Аԥыза-министр Владимир Делба аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны амармалташьтә бты алаҵәара апроблема иазкны. Аилацәажәара иалахәыз уи аҿагыларазы аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәеит.
Амармалташьтә бты Амшын Еиқәа аҿықә иаԥну атәылақәа рҿы ицәырҵит аа-шықәса раԥхьа. Иара рбеит Новороссиски Шәачеи иахьрыҵаркуагьы. Ауаа рзы шәарҭара аҵам.
Арт-пленер аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ имҩаԥысуеит арҵаҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи еидызкылаз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеит».
Аилатәара аартуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Бадра Гәынба иҳәеит:
Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амш азы аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит аконцерт, «Ахәрашәа, ахәра зырӷьо» ҳәа хьӡыс иаманы.
Ажәа гәазырҳага еинаала, аҳаракыра иазцоит ихиаала, ажәа сахьарк, ажәа еинаала, аԥсы аханаҵоит ажәеинраала…