«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ргәыԥқәа алархәны иласу-атактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагахьеит. Арратә уалԥшьа анагӡара иалагеит анапхгара аҟынтәи адырра анроу нахыс.
Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аҵак ҷыда амоуп. Уи арратә хәҭақәа аибашьра ишазыҟаҵо агәаҭара адагьы, аҭакԥхықәра зду аструктурақәа аусеицура ишазыхио унарбоит.
Дарбанзаалакгьы аруаҩ, иус ҭакԥхықәрала иазнеира, амилаҭтә шәарҭадара ахьыԥшуп.
Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәим аилатәараҿы, Аԥсни уи акәша-мыкәшеи ишьақәгылаз арра-политикатә , астратегиатә ҭагылазаашьа ҳазааҭгылоит, ишьақәҳаргылоит атәыла ахьчареи арӷәӷәареи рзы ԥхьаҟатәи ахықәкқәа.
Аԥсны аҭынчреи ашәарҭадареи раԥҵаразы есааира иҳарӷәӷәалароуп ҳарбџьармчқәа. Иӷәӷәоу ар, зыҩаӡара ҳараку, ззанааҭ бзианы издыруа аруаа ишьақәдыргылоит уаҵәтәи амш агәрагара».
Арбџьармчқәа рнапхгаҩцәа атәыла Ахада изеиҭарҳәеит аруаа иласу-атактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иахьынӡазыхио.
Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы, иара убас излацәажәаз азҵаарақәа иреиуоуп: аполитика-дипломатиатә, аекономикатә, асоциалтә, аинформациатә уҳәа. Арратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара мҩаԥысуеит аҽазыҟаҵара аплан инақәыршәаны.