Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ишдыру еиԥш, Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан егьырҭ Асовет тәыла иқәынхо амилаҭ рацәа зегьы реиԥш, абџьар шьҭыхны аӷацәгьа инеиҿагылеит аԥсуа жәларгьы.
Урҭ инарылагылеит Арасаӡыхь ақыҭа иалҵыз арԥарцәагьы. Арасаӡыхьаа рахьтә абџьар шьҭырхит 167-ҩык. Урҭ рахьтә рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 113-ҩык, ихынҳәит аибашьра мцабз иалҵны 54-ҩык. Аибашьра аан абџьар шьҭыхны еибашьуаз рҟынтә иҟоуп хымԥада еиҳа иалкаахаз, еиҳа афырхаҵара аазырԥшыз, аха урҭ зегьы рҭоурыхқәа иахьынӡахәҭоу рыҭҵаара залшом.
Ишдыру еиԥш, иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы рҭахашьа, рыԥсышьа, насгьы анышә иахьамадоу ҳзымдыруа ауаагьы. Убраҭ рҟынтә аӡәы еиҳа дҳараҳкуам, аӡәы еиҳа деиҵаҳтәуам, иҭахаз зегьы рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, рыԥсҭазаарақәа рымпыҵанарбеит аибашьра хлымӡаах. Убри аҟынтә иахьынӡаҳалшо ала агәалашәарақәеи архивтә материалқәеи рхархәарала ишәҳардыруеит урҭ зыхьӡ ԥсра ақәым, ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иҭахаз арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа рыӡбахәқәа.
Арасаӡыхь ақыҭан инхоз аижәлантәқәа Амҷаа рахьтә аибашьраҿы иҭахеит фҩык.
Амҷба Канта Махаз-иԥа диит 1916 шықәсазы. Изгәалашәо изларҳәо ала, ҷкәына еилҟьак иақәын, ашәарыцара дазҿлымҳан, бзиа ибон арахә-ашәахә напы рыдкылара, ақыҭа ԥсҭазаара дашьҭан, аҭаацәара даламлацызт. Аибашьра даныргоз иҩны инижьит ԥшьҩык иаҳәшьцәа, иашьеиҵыб Уарлам, иан, иаб. Иҭаацәа ирауан Ленинград амҵантәи ашәҟәқәа. Аҵыхәтәанәти ашәҟәы роуит 1941 шықәсазы. Уи нахыс ихабар ҳәа акгьы рмаҳаит иҭаацәа. иахьагьы уи зхабар ыҟамкәа ибжьаӡыз рахь дыԥхьаӡоуп. Еишьцәа гәакьақәан Кәтеи Ҭарханеи Кәыкәына иԥацәа. Кәта Кәыкәына-иԥа Амҷба диит 1921 шықәсазы. Аҵара иашьҭаз, уи зхы азцоз арԥысын. Алагарҭатә школ далгеит Гәыԥ ақыҭан, нас абжьаратә школ далгеит Мықә. Аибашьра ианалга, егьырҭ арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа Шьашьи Иликәеи Ратиаа, Леуа Гогиа, Канта Қаџьиа уҳәа иареи Аҟәа афицерцәа рышкол иҭалеит. Алеитенант еиҵбы ҳәа ачын аниау ашьҭахь, Кәта ддәықәҵахеит аибашьра. Макьана аҭаацәара иаламлацыз арԥыс қәыԥш уаҳа иқыҭа гәакьа Арасаӡыхьҟа дзыхнымҳәит. Нхыҵ Кавказ амҵан иауит ахәра бааԥсы, агоспитальқәа руак аҟны дҭахеит декабр 7, 194… шықәсазы. Арасаӡыхь ақыҭахь иаашьҭын аԥсӡы абас еиԥш зҳәоз: «Шәыҷкәын алеитенант еиҵбы Кәыта Амҷба фырхаҵарыла дахьеибашьуаз иауз ахәра бааԥс иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит ақалақь Орџьеникиӡе агоспиталь аҟны». Деиҳабын Ҭархана Кәакәана-иԥа Амҷба. Уи еиҳа анхара-анҵыра, ақыҭа ԥсҭазаара дадҳәалан. Хаҵа ӷәӷәак еиҿамск иакәын. Аҽықәтәара, аҽырхәмарра бзиа ибон. Аибашьра ианалага ашықәсан арра дыргеит. Раԥхьатәи ахәра иауит Тҟәаԥс ашьхахыҵырҭаҿтәи аибашьрақәа руак аан. Дышьҭан Бақәа агоспиталь аҟны. Уа дышьҭанаҵы иан дцаны ибара лҽахьылгӡеит. Игәабзиара анҭышәынтәыла еиҭа аибашьра ддәықәҵахеит. Аԥсны далсны акәын еибашьра дышцоз. Дәыӷбала Очамчыра даниасуаз дызбақәаз ыҟоуп, аха аҩны Арасаӡыхь даакыдгылартә аҭагылазаашьа имамызт. Деибашьуан Балтика аԥшаҳәа азааигәара. 1944 шықәса инаркны иҭаацәа раура иаҟәыҵит исалам шәҟәқәа. Уи нахысгьы ихабарк рмаҳаит. 1987 шықәсазы Аԥснытәи арратә комиссариат архив аҟны иҟаҳҵаз аԥшаарақәа ирыбзоураны иҳамԥыхьашәеит абас еиԥш зҳәоз ашәҟәы: «Агвардиа еибашьҩы Амҷба Ҭархана Кәаәкана-иԥа деибашьуан 6926-тәи архҭа 216-тәи ахысратә дивизиа аҟны. Фырхаҵарыла дҭахеит декабр 24, 1944 шықәсазы. Анышә дамадоуп Латыштәи ССР, Джукстетәи атәылаҿацә, ақыҭа Балтомуижа амрагыларахь 150 метра инацәыхараны» ҳәа. Ҳара уи адрес ала идәықәаҳҵаз ашәҟәқәа аҭак ҳәа акгьы ҳзаанамгаӡакәа ихынҳәхьеит, избанзар урҭ рыхьӡқәа ԥсахзар акәхап. Аха егьа ус иҟазаргьы, уи анышә дахьамадоу аҭыԥ аԥшаара ҳаԥхьаҟатәи ҳусқәа рахь иҳаԥхьаӡоит.
Аишьцәа Ҭарханеи Кәтеи рышьҭамҭа иацызҵаша уаҩ дрыҭнымхеит. Дзаҵәуп иахьа аҩнаҭа иаху ран аҭакәажә.
Очамчыратәи араионтә архив излаҳанаҳәо ала Команда Никәала-иԥа Амҷба диит 1895 шықәсазы. 1942 шықәсазы еибашьра дыргеит. Уи данырга инаркынгьы ихабарк ҳәа акгьы ҟамлеит. Еиуеиԥшым архивқәеи арратә коммисариат ахь иаҳҩыз ашәҟәқәеи рылагьы макьана уи ауаҩ иӡбахә акгьы ҳзеилымкаац. Команда аҭаацәара далалахьан, аха хшара димамызт.
Кыԥса Кьамшьышь-иԥа Амҷба дызгәалашәоз изларҳәо ала, ҷкәына еиқәакы иакәын. Дшәарыцаҩ бзиан зшьамхы ҵарыз арԥыс еибагак иакәны дыргәалашәоит иахьагьы. Архивтә метериалқәа излаҳарҳәо ала, уи аибашьра дыргеит 1942 шықәсазы. Ахәра ӷәӷәа иахҟьаны цқьа игәабзиара шьақәгылаанӡа ҳәа мызкы иазынаԥшуа иҩны дааны дыҟан. Абџьар икратәы ишьапы данаақәгыла иаразнак дхынҳәит афронт ахь. Уи нахыс ихабар ҳәа акагьы ҟамлеит. Арасаӡыхь ақыҭа иалҵны зхабар ыҟамкәа ибжьаӡыз арԥарцәа рахь дыԥхьаӡоуп Кыԥсҭа Камшьышь-иԥагьы.
Радион Алықьса-иԥа Амҷба дызгәалашәо изларҳәо ала даара ҷкәына ԥшӡан, еинаалак, аукы, шкәакәак, еиҟьа-еилӷәыцәк иакәын. Ақыҭаҿ аҿар рыҩнуҵҟа аспорттә хәмаррақәа рҿы ицназгоз дмаҷын. Маха-шьахала дыӷәӷәан. 1918 шықәсазы ииз Радион, 21 шықәса дшырҭагылаз 1939 шықәсазы арра дыргеит. Амраҭашәаратә Белоруссиа ақалақь Воложин 57-тәи ахысратә дивизиа аҩбатәи абаталион далахәын. Ари абаталион аҟны Радион аррамаҵура ицахысуан Уарлам Амҷба, Иуака Лагәлаа, Владимир Ратиа уҳәа Арасаӡыхь иалҵыз арԥарцәа. Ари аротаҿ аԥсуаа ахьырацәаз азы акәхап «аԥсуаа рота» ҳәа изашьҭазгьы. Радион иҩызцәеи иареи алахәын Прибалтика Асовет Еидгылахь адҵара. Уи ашьҭахь Радион дышьҭын Финлиандиатәи аибашьрахь. Уи ихаҭа пулемиотла еибашьуаз дреиуан. Аибашьра иаламгацызт Асовет тәылаҿы, уи убас еиԥш иҟоу ашәҟәқәа аниҩуаз: «Аӷа ир аҳәаа иадиԥхьалоит, иҟало ҳаздыруам, аха бзиак шахылымҿиаауа уаҩы ибартә иҟоуп» ҳәа. 1940 шықәсазы уи ԥсшьара ҳасабала дхынҳәт Арасаӡыхьҟьа, аха рацәак днымхеит, ҩаԥхьа ирхәҭахь амҩа дықәлет. Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аӷацәгьа иҿагылаз раԥхьатәи архәҭақәа дрылан. Декабр 1, 1941 шықәсазы, Радион Алықьса-иԥа Амҷба фырхаҵарыла иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит. Егьырҭ арасаӡыхьаа жәпаҩык реиԥш, уигьы ишьҭамҭа ҳәа аӡәгьы днымхеит, аҭаацәара алаларагьы дахьымӡеит.
30-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны жәашықәса зықәҵаны ихырҵаз Ҷыҷыкәа Махьал-иԥа Аргәын иашьцәа еиҵабацәа ҩыџьа Уанчкеи Кәҷыри аибашьра иалаӡит. Кәҷыр Уанчка иаасҭа деиҳабын. 1916 шықәсазы диит, дызгәалашәо изларҳәо ала, уи аҷкәын еибагак, еиҿамск, маха-шьахала иӷәӷәаз, шәпажәпак иакәын. Данмаҷыз инаркнгьы ашәарыцара бзиа ибон. Аибашьра ианалага, аԥсуа рԥарцәа аррамаҵура иахымсыцыз Гәыԥ ақыҭан еизганы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Абра еизыргоз арԥарцәа зегьы даарылукаартә ихы ааирԥшуан Уанчка, убри аҟынӡа дҵарын, деибган, бӷарҵахьы ақәԥараан аӡәы ишьапы дықәиргыломызт. Аибашьра данырга нахыс ихабарк ҟамлеит. Очамчыратәи арратә комиссариат аҟны иҳаԥшааит сентиабр 5, 1944 шықәсазы иаашьҭыз уи иԥсӡы зҳәоз ашәҟәы. Уаҟа ҳаԥхьоит: «Польша Родомски аобласт, Варкомсктәи араион, ақыҭа Маниохи агараан дыбжьаӡит Уанчка Аргәын» ҳәа. Аҭҵаарақәа иҟаҳҵаз зегьы лыҵшәадоуп макьана, иахьагьы аилкаара ҳалымшеит уи изқәаҭыԥ ахьыҟоу.
Лахьынҵала Кәҷыр диеиԥшхеит уи иашьеиҵыб, 1926 шықәсазы ииз Уанчкагьы. Ҷкәына аукы, шкәакәак, еилҟьеилӷәыцәк ҳәа дыргәаладыршәон Кәҷыр, арасаӡыхьаа абыргцәа ҳзыҿцәажәоз. Ашәаҳәара, акәашара дазҟазан. Ақыҭаҿ акомҿар аиҿкаараҿы ираԥхьагылаз дыруаӡәкын. Апартиа ақыҭаҿы раԥхьа иалалақәаз дреиуан. Дҭаацәаран, иԥҳа дыҟан. Аибашьра аан Иран игылаз Асовет ар дрылахәын, уахьынтә ашәҟәқәа иҩуан, аха ԥыҭрак ашьҭахь ишәҟәқәа аара иаҟәыҵит. Арратә комиссариат архив аҟны излеилкаахаз ала, уи дыбжьаӡит сентиабр мза 1942 шықәсазы.
(Алагарҭа ануп «Аԥсны» №33-34)
(Иацу ыҟоуп)