Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Арбџьармчқәа рымш рыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу аруаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рветеранцәа!
Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рымш!
Ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы иналукааша рыцхәуп жьҭаарамза 11. 1992 шықәсазы, ҳаԥсадгьыл азы иуадаҩыз аамҭақәа раан, Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы, Аҳәынҭқарра Атәылахьчаратә Еилакы ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба иусԥҟала иаԥҵан атәылахьчара Аминистрреи аштаб хадеи.
Ари аҭоурыхтә шьаҿа ҳхьыԥшымра ахьчараҿы ароль хада нанагӡеит. Ачҳареи агәаӷьреи аарԥшуа ҳарбџьармчқәа аибашьра адәаҿы ашьақәгылара иалагеит.
Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз зегьы ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит, аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз рҿаԥхьа ҳхырхәоит. Дара иаадырԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи гәадура дууп.
Иахьа Аԥсны Арбџьармчқәа есааира аиӷьхара иаҿуп. Аҳәынҭқарра анапхгара урҭ рырӷәӷәара ахылаԥшра ҷыда азыруеит, Урыстәылатәи Афедерациеи дареи рыбжьара арра-техникатә усеицура аҳәаақәа рырҭбаара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит.
Лымкаала иацклаԥшуеит арратә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳара, арратә доуҳа ашьҭыхра уҳәа ихадоу азҵаарақәа.
Иахьатәи аҭагылазаашьаҿы акырӡа аҵанакуеит ҳарбџьармчқәа аибашьра иазхианы рыҟазаара. Аҳәынҭқарра акәзар, иахәҭоу зегьы ҟанаҵоит ҳар рматериал-техникатә еиқәыршәара арӷәӷәаразы.
Ҳаҭыр зқәу аруаа! Ари амш шәыԥсадгьыл ахьчаразы ишәымоу амчи агәымшәареи ирсимволуп. Шәыԥсҭазааратә уалԥшьа анагӡара атәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи шьаҭас иамоуп.
Шәҭаацәеи шәареи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ҳҳәынҭқарраҿы иҟазааит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me