Нижни Новгород Амшқәа – Аҟәа Бадра Гәынбеи Иури Шалабаеви реиԥылара

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба диԥылеит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев, иаанацҳауеит аҳәынҭқарра Ахада ипресс маҵзура.

Бадра Гәынба иаҵишьит Аҟәа, Нижни Новгород Амшқәа рымҩаԥгара аҵак ду шамоу. Иазгәеиҭеит абас еиԥш аусеицура ҳтәыла аҳҭны-қалақьи Нижни Новгороди рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара мацара акәымкәа, стратегиала иаҳҩызоу Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҵегьы аизааигәахара ишацхраауа.

Аԥсны Ахада иргәалаиршәеит, ҩ-қалақьк русеицура ашьаҭақәа шхацыркыз Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара 2011 шықәсазы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрала. Аусеицура мҽхакы ҿыцла ирҭбаахеит 2024 шықәса сентиабр азы аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭралагьы.

«Урыстәылатәи арегионқәа рҟны еицаҳзеиԥшу апроектқәа аҭыԥ хада ааныркылоит Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы, атәылақәа рыҩбагьы рнапхгара ракәзар, аусеицура иҵегьы арҵаулара рҽазыршәоит», – иҳәеит Бадра Гәынба.

Нижни Ногород ахада Иури Шалабаев адкыларазы ҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Ҳара абраҟа ҳаизеит акультура-ҵаралашаратә фестиваль «Аиҩызара амҩа» инақәыршәаны Аҟәа, Нижни Новгород Амшқәа рымҩаԥгаразы. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аҟәа ахадареи ҳареи еицеиҿаҳкааз аԥшьгамҭа шәахьадгылаз азы»,иҳәеит ахада. Иара иаҵишьит аусура иаҿу апроектқәа аҵак бзиа шрымоу, убрахь иналаҵаны Аҟәатәи ашколқәа VR-ашьақәгылақәа рыла реиқәыршәара, иара убас атехнологиа ҿыцқәа раларҵәара аганахьала арҵаҩцәа аус рыдулара. Рыӡбахә ҳәан Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны апарк иагу-иабзоу аҟаҵара апланқәа.

Иара убас, Иури Шалабаев иҳәеит Аҟәа ахада инапы ишадыркуа амҩатә машьына ҿыц ацаԥхақәа. Аригьы Нижни Ногвород иҟанаҵо ҳамҭак иаҩызоуп. Аиԥылараҿы иҟаз Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарраҿы Нижни Новгород Амшқәа рымҩаԥгара амҽхак ахьынӡаҭҵаау.

«Ҳара иахьа аҳҭы-қалақь аҟны иҳадаҳкылоит Нижни Новгород аҟнытәи 450-ҩык. Аделегациа еиднакылоит аҵара, агәабзиарахьчара, акультура, аспорт уҳәа ахырхарҭақәа зегьы», – иациҵеит Ҭемыр Агрба.

Аԥсны Ахада иҳәеит агәыӷра шимоу Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара ишиашоу авиаеимадара иаарласны ишышьақәыргылахо азы.

Нижни Новгород аҟынтәи аделегациа Аҟәа ианааи, раԥхьаӡа урҭ идикылеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.

Аминистр иԥхаӡа дрыдныҳәалеит асасцәа, иазгәеиҭеит Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара аусеицура культурала аимадаразы, еицаҳзеиԥшу апроектқәа рзы аҳәаа ҿыцқәа шаанартуа.

Аганқәа ирҳәеит даара ишазҿлымҳау акультуреи аԥышәеимдареи рганахьала аусеицура арҭбаара.

Нижни Новгород аҟынтәи асасцәа аминистр адкыларазы ҭабуп ҳәа иарҳәеит, иагьгәыӷуеит лыҵшәабзиала аусеицура ҳаԥхьаҟагьы ишырзыԥшу.

Ишаҳҳәахьоу аиԥш, Нижни Новгород Ахадареи Ақалақьтә думеи рофициалтә делегациеи Аҟәа иааит аиашьара ахьрыбжьоу Аԥсны аҳҭны қалақь аҟны Нижни Новгород Амшқәа рымҩаԥгаразы.

Аҟәа Ахадараҿы имҩаԥысит аҳҭны-қалақь ахада Ҭемыр Агрбеи Нижегородтәи иҩыза Иури Шалабаеви реиԥылара. Агрба иазгәеиҭеит апрограмма аиуеиԥшымрала, иалаху рхыԥхьаӡарала арҭ амшқәа рымҽхак шыҭбаау.

Иури Шалабаев иргәалаиршәеит Аҟәеи Нижни Новгород акыр шықәса раахыс аиҩызаратә, аусуратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу, ишиашоу авиаеимадара ахацыркра иабзоураны атуристтә хырхарҭагьы иаҳагьы ԥхьаҟа ишыҿиауа.

Агрбеи Шалабаеви ақалақь Амш аҭааразы ааԥхьарақәа еимырдеит. Аҟәа уи азгәарҭоит ииуль азы, Нижни Новгород – август. Еимырдеит аҳамҭақәа.

Иури Шалабаев ҳамҭас ирҭеит аԥсуа хҭырԥа, Аҟәа 2500 шықәса ахыҵразы иҭрыжьыз амшынԥшаҳәа асахьа зну асаан ҟьаҟьа.

Нижни Новгород ахадара Аҟәа ҳамҭас ианаҭеит аӡықәҭәагатә машьына.

Нижни Новгородаа Аҟәаҟа иааргеит аҵаратә, акультуратә, аспорттә, амузыкатә усмҩаԥгатәқәа зымҽхазкуаз инеиҵыху апрограмма.

Аҟәа имҩаԥысыз ацәыргақәҵақәа, аспектальқәа, аконцертқәа, аҟазара-классқәа ақалақьуаа, аҳҭны-қалақь асасцәа хәыда-ԥсада рҭааразы рышәқәа аартын.

Маи 29 азы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иаартын А.Горки ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи ацәыргақәҵа «Ауаҩы иира» уи хымш имҩаԥысуан. Иара убас, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны идырбан архитектура етнографиатә музеи «Шьчиолоковтәи ахутор» ацәыргақәҵа «Амҿы иалху архитектура – аԥшӡара, аԥсабара».

Маи 30 аҽны Ковач ихьӡ зху аҟазара ахәыҷтәы школ №1 аҟны имҩаԥган авокали, акәашарақәеи, аҩыранҵареи рыла ахәыҷқәа рзы аҟара классқәа.

Маи 30 азы Аԥсуа драматә театр аҟны идырбан аспектакль «Аҳ Салтан изку алакә», ахәылԥаз аурыс драматә театр асценаҿы ахәаԥшцәа иддырбеит  В.Т.Степанов ихьӡ зху аопереи амузыкатә комедиеи Нидегородтәи Ркамертә театр аспектакль «Абзиабара астрономиа»

Иара убри аҽны асааҭ 18:00 инаркны 22:00 азынӡа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысит аконцерттә программа «Ақалақь акультуратә хаҿра: акзаара». Уи рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь арҿиаратә коллективқәа, жәлар рыкәашара ансамбль «Лиубава», иара убас Нижни Новгород аҟнытәи акәашаратә коллективқәа, агәыԥқәа.

Маи 31 азы Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟны идырбан Нижегородтәи Акамертә театр аспектакль «Труффальдино».

Иара убри аҽны Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысит аконцертә программа «Аҿари ақалақьи-акультура аҵакы». Уи иалахәын аҳҭны-қалақь аколлективқәа реиԥш, Нижни Новгородтәи ашәаҳәаратә, арҿиаратә коллективқәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me