Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аешьара зыбжьоу ақалақьқәа Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара аусеицура инақәыршәаны, И.Н.Комаров ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 6 аҟны ихацыркын Жәларбжьаратәи акультура-ҵаралашаратә фестиваль «Аиҩызара Амҩа».
Абри аусмҩаԥгатә инамаданы имҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭеи «Г.М.Гречко ихьӡ зху Нижегородтәи апланетари» амуниципалтә усҳәарҭеи рыбжьара аусеицуразы амеморандум. Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит, иазгәалҭеит аспорттә, акультуратә, арра-патриоттә хырхарҭақәа рыла аусура ду рҿаԥхьа ишышьҭоу.
«6-тәи ашкол аҵаҩцәа Нижни Новгородҟа ицахьеит, иара убас апланетари иаҭаахьеит. Уаҵәы инаркны А.С.Пушкин ихьӡ зху абжьаратә школ аҟны аусура иалагоит апланетари», – иазгәалҭеит Асҭанда Ҭаркьыл.
Апланетари аусура иалагоит маи 29 инаркны. Аҵаҩцәа зегьы 28-ҩык рыла ишьақәгылоу агәыԥқәа рыла еихшахоит, урҭ апланетари иаҭаауеит.
Амеморандум анапаҵаҩра ашьҭахь, ашкол арҵаҩцәа алархәны имҩаԥысит аметодикатә хеилак абри атемала: «Апланетарии ашколи: аимадара акәаԥқәа».