Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи 79 ш. аҵра инамаданы С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа рнапы аларкит Гәдоуҭа араион 22 қыҭа рҟынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз (иҭахазгьы, ихынҳәызгьы) рпатреҭқәеи рнысымҩақәеи реизгара. Апроект «Афырхаҵара ыӡуам» 2025 шықәса лаҵарамза жәба рзы – аибашьра еилгеижьҭеи 80 ш. анҵуа апроект хыркәшахоит.
2024 ш. лаҵарамза ааба рзы амузеи аҿы имҩаԥган «Афырхаҵара ыӡуам!» зыхьӡыз аиԥылара. Аԥсуа қыҭа Ҟәланырхәа иалҵыз 133-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәын. Иаартын урҭ рфотосахьақәа рцәыргақәҵа. 133-ҩык рахьынтә 83-ҩык зымхынҳәӡеит, 50-ҩык хынҳәит. Ҟәланырхәа ақыҭала ихацыркын ацәыргақәҵа. Ари ақыҭаҿы ауп дахьиз раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Виктор Константин-иԥа Аргәын.
Аиԥылараҿы дықәгылеит араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа. «Аҭоурых аизгара, аиқәырхара, абиԥарақәа рзааныжьра – уи баҟак иаҩызоуп. Ҳара ҳхаан ибзианы иаадыруан аибашьра Дуӡӡа аҭоурых, иҭахазгьы, иалахәызгьы рзы аинформациа ду ыҟан. Ашколқәа рҟны урҭ рсахьақәа кыдын, лабҿаба иаабон. Аиааира зегьы ирыдысныҳәалоит. Ажәлар аҭынч ԥсҭазаара рзеиӷьасшьоит», – иҳәеит уи.
Апроект «Афырхаҵара ыӡуам», аиҿкаареи аӡыргареи знапы иҵызхыз Д.В. Ахба ихьӡ зху Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ анапхгаҩы Смырԥҳа Аллеи арҵаҩратә еилазаареи рымч-рылша адырҵеит аибашьцәа рфотосахьақәа реидкылареи реизгареи рҿы.
Алла Смырԥҳа иазгәалҭеит: «Иахьынӡаҳалшоз рсиа еиқәҳаршәеит. Иҟалап аӡәык-ҩыџьак агзаргьы, аха ари ацәыргақәҵа зегьы ҳаилнаркаауеит».
Оҭар Осиа иқәгылараан иҳәеит: «Изгәалазыршәаз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Осиаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 19-ҩык алахәын, урҭ рахьтә Камшьышь Осиа иԥацәа хәҩык еибашьуан: Сократ, Володиа, Дмитри, Михаил, Снатиа Михаил дшыхәыҷыз иани иаби рыԥсҭазаара иалҵит. Камшьышь иашьа иԥа Михаил ихәыҷқәа дрыциааӡеит. Михаил аибашьраҿ дҭахеит».
Ҟәланырхәаа зегьы рыхьӡала дцәажәеит Леон иорден занашьоу Џьамал Аҩӡба: «Иахьа ҳзыҩнагылоу амузеи Ҟәланырхәаа рҵеицәа рыла илашоит. Зегьы фырхацәан. 79 ш. шҵуагьы, зыбаҩқә́а ахьыҟоу ззымдыруа ауацәа, аҭахцәа маҷӡам. Ҳаԥсадгьыл ахьӡ шьҭызхуаз, ианаҭахха аԥсра хаҵарала иаԥылаз, ахаан рыхьӡқәа кашәаӡом. Уи арҵабыргуеит иахьатәи ҳаиԥылара».
Апроект «Афырхаҵара ыӡуам!» ақыҭақәа зегьы рҟынтә иацҵахоит. Уажәазы – ақыҭақәа хәба рҟны еизгоу роуп. Аҩбатәи ацәыргақәҵа ԥхынгәымза 22 рзы имҩаԥгахоит.
Гугуца Џьыкырба
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟан Аԥснытәи аделегациа, – иаанацҳауеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилак. Аделегациа иалан Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ауаажәларратә палата ахаҭарнак Давид Ԥилиа, Гәдауҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Аделегациа иалаз рхы рыладырхәт Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азынӡа иахырԥаз Қьефқьен еиҿкааз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.
Иара убас Стампыл ақалақь аҟны имҩаԥысит Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи уаҟа еиҿкаау абыргцәа Рхеилаки рлахәылацәеи аделегатцәеи реиԥылара. Ирылацәажәеит ҳџьынџьуааи дара рҭоурыхтә Ԥсадгьыли реимадареи русеицуреи рызҵаарақәа.
Донецктәи Жәлартә Республика ицо аибашьраҿы аҭынч уааԥсыра зҭагылоу агәаҟра, арыцҳара зегьы узеиԥшны иузудкылом.
Маи 24 рзы акультуратә платформа "Гәыма" аҟны имҩаԥысит аԥсуа Жәлар ринструменттә рҳәагақәа ачамгәыр,аԥхьарца,аҩымаа, ахымаа ирызку,излыху,рхы ишадырхәо аҭоурых алекциа аԥхьара. Ари аҩыза аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аԥсны Ахада Иусбарҭа.
Арахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа, аҵара аминистр Инал Габлиа,уи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ԥҳа,ансамбль "Гәында" анаԥхгаҩы Роза Чамагәуа, амузыка абзиабаҩцәа, аҟазара знапы алаку, ашкол хәыҷқәа астудентцәа.
Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа иҳәеит, аԥсуаа еснагь иарбан хҭысзаалакгьы рҟны ашәақәа рхы ишадырхәоз. Ауаҩы ахәра аниоуаз,ахәрашәа изырҳәон, убас ирацәоуп аҿырԥштәқәа.
Анаҩс аԥсуа инструменталтә рҳәагақәа ирызкыз аҭоурых аҭааҩцәа ирзаԥхьеит.
2024 шықәса, маи 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥган Кавказтәи аибашьра иалаӡКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш. Ари амш аҽны иҵит 160 шықәса Аурыс-Кавказтә еибашьра еилгеижьҭеи. Азежәтәи ашәышықәсақәа рзы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл аанрыжьыр акәхеит.
Абарҭ аамҭақәа ирҿыҵахәхаз ргәалашәаразы маи 21 аҽны, ахәылбыҽха аусмҩаԥгатәқәа ирылагеит. Аҿар аԥсуа, адыга бираҟқәа, афакелқәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иашҭа аҟынтәи рҿынархеит аԥшаҳәа аҟны иҟоу Амҳаџьырқәа Рбаҟа ашҟа.
Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш азы абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара адепутатцәа ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азы традициак аҳасабала имҩаԥырго агәаларшәаратә цәашьы «Ашьамаҟа» амца аркын. Аусмҩаԥгатәқәа хыркәшан амшын ашәҭ шьыҵәрақәа рыхҵарала.
Иахьа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа рҟны, ахәыҷқәа згәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
Аԥсны аҵара Аминистрра ауаажәларра аҽрымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла, сынтәа Аԥсны иҟоу 153 школ ирылгоит 1900-ҩык аушьҭымҭацәа. Урҭ рахьтә 12-ҩык аушьҭымҭацәа амедалқәа риуразы рыӡбахә ҳәоуп.
Зынӡаск Аҟәа ақалақь аҟны 16 школ ыҟоуп. Уахь иаҵанакуеит ҽынлатәи, латәаралатәи – латәарадатәи ашколқәа.
Иазгәаҭатәуп, ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рҟны аԥышәарақәа шымҩаԥгахо маи 30 инаркны ииун 20-нӡа.
Иахьатәи аамҭаз аԥсуаа рыбзараҿы рхы иадмырхәо ируакуп ауардын. Уи ҟазҵо иԥшаара шыуадаҩхоз здыруан, аха схәыҷра ашықәсқәа раан саб иашьа ауардын ацәқәа аҵакны, ҳақәыртәаны амхы аҭагалара ҳанигоз аасгәалашәацыԥхьаӡа, еиҳагьы сҽазҵәылхны уи сашьҭалон.
«Ауаҩы ажәытәра дшазыҟоу еиԥш ауп икультурагьы шаҳараку», – иҩуан А.С.Пушкин. Ажәлари аҳәынҭқарреи ажәытәра ишазыҟоу, рфырхацәа ахьынӡаҳараркуа ала иубоит иахьынӡаҵаулоу, рԥеиԥш зеиԥшхараны иҟоу.
Лаҵарамза 8 рзы Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Владимир Аршба иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.
«Аԥсны жәлар рзы, Арбџьар Мчқәа рыруаа рзы ари гәалашәаратә рыцхәуп.