«Сынтәа акәым ҭагалан ааимҭазы амармалташьтә бты ахыҵәара апроблема ҳаниоижьҭеи. Хымԥада абри хшыҩзышьҭра аҭатәуп, аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷа-маҷа иаҿагыланы ақәԥара аганахьала ауааԥсыра ирыцхраалатәуп. Ус еиԥш иҟоу аԥышәа ҳамоуп», – иҳәеит Аԥыза-министр, аилацәажәара аартуа.
Ақыҭанхамҩа Аминистрра аҵиаақәа рыхьчара амаҵзура аиҳабы Владимир Гьериа игәаанагарала, ҭагалан амармалташьтә бты алаҵәара иџьоушьартә иҟаӡам, избанзар уи аӡын иӷыҵысырц азы аҭыԥ ԥха аԥшаара иашьҭоуп. Апрель инаркны урҭ рхыԥхьаӡара иазымҳарц азы аусмҩаԥгатәқәа нагӡатәуп.
Ақыҭанхамҩа Аминистр ихаҭыԥуаа, араионқәа рҟны аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа ирҳәеит иазхаша ахәшәқәа шрымоу аҵиаақәа аус рыдуларазы, аха иазгәарҭеит зегьы реиҳа алҵшәа аазышьҭуа акәны ишыҟоу урҭ напыла реизгара.
Аԥыза-министр аусҳәарҭақәа рнапы ианиҵеит амармалташьтә бты ҳаԥхьаҟагьы иалазмырҵәаша ажәалагалақәа ааргарц.
«Ари аӡбамҭа иашахароуп, аамҭагьы иақәшәозароуп», – иҳәеит иара.
Ақыҭанхамҩа аминистрреи уи анапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәеи Аминистрцәа реилазаарахь мчыбжьык иалыршаны ажәалагалақәа наргароуп.
Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Вараздат Миносиан, Џьансыхә Нанба, ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Артуш Сарибекиан, аҵиаақәа рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Оҭар Ҵәыџьба, аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко, Аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа.