Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 14 шықәса уажәаԥхьа, 2011 шықәса маи 29 азы.
Аԥсны дахагылеит ихьанҭаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаан 2004 шықәсазтәи алхрақәа рышьҭахь. Уи ихьӡ иузаҟәымҭхо иамадоуп 2008 шықәсазы Урыстәыла аганахьала Аԥсны азхаҵара.
2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны Ахадас деиҭалхын.
Аԥсны Ахада иԥсҭазаара далҵит данԥырҟа ашьҭахь Урыстәылатәи ахәышәтәырҭаҿы. Уи наӡаӡаҳәа иарҳәеит аофицерцәа Рыҩнаҿы, нас иԥсыбаҩ ҳаирплан ҷыдала иааирышьҭит.
Сергеи Багаԥшь анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Џьгьарда.