Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

Сентиабр 30 – Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымшныҳәа аан Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аминистрцәа Реилазаара иалоу, аибашьра аветеранцәа уҳәа аӡәырҩы Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынбеи, Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшьи рбаҟақәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ҩеижәижәба шықәса ахыҵра инамаданы Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит.

Октиабр ҩба рзы Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар рҟнытә Гагра ақалақь ахы иақәиҭтәуижьҭеи ҩеижәижәаба шықәса ҵит. Абри арыцхә инамаданы Гагра аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа еиҿкаан.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиетәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонтәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Сентиабр ҩеижәиааба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара.

Аиҧылара мҩаҧысит Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача аҟны. Ареспублика Беларус Ахада иҧылараан Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, Алеқсандр Григори-иҧа! Шәара Аҧсны есқьынгьы иззыҧшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп». Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәеит 1996 шықәса ианвар мзазы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара алахәцәа – аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи аекономикатә блокада даҿагыланы дшықәгылаз.

Ихыркәшахеит сентиабр ҩеижәиааба рзы Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы имҩаҧысуаз Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара. ашьҭахь уи ахҳәаа азыҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш аҳаҭыр азы Урыстәылатәи Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала. Ашәҟәы аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаидыркылоит аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи. Урыстәылатәи Афедерациаҿы интересс ирымоуп исуверентәу Аҧсны иқәынхо ажәлар нхозарц иҕәҕәоу, иҭышәынтәалоу, ишәҭыкакаҷуа аҳәынҭқарраҿы».

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб ҳтәыла иқәынхо ажәлар зегьы рзы ихадоу – Аиааиреи Ахьыҧшымреи рныҳәа рыдиныҳәалеит!

Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш азгәаҭараан Аҟәа, Леон имҩаду аҟынтәи ихацыркын маланыҟәала аиҧхныҩлара. Амаланыҟәа иақәтәаз рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Алада-Ешыра иҟоу Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба Имемориал аҟынӡа.

Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш 29 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкын ари аусмҩаҧгатә.

413 мшы амацәаз  иҭакыз Тҟәарчал инханы иҟаз ирхыргази, Аиааира ду гәыҕырҭас ишрымази атәы, иагьа аамҭа царгьы ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит.

Мышк ахы-аҵыхәа гәкажьра ҳамамызт. Амлакра, ахьҭакра, иреиҕьу ҳҵеицәа рҭахара, анацәа руаз, иарбану иаҳхаамгаз. Зегь реиҳа иуадаҩын аинформациа аҟамзаара. Ателербагақәа аус руамызт афымцалашара аҟамзаара иахҟьаны. Амашьына аккумулиаторқәа ҳхы иархәаны, Аҧсуа  радио Гәдоуҭантәи аҭыҵра ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшын. Нас уаҟа иҳаҳаз ажәабжь, агәыла-азла ирылаҳарҵәон.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me