Игәырхыҭхыҭгоу ашьаҿа

Абжьаратә ҵара хыркәшаны, «мышьҭабзиала» ҳәа еснагь еилашуа аԥсҭазаара ду ахь ашьаҿеихгара, дарбанзаалак изы агәыхыҭхыҭра ҳаракы ацуп.

Игәырӷьахәу, аха уи аангьы ахәыцра рацәеи маҷк агәыԥшаареи зҵоу ари агәалаҟазаара рлахьынҵахеит сынтәа Аԥсны аус зуа 153 школ рахьтә 1888-ҩык ақәыԥшцәа.
Маи 22 рзы ҳтәыла ашколқәа зегь рҟны, 2024-2025-тәи аҵарашықәс хыркәшо игеит «Аҵ­ыхәтәантәи аҵәҵәабжьы». Абжьаратә ҵараиурҭақәа рҟны традициала ишаԥу еиԥш, им­ҩаԥган ҳҳәынҭқарра анапхгара, ауаажәларратә усзуҩцәа, арҵаҩцәа-ааӡаҩцәа, анацәа абацәа, аҩызцәа ақәлацәа уҳәа ауаа рацәа здызԥхьалаз агәырӷьаратә цәаҳәақәа.
Ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, аш­к­олқәа ирылгеит – 1888-ҩык абиԥара ҿа рхаҭарнакцәа. Маи 16 рзы зҵара хыркәшаз азыҟаҵаратә гәыԥқәа ироушьҭымҭацәоуп – 500-ҩык, актәи акласс хыркәшаны, аҩбатәи ахь ииасит – 2500-ҩык, ахәыҷбаҳчақәа аанрыжьит – 1300-ҩык ахәыҷқәа.
Абжьаратә школ аҟны аҵара ахыркәшара шьақәзырӷәӷәо аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа мҩаԥысуеит IX-XI аклассқәа рҟны, маи 27 инаркны ииун 20 рҟнынӡа. Актәи аԥышәара мҩаԥгахоит ахатәы бызшәазы аҩра иазкны – аиҭаҳәа ахыҭҳәаатә знеишьақәа ацҵаны.

«Ҳаҭыр ду зқәу аушьҭымҭацәа! Агәабзиара раԥхьа инаргыланы, шәыԥсҭазаараҿы еснагь ақәҿиарақәеи аихьӡара ҳаракқәеи шәԥеиԥшзааит. Ишәхашәмыршҭлан ианакәызаалак шәырҵаҩцәа-шәааӡаҩцәа рџьабаа, шәа шахь иаадырԥшуаз агәцаракра, ҳаҭыр ду шәзақәыз уи еснагь ҳәа адныҳәаларатә ажәа ԥхақәа рыла иқәгылара хациркит Н.А.Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ агәырӷьаратә усмҩаԥгатә иаҭааз атәыла Ахада Бадра Гәынба. Иара убас, еиҵагыло абиԥарақәа реиҵааӡараҿы шықәсырацәалатәи рџьабаа инаҵшьны иазгәаҭо, дызҭааз ашкол арҵаҩцәа рхаҿрала, ҳтәылаҿтәи арҵаҩцәа зегьы «иҭабуп» ҳәа реиҳәеит Бадра Зураб-иԥа. Анаҩс, атәыла Ахада аушьҭымҭацәеи урҭ реиҵбацәеи хаҭала драцәажәеит, рфотосахьақәа еицҭырхит, уи ҳәарада гәахәара дууп аҿар рзы.
Н.А.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аҟны, есы­шықәсеиԥш сынтәагьы аҵара хзыркәшаз рхыԥхьаӡара маҷмызт, урҭ 120-ҩык рахьтә х-ҩык: Наала Бжьаниа, Алиса Быҭәба, Анна Аҩӡба ахьтәы медалқәа риура рҽазыршәоит. Аҵарашықәс ахыркәшара иазкыз агәырӷьаратә цәаҳәахьы имҩахыҵит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе. Уи ақалақь Ахада Ҭемыр Агрба иусԥҟа инақәыршәаны, аушьҭымҭацәа ихьӡала дрыдныҳәало, ахьтәы медал аиура аҽазышәаҩцәа ахҩык ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо иранеишьеит 50-50 нызқь мааҭ.
Абжьаратә ҵара хзыркәшаз аԥсҭазаара аганқәа зегь рҟны ианакәызаалак аихьӡарақәа рзеиӷьашьазарц, урҭ рааӡараҿы злагала маҷым арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа ралҳәарц, Аԥсны жәлар рпоет Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ ахь дымҩахыҵит аҵара аминистр Хана Гәынба. Убас, ҳтәыла еиуеиԥшым араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа рҟны имҩаԥысуаз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ирҭааны, азеиӷьашьарақәа рыла иқәгылеит аминистрцәа Реилазаара егьырҭ ахаҭарнакцәагьы.
Аҳҭнықалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл лажәақәа рыла, ақалақь аҟны абжьаратә ҵара хдыркәшеит – 542-ҩык, ихарҭәаам абжьаратә ҵара (IX акл.) – 895-ҩык; актәи аклассқәа ирылгеит – 843-ҩык. Инеизакны аҳҭнықалақь аҟны аус зуа жәохә школ рҟны иахьазы аҵара рҵоит – 9441-ҩык ахәыҷқәа.
Зҭоурых ҵаулоу ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш иагәыӷра хадоу ау­шьҭымҭацәа мҩамш шәықәыз! Мышьҭабзиала!

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me