи шьаҭас ирымоуп.
Хаҭала, астудентцәа еизырго афольклортә ҭҵаамҭақәа аус рыдулара ахьеиҿкаау Нарҭдырра ацентр аҟны ауп», –иҳәеит ацентр аусзуҩцәа ҿарацәеи ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Какобеи иареи қәҿиаралатәи русеицура иалҵшәаны, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентри рыбзоурала акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа шҭрыжьхьоу азгәаҭо.
З.Џьапуа Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы ирацәаны дрылахәхахьеит еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә конференциақәеи, асимпозиумқәеи, аекспедициатә ныҟәарақәеи. Аҭҵаарадырра иадҳәалоу Аԥсны анҭыҵтәи иныҟәарақәа гәыԥсыршьаганы ибоит. Ҳаиҿцәажәараан дазааҭгылеит, еснагь аҿыц аԥшаара, аҭҵаара, аиҿцаара, аиҭанаиааира, аԥышәеимадара иара изы акыр шаҵанакуа.
«Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа аҭҵаарадырратә конференциақәа рылахәхараан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҩаӡара дурбароуп, ахаҿра ааурԥшыроуп. Ҳәарада, аҵарауаҩ иеизҳараҿы Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа аҭҵаарадырратә конференциақәа аҽрылархәраан аҭагылазаашьа бзиа иоуеит ахԥышәаразы, ҩ-ганк рыҭҵаарадырратә ԥышәа аиҿырԥшразы», – иҳәеит уи.
Хыԥхьаӡарала 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа знапы иҵызххьоу, иҭзыжьхьоу аҵарауаҩ, еиҳа игәы зызҭоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа нап зиркхьаз, аибашьраан ҳаӷацәа ирблыз ибиблиатека иалаблыз, уи ашьҭахь ҿыц, ахатә архивқәа рхархәарала, зеиҭашьақәыргылара илшаз аусумҭа хатәра дазааҭгыло иҳәеит:
– Баҟаны, еихьӡара бзианы исшьо проектуп 30 шықәса инареиҳаны аус здызулахьоу «Нарҭаа репос» 10 томкны иҟоу рахьтә 8 томк рҭыжьра. Убри инаваргыланы, Нарҭаа ирызку смонографиатә усумҭа, 2016 шықәсазы Москва, адунеи аҿы еицырдыруа аҭыжьратә сериаҿы аҭыҵра сџьабаа алҵшәа аазырԥшыз акакәны сахәаԥшуеит.
Аҭҵаарадырра аихьӡарақәеи уи азнеишьа ҿыцқәеи дырзааҭгыло З.Џьапуа иазгәеиҭеит: «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа аинститутқәа аихьӡарақәа рыманы аус руеит. Аха аиҿкааратә хырхарҭа аганахьала аҿыц знеишьақәа, алагалақәа аҭахуп. Аҭҵаарадырра аҩаӡара ашьҭыхраҿы, аҿиара аҭаразы, ҳазну аамҭазы, ишыжәдыруа еиԥш атехнологиа ԥхьаҟа ацара иаҿуп аҟнытә, ҳаргьы ҳаҵамхароуп. Аԥхьаҟа ҳзықәгәыӷша ыҟоуп, аҭҵаарадырра ԥхьаҟа изгаша аҿар реиҵааӡара ҳалшоит. Ҳәарада, аҭҵаарадырра аԥеиԥш амоуп, аԥхьаҟагьы аиҿкаареи ахаҵгылареи аиур», – иҳәеит уи.
Аҭҵаарадырратә усуреи уи анапхгараҭареи реидбалара шымариамгьы, иахьа уажәраанӡа иҭҵаарадырратә усура инаваргыланы уи анапхгараҭараҿы ааԥсарак инмырԥшкәан аус иуеит аҵарауаҩ нага. Акыршықәса Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, «Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр» деиҳабуп. 2013 шықәса раахыс Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидентс дыҟоуп.
Ҳаиҿцәажәараан уи Нальчик имҩаԥгаз аҭҵаарадырратә конференциа ахьтә мышқәак раԥхьа дхынҳәит, ҩаԥхьа Минск имҩаԥгахараны иҟоу аҭҵаарадырратә конференциахь ааԥхьара иоухьан.
Атәыла анҭыҵ аԥсуа ҵарауаа русеицура, рԥышәеимадара аԥхьаҟа аусура аҩаӡара аҳаракра иацхраауеит, уаҟа иқәдыргыло, излацәажәо ихадоу азҵаатәқәа рымҩақәҵареи рынагӡареи рҽазыршәоит.
З.Џьапуа иажәақәа рыла, Нальчик иҟазаараан иколлегацәеи иареи аԥхьаҟа «Нарҭаа репос иазку ахԥатәи аҭҵаарадырратә конференциа» Нальчик амҩаԥгара аҭахны ишырбо. Изеиӷьаҳшьап, нас, академик З.Џьапуа инапы злаку имариам аус аҟны, аҭҵаарадырраҿы еиҳау аихьӡарақәеи аамҭа бзиеи, аҭагылазаашьа маншәалеи.
Алиса Гәажә-ԥҳа