Бадра Гәынба: Ҳазну амҩа ҳаныҵӡом» ТАСС астудиаҿы

Аԥсны астатуси уи ахьыԥшымреи рызҵаара алацәажәара Қырҭтәылаҿы ҳгәы иҭаӡам. Абри атәы иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС астудиаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.  

«Даҽазныкгьы исҳәоит, Қырҭтәыла ақәшаҳаҭымхар ада ԥсыхәа ыҟам Аԥсны ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара шалшаз, уи факт ҳасабла иаднакылароуп. Убри инамаданы, ҳреспублика астатус азҵаарала изеиԥшразаалак аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы агәҭакқәа ҳамаӡам.  Уи рыдыркылароуп зегьы»,иҳәеит иара.

 Убри аан Бадра Гәынба Аԥсны агәылацәа зегьы, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, ҭынч, иҭышәынтәаланы аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара иадгылоит ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара ҳзы ихадоу – ҳгәылацәа зегьы, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, ҭынч, иҭышәынтәаланы рыцынхара ауп. Аха убри аан, Қырҭтәылеи ҳареи агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы уи анапхгара хымԥада еилыркаароуп рҿаԥхьа ишгылоу ихьыԥшым аҳәынҭқарра. Қырҭтәыла ашьцылароуп Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарран ишыҟоу.  Ари даараӡа иуадаҩу мҩоуп, аха иҟоу шыҟоу ахдырраҿы анагара аҭахуп. Ҳара ҳазну амҩа ҳацәхьаҵӡом!», – иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.  

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me